pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Хәажәкырамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг Аҟәа ақалақь аҿы Урыстәылатәи Афедерациа ажурналистцәа Реидгыла Ҟарачы-Черкессиатәи Ареспублика арегионалтә ҟәша ахантәаҩы Увжук Тхагапсов иԥылара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла апресс-маҵзура.

Аиԥылара аҿы ирылацәажәеит апроектқәа реицынагӡареи аусмҩаԥгатәқәа реицымҩаԥгареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы.  Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан аиашьаратә республикақәа ржурналистцәа еидызкыло ауаажәларратә еиҿкаарақәа ҩба рыбжьара аусеицура абжьаҵара азы аиқәшаҳаҭра апроект аиқәыршәара азҵаара. 

Руслан Ҳашыги Увжук Тхагапсови ҳаамҭазтәи ауаажәларратә еилазаара аԥсҭазаара аҿы амасс-медиа инанагӡо ароль азы ргәаанагарақәа еибырҳәеит, иара убас ажурналисттә материалқәа ремадара аганахьала Ҟарачы-Черкессиатәи Ареспубликеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рмассатә информациа ахархәагақәа ацхыраара рыҭара иаҵоу аҵакы ахадара азгәарҭеит.

Руслан Хашыг, Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла аиашьаратә республика ажурналистцәа 1992-93 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра  аҿы Аиааира агара Амш  30- шықәса ахыҵра инамаданы 2023 шықәсазы имҩаԥгахо, «Цқьа идырым аибашьра  аҭоурыхқәа» ҳәа хыс измоу арҿиаратә конкурс алахәхара шрыдигало азгәеиҭеит. 

Аҟәа. Хәажәкырамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Инал Берзениа зыкапантә категориа  86 кьыла рҟынӡа инаӡо рыбжьара зхы иақәиҭу аиқәԥара азы Санкт-Петербург Аԥхьахәгара аҿы аиааира игеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.

Атурнир мҩаԥысуан хәажәкырамза 17 рзы Санкт-Петербург ақалақь аҿы.  Аицлабрақәа Урыстәыла Аԥхьахәгара алахәхаразы алԥшааратә ҟазшьа змаз еиндаҭларақәан.  

Аҟәа. Хәажәкырамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ауаажәларратә зинеиҿкаара амониторинг Ацентр аатит Ахылаԥшырҭа иаҵанакуа Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа актәи аҟәша аԥыԥшырҭатә хәҭа  аҿы, ҳәа адырра ҟаҵоуп Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит аҟны.

Ахыдлаԥшреи азхьаԥшреи рзы апункт ҿыц даҭааит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа. Уи аспециалистцәа русура гәеиҭеит, убри аан уи «ауаажәларратә мониторинг атерриториалтә локациа  араион аҿы иҟало азинеилагарақәа зегьы ианаамҭоу азхьаԥшреи аԥхьырҟәҟәаареи рзы анапхгараҭаратә ӡбамҭақәа рыдкылараҿы хадара злоу ароль нанагӡоит» ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.  

Аҟәа. Хәажәкырамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.   Апарламент аҟны Аахыҵ Кавказ иҟоу аҭагылазаашьа иалацәажәеит. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Аԥсны Аҳәынҭқаррахь иааз Аахыҵ Кавказ азҵаарақәа рзы Европатәи Аидгыла Ахаҭарнак ҷыда Тоиво Клаар напхгара ззиуаз Европатәи адипломатцәа рделегациа идикылеит.

Аиԥылара иалахәыз Аахыҵ Кавказ ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иактуалтәу азҵаарақәа ирылацәажәеит. Ҷыдала, аиҿцәажәараан арегион аҟны ашәарҭадара иадҳәалоу атемазы ргәаанагарақәа еимырдеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аппарат Хада аусзуҩцәеи аҩныҵҟатәи аусқәа атерриотриалтә ҟәшеиҵақәа русзуҩцәеи изакәанымкәа акриптовалиута арҳара аԥхьырҟәҟәааразы есыҽны ареидқәа мҩаԥыргоит.

Хәажәкыра 10 инаркны 17 – нӡа иаарԥшын 22 аппарат. 

Агәаҭарақәа раан Гагра араион аҿы иаарԥшхеит акриптовалиута арҳаразы 2 аппарат. Уи зтәу Пицунда ақалақь, Бзыԥтәи атупик ала игылоу аҩны аҿы инхо Коваль Игорь Владимир-иԥа иоуп. Аппаратқәа зегьы аамҭала аҵәахразы Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура араионтә ҟәша иатәу ашьҭаҵарҭа ахь инагоуп.

Гәдоуҭа араион аҿы ирыԥшааит иагьрымырхит Гәдоуҭа ақалақь, Габечиа имҩаду ала игылоу аҩны аҿы иқәыргылаз Герзмаа Ради Ленгәа-иԥа итәыз 9 аппаратк. Иара убас Ҟәланырхәа ақыҭан ирыԥшааит Бганба Геннади Аркади-иԥа итәыз  5 аппарат.

Очамчыра араион аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша аусзуҩцәа Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәеи Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» аусзуҩцәеи рыцырхырааны, Очамчыра ақалақь, Шьынқәба имҩаду ала игылоу аҩны аҿы ирыԥшааит иагьрымырхит Вардаиа Ҭемыр Маманти-иԥа итәыз 3 аппаратк.

Гал араион аҿы ирыԥшааит 3 аппаратк. Урҭ Гал ақалақь Оқәымтәи амҩала игылоу аҩны аҿы ишьақәыргылан. Изтәу Гамисониа Ныгәзар Виктор-иԥа иоуп.

Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҟны аус ауеит «еиԥырҟьам аимадара ацәаҳәа». Изакәанымкәа амаининг-фермақәа русура атәы здыруа зегьы «агәрагара аҭел» : +7 (940) 920-20-95 WhatsApp, Telegram Messenger; Instagram, Facebook ала адырра ҟарҵаларц азы аҳәара ҟаҵоуп.

Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз Марттәи ажәыларатә операциа 30-шықәса ахыҵра иазкын ахаша, хәажәкырамза  15 рзы Владислав Арӡынба ихьӡ зху Арратә Ахьӡ-аԥша амузеи аҿы еиҿкааз агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа.

Амузеи аҟны иаартхеит Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз Марттәи ажәыларатә операциа иалахәыз, иҭахаз аибашьцәа рфотосахьақәа рцәыргақәҵа.

«Иахьа шәареи ҳареи зегьы араҟа ҳаизеит Марттәи ажәылара аҿы иҭахаз Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәарц азы.  Шәара араҟа ижәбоит иҭахаз аибашьцәа рфотосахьақәа, иара убас зфотосахьақәа ҳамам аибашьцәа рыхьӡи рыжәлеи зну асиақәа араҟа иҟоуп.  Иара убас араҟа ицәыргақәҵоуп абри аамҭазы Мрагыларатәи афронт аҿы иҭахаз аибашьцәа рфотосахьақәагьы», – ҳәа илҳәеит амузеи адиректор Мзииа Беииа.

Амузеи аҿы иҟаз зегьы иҭахаз аибашьцәа-фырхацәа ҳаҭырла иргәаладыршәеит.

Ахәылԥаз амҩаԥгаҩ Нарсоу Абыхәба  марттәи азәыларатә операциа ахҭысқәа рыхроника даԥхьеит.

Анаҩс аусмҩаԥгатә амузеи аизарақәа рзал аҟны иацҵахеит.

Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Авҭандил Сурманиӡе 30- шықәса раԥхьа иҟаз атрагедиатә хҭысқәа рылацәажәара ицәыуадаҩуп ҳәа иазгәеиҭеит.

 «Хәажәкырамза 15-16 ауха иалагеит Аҟәа агаразы ажәыларатә операциа. Аха рыцҳарас иҟалаз уи ажəылара ахықəкы азынамыгӡеит. Исгәалашәоит урҭ амшқәа рзы даара ихьҭан,  асы ауит, аха ҳаибашьфа фырхацәа ргәы мыҭрыскәа рықалақь гәакьа ахақәиҭтәразы ԥхьаҟа ижәылон. Еиҿагылаз амчқәа еиҟарамызт. Хаха-хымш ҳаибашьцәа гәымшәақәа аӷа иҿагылан, Аԥсны Аџьынџьтəылатə еибашьра аҭоурых аҿы Марттәи ҳəа зыхьӡхаз ажəылараан аԥсадгьыл ахьчаҩцəа зеиԥш ыҟам афырхаҵареи агəымшəареи аадырԥшит, аҕацəа ртехникеи дареи ааха ӷəӷəа рырҭеит. Аха рыцҳарас иҟалаз, ажəылара ақәҿиара амоуӡеит, хәажәкырамза 17, 18 рзы ҳаибашьцəа хьаҵыр акəхеит.

Ари ажəылараҿы иҭахеит 200-ҩык инареиҳаны ҳаибашьцəа, шəҩыла ахəрақəа роуит, 23-ҩык инареиҳаны хабарда ибжьаӡит, иахьа уажәраанӡа  аԥшаарақәа мҩаԥысуеит, ҳақәгәыӷуеит урҭ рыԥсыбаҩ аԥшаара шалыршахо.

Зыԥсҭазаара Аԥсны ахақәиҭтәра иахҭнызҵаз Афырхацəа ргəалашəара аҿаԥхьа ҳхырхәоит, ҳхырхәоит урҭ зыхшаз изааӡаз анацәа рҿаԥхьагьы», – ҳәа иҳәеит Авҭандил Сурманиӡе.

Уи еиҵагыло аҿар рҭоурых шырхамышҭуа, реиҳабацәа рҿырԥшы иақәныҟәаны рыԥсадгьыл абзиабареи ахьчареи шалдыршо азы агәра ганы дшыҟоу иҳәеит. «Сара иахьа Нестор Лакоба ихьӡ зху Гагратәи абжьаратәи ашкол № 10 саҭааит, уаҟа ашколхәыҷқәа Марттәи ажәылара аҭоурых еиҭарҳәон. Уи ҳара зегьы ҳамеигәырӷьар залшом», - ҳәа иҳәеит иара.

Авҭандил Сурманиӡе иажәақәа рыла, иахьгьы адунеи аҿы иуадаҩу аҭагылазаашьа шьақәгыланы иҟоуп. Қырҭтәылагьы еибашьрала Аԥсны архынҳәра зҽазысшәырц зылшо амчқәагьы ыҟоуп. «Убри аҟнытә ҳара уажәы даҽа аамҭанык еиԥш акәымкәа акзаареи аилибакаареи ааҳарԥшыроуп. Ус анакәха аиааира есымша Аԥсны аганахь иҟалалоит», - ҳәа иажәа хыркәшо инаҵшьны иазгәеиҭеит Авҭандил Сурманиӡе.

Анаҩс «Анацәа изиааиз ахьаа» ҳәа хыс иаманы, 1993 шықәса Марттәи ажәылара иазкны  идырбаз авидеохроника згәаҵанӡа имнеиз аӡәгьы даанымхаӡеит.  Уи аӡыргара мҩаԥигеит Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг.  Уи ишеиҭеиҳәаз ала, иарбоу аҭыхымҭа ҟаҵан хәажәкырамза 25, 1993 шықәазы Гәдоуҭа ақалақь аҿы имҩаԥысыз иҭахаз аибашьцәа рҭаацәа рԥылара аҿы.  

Агәалашәара ахәылԥаз аҿы иара убас иқәгылеит афилологиатә наукақәа рдоктор Лили Ҳагба, ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, авидеоааԥхьара ааишьҭит Аԥсны Афырхаҵа Беслан Кобахьиа.

Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахада, Арбџьар Мчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ хада Аслан Бжьаниа агәаҭаратә ныҟәараан Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭаҟны иҟоу арратә инфраструктура аобиектқәа дырҭааит.

Иара убас Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, атәылахьчара аминистр, аштаб хада аиҳабы Владимир Ануа, Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба ицны иаҭааит АА Атәылахьчара аминистрра арратә хәҭақәа.

Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла алахәҩы, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, «Ахьӡ-аԥша» аорден I аҩаӡара занашьоу Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы А.Н.Гогәуа Иира амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит.  Адныҳәларатә цҳамҭа аҟны ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

Ҳаҭыр зқәу Алықьса Ноча-иԥа! Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Шәира амш. Шәара, зырҿиара Аԥснеиԥш, уи анҭыҵгьы еицырдыруа шәҟәыҩҩуп, ҳаамҭазтәи классикуп, зажәа акрылнадо уаажәларратә усзуҩуп. Ахә ашьара уадаҩуп иахьатәи аԥсуа литература, иахьатәи аԥсуа абызшәа аҿиараҿы Шәара шәлагаламҭа. Шәара шәырҿиара зегьы ибзиаӡаны ианыԥшуеит даҽакы иаламҩашьо, иҷыдоу аԥсуа милаҭтә хәыцшьа, ҳмилаҭ ирҟазшьоу аԥсҭазааратә философиа. Аԥсуа цәа рыҟәнуп шәҩымҭа ссирқәа бырлашҵас иргәылаԥсоу ақәыԥшра, аҿара, абзиабара ахаҿсахьақәа. Амҽхак ҭбаауп, иҵаулоуп ҟазара дула иаашәырԥшуа азаҵәра, ажәра, аиԥырҵра атема. 

Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Афедерациа Ахеилак ахаша имҩаԥысыз апленартә еилатәара аҿы аекономикатә усқәа рзы аӡбарҭатәи абжьаҟазаратәи аӡбамҭақәа разхаҵареи рынагӡареи рзы Урыстәылеи Аԥни ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра аратификациа азура иақәшаҳаҭхеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аинформациатә Маҵзура ТАСС.

Аусшәҟәы анапаҵыҩра мҩаԥысит рашәарамза 29, 2022 шықәса Санкт-Петербург ақалақь аҿы. Анаҩс уи аратификациа азы Аҳәынҭқарратә Дума ахь инашьҭын, жәабранмза  25, 2023 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин инапы аҵаиҩит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аԥшаара-еиқәырхаратә отриад аусзуҩцәа хәажәкырамза 14 рзы ироуз адырра ала Аҟәа араион Гәыма ақыҭахь (Абжьаҟәа) ицеит. 1956 шықәса ииз атәылауаҩ Ашәба адабла исит, уи иаарласны амедицинатә цхыраара иҭатәхеит.  Аиқәырхаҩцәа ачымазаҩ аҳҭнықалақь ахь дааганы Аҟәатәи ақалақьтә хәышәтәырҭа аҳақьымцәа дрырҭеит, ҳәа хәажәкырамза 15 рзы адырра ҟанаҵеит Ахылаԥшырҭа апресс-маҵзура.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.