pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Хәажәкырамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә Еилакы аԥҵара  30-шықәса ахыҵра иазку аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит.

Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә Еилакы аусзуҩцәеи Ҭырқәтәыла, Иорданиа, Ливан, Нхыҵ Кавказынтәи иааз асасцәеи Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз Рмемориали, иара убас Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы игылоу Кавказти аибашьра иалаӡыз рбаҟеи  рымҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.  

Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аԥсны аҳәынҭқарратә Еилакы аԥҵан хәажәкырамза 23, 1993 шықәса азы Аџьынџьтәылатәи еибашьра анцоз, еиҳа иуадаҩыз аамҭа азы.  

Аҳәынҭқарратә Еилакы ахықәкы хадақәа иреиуоуп -  Аԥсны Аҳәынҭқарреи аҳәаанырцә иҟоу аԥсуа (абаза) диаспореи рыбжьара аизыҟазаашьақәа рыҿиареи рырӷәӷәареи, арепатриантцәа рырхынҳәра аус аиҿкаара, адаптациа рахысра, рабдуцәа рџьынџь дгьыл аҟны анхареи-анҵыреи рзы аҭагылазаашьа бзиа аԥҵара, уҳәа убас  егьырҭгьы.

«Арепатриантцәа рзы» Аԥсны аконституциатә закәан инақәыршәаны, ХIX ашәышықәса азы иҟалаз атрагедиатә хҭысқәа ирыхҟьаны зҭоурыхтә ԥсадгьыл ааныжьны имцар ада ԥсыхәа змауз  ҳџьынџьуаа рхылҵышьҭрақәа Аԥсныҟа рыхынҳәра  инаркны 5-шықәса ирылагӡаны арепатриант истатус рымоуп.  

Иарбоу 5 шықәса рыбжьара Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә Еилакы арепариантцәа излауа ала афинанстә цхыраара рынаҭоит, анхарҭа ҭыԥ ала реиқәыршәара алнаршоит, ирзоунажьуеит адгьылтә ҭыԥқәа, усурала реиқәыршәареи Аԥсны атәылауаҩра рыҭареи еиҿнакаауеит, арепатриантцәа рхәыҷқәа ашколнӡатәи аусбарҭақәеи ашколқәеи рҵара ахәԥса ашәареи ахәҭак ала Аԥсны иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа рҿы рҵара ахә ашәареи ахахьы иагоит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы еиҭарҳараны иҟоуп  50 шьапы рҟынӡа аџаба ҵлақәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара аофициалтә саит.

Аҳҭнықалақь Ахадара Анхара-Коммуналтә Нхамҩа Адепартамент  аиқәыршәазаара азы анџьныр-аспециалист Кама Қәҭелиа иҟалҵаз адыррақәа рыла, иаахәоуп 50 инарзынаԥшуа аџаба ҵла ашьапқәа. Урҭ  Абазаа рымҩадууи Владимир Аршба имҩеи Аиааира Апроспекти, иара убас Тарас Шамба ихьӡ зху Апарки рҿы еиҭаҳахоит.  

14-15 шьапы Владимир Аршба имҩаду  – Лакоба имҩа аҟынтәи ҵаҟа амшын аганахьала инагоу амҩаҿы еиҭаҳахоит.  

«Уаҟа уаанӡа аџаба ҵлақәа азҳауан, аха урҭ ахьажәыз иахҟьаны ҵлақәак ԥырҟар акәхеит, аха аҵла ҿақәа аанхеит», – ҳәа илҳәеит лара.

Аҟәа. Хәажәкырамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә Еилакы аԥҵара 30-шықәса ахыҵра инамаданы адныҳәалара ҟаиҵеит.

 

Адныҳәалара аҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы  Вадим Никалаи-иԥа!

Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә Еилакы 30-шықәса ахыҵра. Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә Еилакы еиҿкаан Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра еиҳа ианыуадаҩыз аамҭазы, 1993, шықәса хәажәкырамза 23 рзы.  Ари акт шаҳаҭра ауан, агәрагарагьы ҳнаҭон, иаарласны Аиааира ҳара ишаҳтәхоз, ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рыргьежьра шхымԥадатәиу, ҳауаажәлар рзы арепатриациа иадҳәалоу азҵаарақәа аҵак ду шрымоу.

Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә Еилакы аусура ҳәаақәнаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә закәан, уи даҽазныкгьы шаҳаҭра ауеит ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рыхынҳәра аус акырӡа шаҵанакуа. 30 шықәса раахыс Аилак аҿаԥхьа иқәгылоу ахықәкы хадақәа қәҿиарала инанагӡоит – арепатриантцәа рырхынҳәра аус аиҿкаара, адаптациа рахысра, рабдуцәа рџьынџь дгьыл аҟны анхареи-анҵыреи рзы аҭагылазаашьа бзиа аԥҵара, уҳәа убас  егьырҭгьы.

Аҟәа. Хәажәкырамза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аконтрольтә Палата Ахантәаҩы имаҵураҟны изинмчқәа рыҿҳәара ахыркәшара инамаданы Роберт Аршба дидикылеит.

Роберт Аршба ари амаҵзураҟны данаҭаз 2013 шықәса мшаԥымза 29 инаркны 10 шықәса аус иуит.

Аҳәынҭқарра Ахада Роберт Аршба иҭабуп ҳәа еиҳәеит Аконтрольтә Палатаҟны ламысцқьала иусуразы, иара иԥышәа, идыррақәа, ипрофессионализм аԥхьаҟагьы аҳәынҭқарраҟны хархәара шаиуа азгәаҭаны.

Аҟәа. Хәажәкырамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә Еилакы аколлектив Аилак аԥҵоижьҭеи 30 шықәса аҵра инамаданы адныҳәалара ҟаиҵеит. Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа ихьӡала иҟаҵоу адныҳәалараҟны иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Вадим Николаи-иԥа!

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы 30 шықәса ахыҵра.

Зҭоурыхтә ԥсадгьыл иаҟәыгоу ҳџьынџьуааи ҳареи ҳаимадара, урҭ Аԥсныҟа рыхынҳәреи Аԥсны анҭыҵ инхо аԥсуа (абаза) диаспореи Аԥсны Аҳәынҭқарреи мҽхакы ҭбаала реизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара иазкыз ауснагӡатәқәа рынагӡара хықәкыс иҟаҵаны, 1992–1993 шш. рзы иаԥҵаз Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы аҵак ду змоу ҳҳәынҭқарратә политика ахырхарҭақәа ируакуп.

Аҳәынҭқарратә еилакы аусура анхацыркыз инаркны Аԥсуа ҳәынҭқарра аргылараҟны адиаспора алшарақәа рхархәара азҵаара иахьагьы хра злоу зҵаараны иқәгылоуп. Шықәсырацәала еиқәырханы иааҳго ҳаимадарақәа реихаҳара шымҩаԥысуа атәы аҳәоит иахьа ҳдиаспора ахаҭарнакцәа гәацԥыҳәарала ҳтәыла ауаажәларратә, аполитикатә, аекономикатә, акультуратә ԥсҭазаара иахьалахәу.   

Аҟәа. Хәажәкырамза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ашоҭ Миносиан «Крым Урыстәыла иалоуижьҭеи 9 шықәса ҵит. Крым иалнахыз амҩеи аиашеи амзызқәеи» атема иазкыз астол гьежь аилатәара далахәын. Уи мҩаԥысит Москватәи акультура-усуратә центр «Аԥсны иҟоу Москва аҩны» аҟны.

Ашоҭ Миносиан астол гьежь иалахәыз Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахьӡала аԥсшәа раҳәаны, ажәахә ҟаиҵеит. Ажәахә аҟны иааркьаҿны имҩаԥысыз аусмҩаԥгатә атема ианамаданы апарламент аусура далацәажәеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа, хәажәкырамза 22 рзы  имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы Аилак инарҭбаау аилатәара.

«Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконтрольтә палатазы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан инақәыршәаны адепутатцәа ахәаԥшит Аконтрольтә палата ахантәаҩы имаҵзуразы ирыдгалаз Кама Гогиеи  Каха Пертаиеи ркандидатурақәа.

Аилак алахәылацәа азыӡба рыдыркылеит абри азҵаара Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахәаԥшразы ақәыргыларазы.

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҵәахырҭатә банк Ахантәаҩы Роберт Агрба икандидатура иахәаԥшит Амилаҭтә банктә хеилак алахәҩыс иаҭаразы. «Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан ахәҭаҷ 21 инақәыршәаны ари акандидатура Апарламент аҟны иқәиргылеит Аԥсны Абанк Ахантәаҩы.

Аилацәажәара аихшьалақәа рыла Аилак иара убас Апарламент иаднагалеит ари азҵаара асессиа аилатәара амш азҵаара алаҵара.

Аҟәа. Хәажәкырамза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.

Аҳәынҭқарра Ахада аррахь ааԥхьаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

Хәажәкырамза 22 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аусԥҟа инапы аҵаиҩит 2023 шықәса  мшаԥымза-рашәарамзазы Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа арратә маҵзурахьы рааԥхьареи ааԥхьара инақәыршәаны арратә маҵзура иахысуаз арратә маҵзураҟынтә рхы рақәиҭтәразы.

2023 шықәа мшаԥымза 1 инаркны рашәарамза 30-нӡа Аԥсны имҩаԥысуеит 18 шықәса зхыҵуа инадыркны 27 шықәса зхыҵуа рҟынӡа ԥхьатәара иҟам, арратә маҵзурахь ааԥхьара иаҵанакуа атәылауаа аррамаҵзурахьы рааԥхьара.

Аусԥҟа инақәыршәаны, ааԥхьарала  зарратә маҵзура аҿҳәара нҵәаз аррамаҵзураруаа рхы иақәиҭтәхоит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 22,  2023 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 4 инаркны 7 аҟынӡа Аахыҵ Уаԥстәыла имҩаԥысраны иҟоуп Аԥсны акультура амшқәа.  Цхьынвал ақалақь аҿы Аҳәынҭқарратә аҿар ртеатри Аԥсны зҽаԥсазтәыз жәлар рыкәашареи рышәаҳәареи рзы Аҳәынҭқарратә ансамбли ықәгылараны иҟоуп.  

Аԥсны акультура Аминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, Аԥсны акультура амшқәа раартра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа хацыркхоит мшаԥымза 5 рзы.  К. Л. Хетагуров ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә драматә театр аҟны ахәаԥшцәа идырбахоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә аҿар ртеатр инарыгӡо Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Шьалодиа Аџьынџьал иажәабжьқәа рмотивқәа рыла иқәыргылоу аспектакль  «Третий день войны».  

Мшаԥымза 6 рзы Аԥсны зҽаԥсазтәыз жәлар рыкәашареи рышәаҳәареи рзы аҳәынҭқарратә ансамбли аԥсуа естрада артистцәеи рықәгылара  азԥхьагәаҭоуп.

Аҟәа. Хәажәкырамза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ақыҭанхамҩа Аминистрра аҿы анапхгаратә аамҭакьаҿлатәи апрограмма «2023 шықәсазы ақыҭанхамҩа аҿиара» анагӡара азы аконкурстә комиссиа аҩбатәи аилатәара  мҩаԥысит.   Уи мҩаԥигон атәыла аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа.

Беслан Џьопуа апрограмма «2021 – 2022 шш. ақыҭанхамҩа аҿиара азы» ала имҩаԥгаз аусура азы аҳасабырба ҟаиҵеит.

2021 шықәсазы Ареспубликатә биуџьеҭ аҟынтәи ақыҭанхамҩа аҿиаразы азоужьразы иазԥхьагәаҭан 100 млн. мааҭ. Урҭ рахьынтә ахархәара аиуит  91 млн. 742 нызқьи 172 мааҭ абарҭ апрограмма иалагалоу аусмҩаԥгатәқәа рзы:

9 616 062 мааҭ рыла – ақыҭанхамҩатә еиҭаҳамҭақәа рыхәшәтәра азы иаахәоуп;

1 673 813 мааҭ – Гәылрыԥшь, Очамчыра, Гал араионқәа рҿы ауааԥсыра ицәҩабжьоу амармалташьтә пты напыла аҟәшәара азы ирызшәан;

2 393 896 мааҭ – 10 339 гектар иахьаҵанакуа ақыҭанхамҩатә дгьылқәеи аҳаблабжьарамҩақәеи ахимиатә маҭәашьарқәа рыла аус рыдулара азы иныхын.  

77 млн 483 нызқьи 683 мааҭи инарзынаԥшуа азоужьразы ақәыршаҳаҭра аиуит, аҵиааӡара, арахәааӡара, ақыҭанхамҩатә аалыҵ аус рыдулара, аԥсыӡкра, уҳәа ахырхарҭақәа рыла 91 проект нагӡахеит.  Зынӡа анаплак маҷқәа рҿы иаԥҵоуп 73 усуратә ҭыԥ, ақыҭанхамҩа аалыҵ аарыхра рнапы алакуп 122-ҩык.

Ақыҭанхамҩа аалыҵ аус адулара: ақыҭанхамҩа аалыҵ аус адулара азы иаԥҵоуп анаплакы маҷқәа 7, адгылара рыҭоуп  анаплакы маҷқәа 5 (73  усуратә ҭыԥ).  Иарбоу ахықәкқәа рзы иныхын 37 млн. 482 нызқьи  743 мааҭ.  

Аҵиааӡара: 82 гектар инарзынаԥшуа  шықәсырацәа изызҳауа ашәырҵлақәа рыла еиҭаҳауп, арԥхарҭақәа хԥа ргылоуп.  Иарбоу аусхкы аҿы аус руеит 76 – ҩык, уи иақәхарџьхеит  26 млн. 713  нызқьи 440 мааҭ.

Арахәааӡара: арахә аахәара иадҳәалоу 19 проект иақәшаҳаҭхеит, урҭ ирықәхарџьхеит 8 млн. 475 нызықь мааҭ.

Ҩ-проект рзы арахә аахәан аҭыԥантәи ауааԥсыра рҿы. Уи иақәхарџьхеит 1 млн 555 нызқьи  320 мааҭ. (21 камбашьи 10 хык ажәқәеи).

Апрограмма 17-ҩык алахәылацәа рзы  Аԥсны ақыҭанхамҩа Аминистрреи Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Тауруси» (Ҭаҭарсҭан иҟоу арахәааӡарҭатә нхамҩа) ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны иаҿаҵан  90 хы арахә. Уи иақәхарџьхеит 6 млн. 919 нызқьи   680 мааҭ.

Аԥсатәааӡара: адгылара роуит 9 проектк. Аус зуа рзеиԥш хыԥхьаӡара – 15-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Иақәхарџьхеит 3 млн 812  нызқьи 500 мааҭ.

Аԥсыӡкра: адгылара аиуит проектк. Уи аусуратә ҭыԥқәа хԥа амоуп. Апроект иақәхарџьхеит 1 млн. мааҭ.  

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.