pressadmin-2
«Лыхнашҭа» игылоу Кавказтәи аҭәаҵла Китаинтәи иаагоу амаҭәашьар ала ирыхәшәтәуеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс /Тамара Ачба/. Аҭоурыхтә дәы «Лыхнашҭа» игылоу, шәышықәсеи бжаки зхыҵуа кавказтәи аҭәаҵла китаитәи амаҭәашьар ала ирхәышәтәуеит. Уи зны Китаинтәи Москваҟа иааргеит, анаҩс уаантәи Аҟәаҟа.
Аекологиа азы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо Китаинтәи ҷыдала иаагаз ахәшәи, уи иадҳәаланы аҵла аиқәырхара аганахьала иҟоу агәыӷрақәеи дрылдацәажәеит.
«Ари даара иҽеим ахҭыс аныҟала, аҵла аиқәырхара азы рыцхыраара ҳадыргалеит Аԥсны аамҭала инхо, арԥхарҭақәа рҿы ауаҭраҭыхқәа рааӡара знапы алаку акитаицәа. Урҭ ас еиԥш ааха зауз аҵлақәа Китаи еиқәдырхоит иҷыдоу амаҭәашьар ала ҳәа агәра ҳдыргеит. Анаҩс ишеилкаахаз ала, уаҟа иҟоуп иарбоу амаҭәашьар аус адулара мҩаԥызго Аинститут. Акитаицәа иара аҿарҵеит, Москваҟа иааргартә еиԥш иҟарҵеит, уаантәи ҳара иаҳдыруаз џьоукы рыла Аԥсныҟа иааҳгеит», -ҳәа иҳәеит Савели Ҷыҭанаа.
Иҳаҩсыз амҽышазы Аԥсныҟа иааган 1 литрак-литрак зкуа 30 инарзынаԥшуа акәаԥлашьҭыгақәа.
Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара абаџь ахшәаарада апропан Аԥсныҟа аагаразы ажәалагала иақәшаҳаҭхеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара Урыстәыла аенергетика Аминистрра ала зыдгалара мҩаԥгаз, Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрреи егьырҭ иарбоу азҵаара иазинтересыз анагӡаратә мчра афедералтә усбарҭақәеи ақәыршаҳаҭны иҟаҵаз, заанаҵы Аԥсуа Ган ала аус зыдулаз, атауарқәа рыла ахәаахәҭра амҩаԥгара арежим азы Аԥсны Анапхгареи Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгареи лаҵарамза 28, 2012 шықәсазы ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра аиҭакрақәеи ацҵақәеи ралагалара азы Апкаанҵа апроект иақәшаҳаҭхеит. Абри азы адырра ҟаҵоуп Урыстәылатәи Афедерациа азинтә информациа азы аофициалтә интернет-портал аҿы.
Аиҭакрақәа Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи алгаратә ҳазылхратә баџь ахшәаарада Аԥсныҟа иаагахо атауарқәа рсиа инацҵаны ахарҭәаара иадҳәалоуп. Уажәазы уи пропан ҳәа изышьҭоу агаз иазкуп.
ААУ астудентцәа рзы арацлақәа реиҭаҳара азы атренинг мҩаԥыргеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 18 – 19 рзы Ақыҭанхамҩеи ақыҭеи рыҿиара Ацентр Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет агро-нџьныртә факультет астудентцәа рзы араҵлақәа реиҭаҳара иазкны атренинг мҩаԥнагеит.
Кациқыҭ ақыҭа аҿы араҵлақәа реиҭаҳара мҩаԥысуан. Астудентцәа араҵла аиҭаҳара асхема алкаареи адәы апланркра атехникеи ддырбеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Ацентр апресс-маҵзура.
«Аԥышәахысра ҩымш имҩаԥысуан. Астудентцәа аҵлақәа ахьеиҭаҳахо адәы ииашаны апланркреи аизшареи, анаҩс ҳара ҳзы аинновациатә ҵакы змоу араҵла ахкыжәла «Чандлер» аиҭаҳашьеи рзы хра злоу адыррақәа роуит», – ҳәа еиҭеиҳәеит ақыҭанхамҩеи ақыҭеи рыҿиара Ацентр агроном Гьаргь Ԥанҭиа.
Ԥақәашь ақыҭан Аалӡга аӡиас ихыу автомашьынатә цҳа аиҭашьақәыргылара иалагеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра араион Ԥақәашь ақыҭан Аалӡга аӡиас ихыу автомашьынатә цҳа аиҭашьақәыргылара мҩаԥысуеит.
Аҳәынҭқарратә наплакы «Аԥсныаҟәарахьчара» анџьныр хада Иури Воробиов Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо ацҳа аиҭашьақәыргылара шымҩаԥысуа атәы еиҭеиҳәеит.
«Ҳара зоура 90 метра рҟынӡа инаӡо ацҳа аиҭашьақәыргылара ҳаҿуп. Ҭагалан иҟаз амшцәгьақәа инарымаданы Аалӡга аӡиас аҟны аӡы аҩаӡара ахалареи ӷәӷәала аӡы амҩасреи ирыхҟьаны, 15 метр рҟынӡа инаӡоз ацҳа –ҩ-бжьакӡараки абжьашшаратә шьаҟаки бгеит.
Ансамбль "Гәында" Очамчыра ақалақь аҿы иқәгылоит, ахортә капелла - Гал ақалақь.
Аҟәа. Мшаԥымза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Акультура Аминистрра ареспубликатә гастрольтә план аҳәаақәа ирҭагӡаны, мшаԥымза 26 рзы С. П. Басариа ихьӡ зху Очамчыратәи ашкол-интернал аҿы имҩаԥсыраны иҟоуп авокал-инструменталтә ансамбль «Гәында» аконцерт. Аконцерт алагоит 14:00 сааҭ рзы.
Ансабль асахьркыратә напхгаҩы – Аԥсны жәлар рартистка Роза Чамагәуа.
Мшаԥымза 27 рзы Гал ақалақь акультура Аҩны аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарратә хортә капелла аконцерт мҩаԥысуеит.
Есныгьтәи анхарҭа аҳасабала рҭоурыхтә ԥсадгьыл Аԥсныҟа иаахьеит 4 - 4,5 нызықьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа.
Аҟәа. Мшаԥымза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Арепатриациа азы аҳәынҭқарратәх Еилакы адыррақәа рыла, Аԥсныҟа еснагьтәи анхарҭа аҳасабала ихынҳәхьеит 4 - 4,5 нызықьҩык инарзынаԥшуа ҳџьынџьуаа. Зегь реиҳа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ианыхынҳәыз ашықәсаны иҟоуп 2013 шықәса, усҟан Шьамтәыла иҟаз аибашьра иахҟьаны Аԥсныҟа иааит аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа маҷымкәа.
«Иааизакны уахәаԥшуазар, 2013 инаркны 2018 шықәсанӡа Шьамтәылантәи Аԥсныҟа иааит 700-ҩык инарзынаԥшуа», -ҳәа «Апсны-иахьа» ахь адырра ҟаиҵеит арепатриациа азы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Багаҭелиа.
Имҩаԥысит Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәылатәи Афедерациа афинансқәа рминистр Антон Силуанови реиԥылара.
Аҟәа. Мшаԥымза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысит усуратә визитла Москва иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәылатәи Афедерациа афинансқәа рминистр Антон Силуанови реиԥылара.
Аиԥылараҟны ирылацәажәеит аекономикеи афининсқәеи рхырхарҭала аҳәынҭқаррабжьаратә усеицура азҵаарақәа.
Аҳәынҭқарра Ахада Урыстәылатәи Афедерациаҟны иусуратә ныҟәарақәа ирыцҵоуп.
Анас Кьышьмариа ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинҷыда змоу имаҵурахьы далырхит.
Аҟәа. Мшаԥымза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Адепутатцәа Анас Кьышьмариа ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинҷыда лыҭаразы рыбжьы рҭиит.
Аԥхьанатә ари амаҵурахьы х-ҩык ркандидатурақәа ықәгылан – Гәында Џьениа, Диана Керселиани Анас Кьышьмариеи. Гәында Џьениа Апарламент аилатәара алагаанӡа лкандидатура ықәылгеит.
«Ауаҩы изинқәа рыхьчаҩы имаҵура ҳтәыла аҿы акыр зҵазкуа акәны иҟоуп. Агәра шәсыргоит исымоу аус адырра баша ажәала акәымкәа аус ала арҵабыргра азы сԥышәеи сдырреи шазхо», – ҳәа илҳәеит Анас Кьышьмариа.
АУРЫС ДРАМАТӘ ТЕАТР ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АФЕСТИВАЛЬ «УРЫСТӘЫЛА ИМҨАԤЫСУА АИԤЫЛАРАҚӘА» АҲӘААҚӘА ИРҬАГӠАНЫ САНКТ-ПЕТЕРБУРГ АХӘАԤШЦӘА Х-СПЕКТАКЛЬК ДНАРБОИТ.
Аҟәа. Мшаԥымза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. А.Н. Островски диижьҭеит 200-шықәса аҵра инамаданы имҩаԥысуа ХХV аиубилеитә Жәларбжьаратәи афестиваль «Урыстәыла имҩаԥысуа аиԥыларақәа» аҳәаақәа ирҭагӡаны Санкт-Петербург ақалақь аҿы, атеатр-фестиваль «Балтийский дом» асцена аҿы ахәаԥшцәа аспектакльқәа дырбара иалагеит.
Афестиваль рхы аладырхәуеит Аԥсны, Азербаиџьан, Ермантәыла, Ҟазахсҭан, Белорусиа, Киргизиа, Донецк, Ҭаџьыкьысҭан, Туркмениа, Узбекистан рҟынтәи атеатралтә коллективқәа.
Ф.А. Искандер ихьӡ зху аурыс драматә театр Мшаԥымза 12, 13, 14 рзы Ф. Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр, аиубилеитә жәларбжьаратәи афестиваль «Урыстәыла имҩаԥысуа аиԥыларақәа» аҳәаақәа ирҭагӡаны Санкт-Петербург ақалақь аҿы, атеатр-фестиваль «Балтийский дом» асцена аҿы ахәаԥшцәа х-спектакльк днарбараны иҟоуп. Мшаԥымза 12 рзы, А.Н. Островски иира Амш аҽны (хәажәкырамза 31 [мшаԥымза 12] 1823 ш. — рашәарамза 2 [14] 1886 ш.) ахәаԥшцәа идырбахоит аурыс драматург иеихьӡылоу икомедиа ала иқәыргылоу аспектакль «Ахаҵа ԥшӡа». Мшаԥымза 13 рзы петербургтәи ахәаԥшцәа идырбахоит Фазиль Искандер иеихьӡылоу иповест ала иқәыргылоу аспектакль «Софичка». Мшаԥымза 14 рзы идырбахоит испаниатәи адраматург Федерико Гарсиа Лорки иԥсҭазаареи ирҿиарамҩеи иазку аспектакль «Аԥынгыларақәа зегьы ириааиуа агәырӷьара» («Радость вопреки всему»).
Афестиваль мшаԥымза 16 рҟынӡа имҩаԥыслоит. Уи Урыстәылатәи Афедерациа акультура Аминистрра, Санкт-Петербург акультура азы Акомитет, Урыстәыла атеатралтә усзуҩцәа Реидгыла, Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакреи Ихььыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара иалоу атәылақәа-алахәылақәа Рпарламентбжьаратәи Ассамблеиеи ацхыраареи адгылареи рыла имҩаԥысуеит.
АҞӘЕИ НИЖНИ НОВГОРОДИ АТУРИЗМ АУСХКЫ АҾЫ АУСЕИЦУРА АЗЫ АИҚӘШАҲАҬРА РЫБЖЬАРҴЕИТ.
Аҟәа. Мшаԥымза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ақалақь Нижни Новгород аҿы Аҟәа ақалақь Ахадара Амуниципалтә унитартә Наплакы «Арго-Инвести» Амуниципалтә автономтә Усбарҭа «Ақалақь Нижни Новгород атуризм азы Аусбарҭеи» атуризм аусхкы аҿы аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара аофициалтә саит.
Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит «Арго-Инвест» адиректор хада Леуан Адлеибеи Амуниципалтә автономтә Усбарҭа «Ақалақь Нижни Новгород атуризм азы Аусбарҭеи» адиректор Олег Тихонови. Аганқәа атуризми жәларбжьаратәи атуристтә хырхарҭақәеи рыҿиара иазку аусмҩаԥгатәқәа еицымҩаԥыргалоит.
Аганқәа атематикатә семинарқәа, астол гьежьқәа, егьырҭ аинтерес зҵоу аусмҩԥгатәқәа рымҩаԥгарала амилаҭтәии арегионалтәии атуристтә ассоциациақәа, аилазаарақәа, афирмақәа, анаплакқәа рыбжьара еицырзыфеидоу аусеицура аҿиара иацхраалоит.








