pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Нанҳәамза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, Амилаҭтә Банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит. Аиԥылара абарҭ атемақәа ирызкын:

– Аԥсны аекономикатә ҿиара апрограммеи уи абиуџьеттәии абанктәии апотенциал ала анагӡаразы ихымԥадатәиу аресурсқәа рыла аиқәаршәареи;

– 2021 шықәсазы Афедералтә казначеира ала 2019 – 2020 шш.,  2021 шықәса актәи азыбжеи ирылагӡаны Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциал-економикатә ҿиара азы афинанстә цхыраара аҳасабала иазоужьыз аԥаратә хархәагақәа рхархәара ахықәкызаара азы имҩаԥгаз агәаҭараан иаарԥшыз  аилагарақәа рырҽеира иазку аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара аплан анагӡара; 

Аҟәа. Нанҳәамза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба Ҟарачы-Черқьессиа абыргцәа Рхеилак ахантәаҩы Абу-Иусуф Банов Аԥсны Аҳәынҭқарра иреиҳаӡоу аҳамҭа «Ахьӡ-Аԥша» аорден ахԥатәи аҩаӡара ианеишьеит.

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҭижьыз Аусԥҟа инақәыршәаны, 1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра азы Аԥсни Ҟарачы-Черкессиеи рыбжьара аимабзиаратәии аиҩызаратәии аизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара аҿы илагалеи активла инаигӡоз ауаажәларратә усуреи рзы  Абу-Иусуф Банов лаҵарамза 3, 2022 шықәсазы ианашьахеит «Ахьӡ-Аԥша» аорден  III аҩаӡара.

Аҟәа. Нанҳәамза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Нанҳәамза 14 рзы Аԥсны иазгәарҭоит агәалашәареи алахьеиқәҵареи рымш. 30 шықәса раԥхьа, нанҳәамза  14, 1992 шықәсазы иалагеит Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра.  

Нанҳәамза 14, асааҭ 16:00 рзы С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсны аҳәынҭқарратә драматә театр аҿы инагӡахоит акомпозитор Нодар Ҷанба иаԥиҵаз «Ареквием», ҳәа адырра ҟанаҵоит акультура Аминистрра апресс-маҵзура. «Ареквием» иалалеит аԥсуа поетесса Гәында Сақаниа лажәеинраалақәа.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.