pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Хәажәкырамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи» иҭнажьуа хә-хкык аҩқәа иџьбарам арыжтәқәеи акониаки аҩқәеи аликиоруадкатә рыжтәқәеи Жәларбжьаратәи аконкурс аҿы ахьтәы медалқәа ранашьахеит.  Абри атәы аанацҳауеит азауад Инстаграм аҿы иамоу адаҟьа.

Аконкурс мҩаԥысуан Шәача ақалақь, хәажәкырамза 23 -25 рзы.

Амедалқәа ранашьахеит:

– акрызхыҵуа аҩеиқәтәа ҟаԥшь «Ашҭа Лаша»,

–акрызхыҵуа аҩеиқәтәа ҟаԥшь «Аҭауад Гәымсҭа Ашҭа»,

– еиқәтәахьоу, агәилԥштәы змоу аҩҿа «Гәымсҭа Ашҭа»,

–  еиқәтәахьоу аҩҿа ҟаԥшь «Чегем»,

– иҿыхаам аҩеилачча шкәакәа «Лыхны».        

Аҟәа. Хәажәкырамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩԥысит Ауаажәларратә Палата VI ааԥхьара раԥхьатәи апленартә еилатәара.   Араҟа иалхын Ауаажәларратә Палата амаӡаныҟәгаҩи амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩцәеи.

Ауаажәларратә Палата амаӡаныҟәгаҩыс ҩаԥхьа далххеит Гәыли Кьычба. Амаӡаныҟәгаҩ лхаҭыԥуаҩцәас иалххеит Витали Смыр, Алеқсандр Страничкин, Низам Хапати Изольда Ҳагбеи.

Ауаажәларратә Палата алахәыла Сократ Џьынџьал ажурналистцәа дрыҿцәажәо актәи аилатәара аихшьаалақәа дрыхцәажәеит.

«Убас иҟалеит, сара Ауаажәларратә Палта ааԥхьарақәа зегьы рлахәылас сыҟан. Иубаратәы иҟоуп атәыла Ауаажәларратә Палата аусура ахь ринтерес ессаира ишазҳауа. Уи арҵабыргуеит ауаажәларратә еиҿкаарақәеи аполитикатә партиақәеи рыла Ауаажәларратә Палата аилазаара ахь зыдгалара мҩаԥгаз акандидатцәа рхыԥхьаӡара. 11 ҭыԥ ахь иадгалан 42-ҩык. Аконкурс ду ыҟан, уи ауааԥсыра  Ауаажәларратә Палата еиԥш иҟоу ауаажәларратә еилазаара аинститут аусура ишазҿлымҳау аанарԥшуеит. Иахьа актәи аилатара мҩаԥысит, далххеит амаӡаныҟәгаҩ», – ҳәа иҳәеит Сократ Џьынџьал.  

Иара ишазгәеиҭаз ала, ҩ-кандидатурак ықәыргылан - Давид Ԥлиеи Гәыли Кьчбеи. «Аҩ-кандидатурак иҭышәынтәалоу аҭагылазаашьа аҿы ирыхәаԥшит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 28 рзы С.Иа.Ҷанба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә драматә театр аҿы ажурналист, афилологиатә наукақәа ркандидат Екатерины Бебиа лышәҟәқәа ҩба – «Харада ахара зыдҵаз»,  «Ахашҭра аҟынтәи – ахьыӡ камшәара аҟынӡа» рӡыргара мҩаԥысит.

Аӡыргара еиҿнакааит атәыла акультура Аминистрра. Уи амҩаԥгара аҭыԥ алхрагьы машәыршақә иҟамлаӡеит. 1937 шықәсазы атеатр азал аҟны имҩаԥган 13-ҩык аԥсуа интеллигенциеи аполитикатә елитеи рхаҭарнакцәа рус аӡбара.   

Екатерина Бебиа лышәҟәқәа рҿы 300-ҩык инарзынаԥшуа ауаа рлахьынҵа атәы еиҭалҳәоит.  Арҭ ашәҟәқәа рҭыжьразы ажурналист аинформациа аизгара даҿын 40-шықәса инареиҳаны.

Аҟәа. Хәажәкырамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ҟабарда-Балкариа, Нальчик ақалақь аҿы иҭыҵуа алитература-сахьаркыратәи ауаажәларра-политикатә журнал «Литературная Кабардино-Балкария» адаҟьақәа ирнылеит аԥсуа поет, апрозаик Анатоли Лагәлаа иажәабжьқәа «Ануаа-рхәы», «Аԥсадгьыл акоуп». Арҭ ажәабжьқәа 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра атема  иазкуп.  

Ажәабжьқәа еиҭеигеит ажурналист, ашәҟәыҩҩ, агазеҭ «Эхо Абхазии» аредактор хада Витали Шариа.

Аҟәа. Хәажәкырамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2022 шықәсазы имҩаԥгаз аусура аихшьаалақәа рыҟаҵара иазкын аҩаша, хәажәкырамза  28 рзы имҩаԥысыз Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа азеиԥш усуратә еизара.

Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа Апрезидент Зураб Џьапуа еизаз бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит. Уи аҳасабырбатә ашықәс Анаукақәа Ракадемиа азы иҷыдоу аҟазшаьа аман ҳәа иазгәеиҭеит.

«2022 - тәи ашықәс Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа азы аиубилеитә шықәсаны иҟан. Зегьы рзы игәырӷьараны иҟалаз хҭысхеит акарантинтә ԥкрақәа раԥыхра, иарбоу ахҭыс ҳҵарауаа ирыцны азгәаҭара азы арахЬ иааит еиуеиԥшым адунеи атәылақәа рҟынтәи хыԥхьаӡара рацәала асасцәа.

Аҵарауаа хаҭала дрыдныҳәалеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, иара убас егьырҭ аҳәынҭқарра Анапхгара ахаҭарнакцәагьы. Аҳәаанырцә иҟоу анаукақәа Ракадемиақәа жәпакы рҟынтәи авидеотә адныҳәаларақәа аарышьҭит. Ари зегьы, жәаҳәарада, аидеиа ҿыцқәа, апланқәа, урҭ рынагӡара азы ажәалагалақәа, уҳәа  рцәырҵра азы иназыцҵоу импульсны иҟалеит», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Анаукақәа Ракадемиа Апрезидент Зураб Џьапуа.

Аизара иалахәыз зыԥсҭазаара иалҵхьоу рколлегацәеи рҩызцәеи минуҭктәи аҿымҭрала иргәаладыршәеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Баҭал Џьапуа «Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ианашьаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.  

«Асахьаркыратә ҟазара аҿиара, акультуратә ҭынха аиқәырхареи зыҩаӡара ҳараку азанааҭтә ҟазареи рзы «Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ианашьазааит Џьапуа Баҭал Рушьни-иԥа», - ҳәа иаҳәоит Аҳәынҭқарра Ахада иҭижьыз Аусԥҟа атекст аҟны. 

Аҟәа. Хәажәкырамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ааԥынтәи асессиа аилатәара. Аилатәара мҩаԥысит Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша ихантәаҩрала.

Асида Шьаҟрыл Жәлар Реизара-Апарламент аҟны Ауаҩы изинқәа рзы Азинмчы змоу 2022 шықәсазтәи лусуразы ажәахә ҟалҵеит.

«Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны Ауаҩы изинқәа рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан ахәҭаҷ 19 инақәыршәаны  Апарламент адепутатцәа азыӡырҩит иагьрыдыркылеитт  Ауаҩы изинқәа рзы Азинмчы змоу Шьаҟрыл Асида 2022 шықәсазтәи лусуразы ажәахә.

Адепутатцәа Шьаҟрыл Асидеи Ауаҩы изинқәа рзы Азинмчы змоу лаппарати имҩаԥыргаз аусура иҭабуп ахырҳәааит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны атеатрқәа русзуҩцәа Жәларбжьаратәи атеатр Амш рыдиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Ареспублика Аԥсны атетарқәа русзуҩцәа. Гәык-ԥсыкала ишыдысныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа – Жәларбжьаратәи атеатр Амш!

Жәларбжьаратәи атеатр – ари атеатр аусзуҩцәа зегьы ринтернационалтә занааҭтә ныҳәа адагьы, уи атеатр абзиабаҩцәа зегьы ирныҳәоуп.  

Иахьа ҳара зеиӷьаҟам атеатралтә дунеи иадҳәалоу ауаа зегьы иҭабуп ҳәа раҳәаразы алшара ҳамоуп. Шәара аԥсҭазаара абжьаԥнызаара анҭыҵтәи аҟазаара абара азы алшара аԥҵо, аԥсуа ахәаԥшыҩ естетикалатәии доуҳалатәии иааӡара шәлагала ду алашәҵоит».

Аҟәа. Хәажәкырамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Рауль Лолуа амилаҭтә шәарҭадареи атәылахьчареи рызҵаарақәа рзы абжьгаҩыс иҟаҵаразы Ақәҵара инапы аҵаиҩит.    

Лолуа Рауль Валери-иԥа диит  жәабранмза 20, 1976 шықәса рзы, Аҟәа ақалақь аҿы.  

1993 шықәсазы далгеит Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №17.   

2000 шықәсазы далгеит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра иатәу Аҟәатәи абжьаратәи  амилициа ашкол ҷыда «азанааҭдырҩы, аоператив-ԥшааратә усура» азанааҭ ала.

2005 шықәсазы далгеит Москватәи асоциал-гуманитартә Институт аҿга апсихологиа афакультет.  

2013 шықәсазы «Аҳәынҭқарратәии амуниципалтәии анапхгараҭара» азанааҭ ала далгеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҟны иҟоу аҳәынҭқарратә маҵзуреи жәлар рынхамҩеи рзы   Урыстәылатәи Академиа.

1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра далахәын, Леон Иордени «Агәымшәаразы» амедали ианашьоуп.

1998 шықәасзы Ирласу анырра азы Иҷыдоу Аотриад  (СОБР) аилазаараҿы Гал араион аҿы ақырҭуа адиверсиатә гәыԥқәа рықәгара иазкыз аоперациа.  

2001 шықәсазы Ирласу анырра азы Иҷыдоу Аотриад  (СОБР) аилазаараҿы Е. Квициании Р. Гелаеви рнапхгарала бџьарла еибыҭаз агәыԥқәа Аԥсны агәы алалара азы рҽазышәарақәа рыԥхьырҟәҟәаара далахәын.

2008 шықәсазы Атеррористҿагыларатә центр напхгара аиҭоит. Иарбоу ацентр урыстәылатәи архәҭақәа ирыцны Қырҭтәыла аҭынчра ахь мчыла азаагара азы аоперациа иалахәын.  

Аҟәа. Хәажәкырамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Аԥшьгаратә гәыԥ «Ҳара Ҳақалақь» алахәылацәа рыпресс-конференциа мҩаԥысит ашәахьа, хәажәкырамза  27 рзы. Активистцәа ақалақь акомплексттә ҿиара, зинда аргылара, аҳҭнықалақь аҭоурыхтә хәҭа иахьаҵанакуа ҿыц иргылахо аобиектқәа реихагылара, уҳәа иадҳәалоу апроблемақәа ирылацәажәеит.  Конкретла ажәалагалақәагы ҟаҵан.

Архитекторқәа, арџьнырцәа, адизаинерцәа, асахьаҭыхыҩцәа, аурбанистцәа, азиндырҩцәа, ажурналистцәа зеилазаараҿы иҟоу аԥшьгаратә гәыԥ алахәылацәа Аҟәа ақалақь аҿы иҳараку ахыбрақәа рыргылара атема ҩаԥхьа изышьҭырхуа еиҭарҳәеит.

Урҭ ргәаанагара ала, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа зегьы ирылагӡаны аҳҭнықалақь ауааԥсыра Аҟәа аҭоурыхтә ԥшаҳәа иахьаҵанакуа еицлабны, аиҳарак ала изакәанымкәа аргылара шымҩԥысуа рымбакәа иҟам. Раԥхьаӡа иргыланы излацәажәатәу Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Ацҳаражәҳәарҭа азааигәара игылоу ахыбра еихаххаа ауп.

Активистцәа агәраганы иҟоуп ас еиԥш иҟоу «архитектура»  XIX ашәышықәса анҵәамҭзы ишьақәгылахьаз аҭоурыхтә ԥшаҳәа иаҵоу аԥшӡареи ауникалреи ықәнагоит, иара убас  иҳаҩсыз аамҭақәа рзы аҟыбаҩ ду злаз архитеторцәа еиҷаҳаны иаԥырҵаз амшыни ашьхареи ркомпозициа ӷәӷәала еиланагоит.  Иарбоу аргыламҭа амра ашәахәақәа ишиашоу ари аҭыԥ аҟынӡа рынаӡара аруадаҩуеит, иара убри ала ԥсабаратәла аҳауаеиҭарсра еиланагоит. Иара убас, иара убри адагьы еидгәыԥланы ахыбрақәа ахьыргылоу аҭыԥ ахь анеирҭақәеи амашьынаргыларҭақәеи амцарцәаратә неирҭақәеи анџьныртә инфраструктуреи иадҳәаланы иҟоу аҭагылазаашьа еиҳагьы иаруадаҩуеит. Аҵыхәтәаны, хымԥада иазгәаҭатәуп даҽакгьы, – Аԥсны адгьылҵысратә (асеисмикатә) шәарҭаразы зиндекс ҳараку (9 рҟынӡа инаӡо) тәылоуп, убри аҟнытә ахыбра еихаххаақәа реизакра, еидгәыԥланы рыргылара мап ацәктәуп.   

 «Ҳара Хақалакь» алахәылацәа Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи ааигәа иҟалаз адгьылҵысра ахҟьаԥҟьа дуқәеи уи зыдҳәалахаз аргыларақәа раан асеисмикатә шьақәтәара аԥҟарақәа реилагареи ртәы ҩаԥхьа еизаз иргәаладыршәеит.  Ахыбра заҟа иҳараку аҟара, аиҳарак аԥшаҳәа иахьаҵанакуа игылоу, араҟа иҟоу агеологиатә ҭагылазаашьақәа ҳасаб азуны уахәаԥшуазар, адгьылҵысра аан аилыбгаразы еиҳа ишәарҭоуп. Уи иаанагогьы, ахыбрақәа иарбоу аҭыԥқәа рҿы раргылараан асеисмикатә ԥҟарақәа зегьы рықәныҟәара хымԥадатәиуп.

Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа азааигәара игылоу ахыбра – ари изаҵәу проблеманы иҟаӡам иахьа. Анџьныр-ргылаҩ Асҭамыр Маан игәаанагарала, И. Коӷониа имҩаду ала игылоу иҳараку аҩнқәа реиҳарак иҟалар зылшо анормақәа ирхысуа еицыҟарамкәа аиқәысра рныԥшуеит. Уи ҵаҵӷәыс иамазар алшоит – ахыбра ахьыргылаз аҭыԥ аҿы иҟоу адгьыл ианаамҭаз иахәҭоу анализ азумызм, мамзаргьы афундамент ахаҭабзиара лаҟәхеит, иара убас аргылара апроцесс аан хазхаҭала ахыбра аихагылара ацҵаразы аӡбамҭа адкылара.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.