pressadmin-2
ХӘАЖӘКЫРАМЗА 21 РЗЫ ЛУСУРАТӘ ЗИНМЧЫ АҼҲӘАРА НҴӘОИТ АԤСНЫ АУАҨЫ ИЗИНҚӘА РЫХЬЧАРАЗЫ АЗИНМЧЫ ЗМОУ АСИДА ШЬАҞРЫЛ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 21 азы лусуратә зинмчы аҽҳәара нҵәоит Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Асида Шьаҟрыл.
Жәлар Реизара-Апарламент хәы-шықәса аусуратә ҽҳәара иманы ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу ҿыц иалхра мҩаԥнагароуп.
Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу имаҵурахьы акандидатура адепутатцәа рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟынтәи 1/3 иреиҵамкәа рыла иқәыргылазар ҟалоит, мамзагьы апарламенттә комитет ала.
Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу имаҵураҭыԥ дахагылар алшоит 35-шықәса иреиҵам, убри аан 65-шықәса иреиҳамкәа зхыҵуа, Аԥсны атәылауаҩ, иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо, иреиҳаӡоу аҵарадырра змоу, иара убас ауаҩы, атәылауаҩы рзинқәеи рхақәиҭреи рыхьчара рганахьла аԥышәа змоу.
ВИАЧЕСЛАВ ЧЫРКБА: «АҲӘЫНҬҚАРРА АДЕМОГРАФИАТӘ ПРОБЛЕМА АӠБАРА ИАҴОУ АҴАКЫ АХАДАРА ЕИЛНАКААУАЗАРОУП».
Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу астратегиатә ҭҵаарақәа Рцентр ахаша, хәажәкырмза 15 рзы И. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека аҿы, ареспублика аҿы ишьақәгылаз адемографиатә ҭагылазаашьа иазкны астол гьежь мҩаԥнагеит.
Астратегиатә ҭҵаарақәа Рцентр адиректор, афилологиатә наукақәа рдоктор Виачеслав Чыркба инапхгара имҩаԥысуаз аилацәажәара иалахәын атәыла агәабзиарахьчара аминистр ахаҭарнак Беслан Кациа, Ареспубликатә хәышәтәырҭа ахшараиуратә ҟәша аиҳабы Белла Ԥлиа, арепатриациа азы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа, Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ заместитель Едуард Гамсаниа, ААУ абиологиа-географиатә факультет адекан ихаҭыԥуаҩ, агеогрфиатә наукақәа ркандидат Нури Багаԥшь, аполитолог Наҭелла Акаба, астратегиатә ҭҵаарақәа Рцентр абызшәатә политика аҟәша аусзуҩ Асҭанда Ҳашба.
Алагалатә ажәахә аҟаҵо Виачеслав Чыркба, Қырҭтәыла аганахьала потенциалла арратә шәарҭара ашьҭахь зегьы иреиҳау проблеманы иҟоуп ҳәа иуҳәаратәы иҟоуп адемографиатә проблема ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
«Аибашьра ахҟьаԥҟьақәа инарымаданы ишьақәгылаз хра злам атенденциақәеи, иара убас акоронавирустә ҿкы чымазара апандемиаеи ирыхҟьаны, ҳтәыла аҿы акыр иуадаҩу адемографиатә период шьақәгылеит. Зыԥсҭазаара иалҵыз ауааԥсыра рхыԥхьаӡара ииаз рхыԥхьаӡара аасҭа акыр аиҳахара иадҳәалахаз аҭагылазаашьа арҽеира азы ихымԥадатәиуп аира азҳареи аҳәаанырцә иҟоу ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәреи алыршара. Уи ишиашоу иадҳәалоуп аԥсуа милаҭтә етноси иааизакны иара аҳәынҭқарреи реиқәырхара», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
ФАЗИЛЬ ИСКАНДЕР ИХЬӠ ЗХУ АТЕАТР АҞНЫ ИҞОУ АХӘЫҶТӘЫ СТУДИА САНКТ-ПЕТЕРБУРГ ИМҨАԤЫСРАНЫ ИҞОУ БРИАНЦЕВТӘИ АФЕСТИВАЛЬ ИАЛАХӘХОИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 14 инаркны 17 аҟынӡа Санкт –Петербург иҟоу А.А.Брианцев ихьӡ зху Ахәаԥшыҩ Қәыԥш Итеатр аҟны имҩаԥысраны иҟоуп ахәыҷтәы тетаралтә коллективқәа еидызкыло XXIV Жәларбжьаратәи «Брианцевтәи афестиваль».
Сынтәа апроект азкуп атеатр ашьаҭаркҩы – Асовет Еидгыла Жәлар рартист Александр Брианцев диижьҭеи 140-шықәса аҵра. Афестиваль рхы аладырхәраны иҟоуп Санкт-Петербург, Набережные Челны, Ленинградтәи аобласт, Иарославль, Пермтәи атәылаҿацә, Самаратәи аобласт, уҳәа рҟынтәи арҿиаратә коллективқәа. Жәларбжьаратәи апрограмма ала иқәгылараны иҟоуп Аԥсны, Белорус, Ермантәыла рҟынтәи ахәыҷтәы театрқәа.
Афестиваль афиша аҟны иарбоуп - Ф. Достоевски, С. Есенин, А. Вертински, Р. Бах, Г.-Х. Андерсен, уҳәа егьырҭ еицырдыруа ашәҟәыҩҩцәа рырҿиамҭақәа рыла иқәыргылоу аспектакльқәа. Иара убас иазԥхьагәаҭоуп арҿиаратә лабораториа, амастер-классқәа, апрофессионалтә театрдырҩцәа алархәны ақәыргыламҭақәа рыхцәажәарақәа, реилыргара, агәаанагарақәа реибыҳәара.
АУААЖӘЛАРРАТӘ АВИАЦИА АГАНАХЬАЛА 2023/24 АҴАРАШЫҚӘСҚӘА РЗЫ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АҴАРАИУРҬАҚӘА РҾЫ АҴАРАЗЫ 32 КВОТА АԤСНЫ ИАЗОУЖЬУП.
Аҟәа. Хәажәкырамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аекономика Аминистрреи Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура азы Ахаҭарнакреи Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара аҳаиртә еимадара аиҭашьақәыргылара азы апроект анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсны ауаажәларратә авиациа аганахьала Урыстәылатәи Афедерациа Иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа рҿы 2023/24 шш. аҵаразы 32 квота азоужьхоит ҳәа адырра ҟарҵоит.
Азыҳәамҭақәа рыдкылара – хәажәкырамза 20-нӡа иҩаԥыслоит.
АУААЖӘЛАРРАТӘ ПАЛАТА АИЛАЗААРА АХЬ ИАЛХУП 11-ҨЫК АРАИОНҚӘЕИ АҚАЛАҚЬҚӘЕИ РХАҬАРНАКЦӘА.
Аҟәа. Хәажәкырамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа, хәажәкырамза 10, 2023 шықәса рзы, «Аԥсны Ауаажәларратә Палата азы» Азакәан ахәҭаҷ 8, апункт 5 инақәыршәаны, Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ила ишьақәырӷәӷәаз Ауаажәларратә Палата алахәылацәа, аконкурстә лыԥшаара апроцедура ала Ауаажәларратә Палата аилазаара ҿыц ахь иалырхит аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рыла зыдгалара мҩаԥгаз 11-ҩык араионқәеи ақалақьқәеи рхаҭарнакцәа. Убас Ауаажәларратә Палата аилазаара ахь иалхуп:
Алхас Гәыргәылиа (Аҟәа ақалақьтә Еизара);
Лана Цаа (Аҟәа ақалақьтә Еизара);
Дауҭ Агрба (Гагра араионтә Еизара);
Дона Малиа (Пицунда ақалақьтә Еизара);
Ахра Агрба (Гәдоуҭа араионтә Еизара);
Витали Смыр (Афон Ҿыц ақалақьтә Еизара);
Леуан Чхьеиӡе (Аҟәа араионтә Еизара);
Кочу Маҳмеҭ Хакан (Гәылрыԥшь араионтә Еизара);
Беслан Перцхьелиа (Очамчыра араионтә Еизара);
Омар Џьынџьал (Ҭҟәарчал араионтә Еизара);
Ҭенгиз Инал-иԥа (Гал араионтә Еизара)..
Ауаажәларратә Палата шьақәгылоит Аҳәынҭқарра Ахада ишьақәирӷәӷәаз 13-ҩык Аԥсны атәылауааи 11-ҩык араионқәеи ақалақьқәеи рхаҭарнакцәеи рыла; 11-ҩык Аԥсны Аҳәынҭқарра аиустициа Аминистрра аҿы ашәҟәы иҭагалоу аполитикатә партиақәа, ауаажәларра-политикатә еиҿкаарақәеи ауаажәларратә еидгыларақәеи рхаҭарнакцәа.
Аҳәынҭқарра Ахада ила ишьақәырӷәӷәоу Ауаажәларратә Палата алахәылацәа рышьақәырӷәӷәара амш инаркны 10-мыш ирылагӡаны аконкурстә лыԥшаара апроцедура ала аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рыла зыдгалара мҩаԥгаз 11-ҩык араионқәеи ақалақьқәеи рхаҭарнакцәа Ауаажәларратә Палата аилазаара ҿыц ахь рыдкылара азы аӡбамҭа рыдыркылоит.
АРАИОНҚӘЕИ АҚАЛАҚЬҚӘЕИ РХАДАЦӘА АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА ИҾАԤХЬА ЕСЫМЗА РУСУРА АҲАСАБЫРБА ҞАРҴАЛОИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩныҵҟатәи ахылаԥшреи афинанс-нхамҩатә усура азы аҳасабырбареи ирызкын Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ихантәаҩрала араионқәеи ақалақьқәи рхадацәа алархәны имҩаԥысыз аилатәара, ҳәа иаанацҳауеит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Аилатәара аҿы иара убас ирылацәажәеит ӡыла аиқәыршәара, амҩатә инфраструктура, аԥсабаратә цәырҵра бааԥсқәа рҿагылара, ашәатәқәеи ашәахтәқәеи аизгақәеи реизгара адинамика, атуристтә аамҭахәҭа аҽазыҟаҵара, уҳәа атемақәа жәпакы.
Араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәа ишьҭыхыз азҵаарақәа зегьы рыла аҭыԥқәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьа азы Аҳәынҭқарра Ахада адырра ирҭеит.
АҴӘАХЫРҬАТӘ БАНК ХӘАЖӘКЫРАМЗАЗЫ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АТӘАНЧАХӘҚӘА РШӘАРА АГРАФИК ШЬАҚӘНАРӶӘӶӘЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҵәахырҭатә Банк урыстәылатәи атәанчахәы зауа Аԥсны атәылауаа хәажәкырамзазы ртәанчахәқәа рызшәара аграфик шьақәнарӷәӷәеит.
Атәанчахәы ахыԥхьаӡалахоит 3 етапк рыла:
Хәажәкырамза 16 рзы – 1 - тәи агәыԥ иаҵанакуа (иарбоу ашықәс уахь иналаҵаны) 1950 шықәса рҟынӡа ииаз);
Хәажәкырамза 21 рзы – 2-тәи агәыԥ иаҵанакуа (иарбоу ашықәсқәа уахь иналаҵаны) 1951- 1956 шш. рзы ииз);
Хәажәкырамза 27 рзы – 3 - тәи агәыԥ иаҵанакуа (1957 шықәса рзы ииаз индыркны).
АКУЛЬТУРА АМИНИСТРРА АИААИРА АГАРА АМШ 30-ШЫҚӘСА АХЫҴРА ИНАМАДАНЫ ИМЮА8ГАХО КОНКУРС АХЬ ИЦӘЫРГАЗ АФИЛЬМҚӘА ИААРКЬАҾУ АСЦИНАРИАҚӘА (АСИНОПСИСҚӘА) БЫЖЬБА АЛНАХИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Акультура Аминистрра аконкурстә комиссиа Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵра инамаданы аконкурс ахь инагаз зметраж кьаҿу адокументалтә фильмқәа иаарьаҿу рыценариақәа (рсинопсиқәа) быжьба ралхреи урҭ равторцәа хаҭала рԥылареи мҩаԥнагеит, ҳәа иаанацҳуеит Аминистрра апресс-маҵзура.
Аконкурс анаҩстәи аетап ахь анеиразы иалхуп 7 сцераниак.
Ажанр адокументалтә фильм» аҿы иалхыуп ԥшь-сценариак:
Манана Кокоскьериа («Аишьцәа»), Фатима Кәытелиа («Аибашьра ахәыҷқәа»),
Наала Мықәба, Адгәыр Аҩӡба, Давид Ҳашыг («Аибашьреи акультуратә коди»).
Елеонора Гилоиан («Абацәеи аԥацәеи»).
Ажанр «зметраж кьаҿу асахьаркыратә фильм» аҿы иалхуп х-сценариак:
АԤСНЫ АХӘЫҶЫ ИЗИНҚӘА РЫХЬЧАРАЗЫ АЗАКӘАНМЧЫ ЗМОУ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ДУМА АХАНТӘАҨЫ ИХАҬЫԤУАҨ АННА КУЗНЕЦОВА ДЫЛԤЫЛЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 7 рзы Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Мактина Џьынџьали Акультура-гәыҳалалратә Фонд «Ашана» аԥҵаҩы Беслан Шьаҟаиеи Аҳәынҭқарратә Дума ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Анна Кузнецовеи реиԥылара мҩаԥысит.
Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьаразы Азинмчы змоу лсаит иҟанаҵо адыррақәа рыла, аиԥылара аҿы Анна Кузнецова аҭаацәареи ахәыҷреи адгылара рыҭара ахырхарҭа ала илымоу аԥышәеи ауаажәларратә еиҿкаара «Урыстәыла абацәа», аҭаацәа рыхьчара азы аиҿкаарақәа Рассоциациа инарыгӡо аусуреи, иара убас ааигәа инагӡахо асоциалтә проектқәеи дрылацәажәеит. Убри аан лара ас еиԥш аԥышәа Аԥсныгьы ахархәара аиура азы ажәалагала ҟалҵеит.
АЕКОНОМИКАТӘ РЕФОРМА АХЫРХАРҬА ХАДАҚӘА РАЛКААРАЗЫ АЖӘАЛАГАЛАҚӘА РАЗЫРХИАРА ИАЗКУ АХАДА ИҞНЫ ИҞОУ АУСУРАТӘ ГӘЫԤ АКТӘИ АИЛАТӘАРА МҨАԤЫСИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аекономикатә реформа ахырхарҭа хадақәа ралкааразы ажәалагалақәа разырхиара иазку ахада иҟны иҟоу Аусуратә гәыԥ раԥхьатәи аилатәара мҩаԥысит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа имҩаԥигеит аекономикатә реформа ахырхарҭа хадақәа ралкааразы ажәалагалақәа разырхиара иазку ахада иҟны иҟоу Аусуратә гәыԥ актәи аилатәара.
Уи иалоуп аҭҵаарадырратә уаажәларра, анаплакратә уаажәларра, аекономика аусхк аҟны аекспертцәа, абанктә система ахаҭарнакцәа, аҳәынҭқарратә напхгараҭара аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа, Аԥсны ауаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа.
Аилатәара аартуа, Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит: «Иахьатәи аилатәара атема зегьы ибзианы ижәдыруеит. Иара актуалра амоуп. Ҳара, атәыла анапхгара ҳзы аполитикатә процесс иалахәу аполитикатә мчқәа зегьы ргәаанагара акраҵанакуеит. Ҳҿаԥхьа иқәгылоуп ҳахшыҩ еилаҵаны иҳаӡбаша иуадаҩу апроблемақәа
Ареформақәа рымҩаԥгара аамҭа ааижьҭеи акыр ҵуеит. Аха ари апроцесс мариаӡам, апопулизм ара ҭыԥ амамзароуп. Аекономикатә, аполитикатә еиҭакрақәеи асоциалтә реформақәа рырҿиареи апрофессионалтә знеишьеи шьаҭанкылатәи адыррақәеи рҭахуп. Сара агәра згоит ара еизаз зегьы ирҭаху акоуп: ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аиӷьтәра, атәылаҟны аԥсҭазаашьа аҩаӡара ашьҭыхра, аҳәынҭқарратә мчхара – анагӡаратә, азакәанԥҵаратә, амчхара аӡбаратә махәҭа арӷәӷәара. Убри аҟнытә сгәы иаанагоит иазырхиахоит ҳәа азеиԥш алгоритм ари аусураҿы».
Аилатәара иалахәыз Аԥсны аекономика аҿиара ахырхарҭа хадақәа ралкааразы дасу ридеиақәа, ражәалагалақәа аадырԥшит.








