pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 21, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Бадра Гәынба 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира амш 30 шықәса ахыҵра азгәаҭара аҽазыҟаҵара иазку Акомиссиа аилацәажәара мҩаԥигеит

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира амш 30 шықәса ахыҵра азгәаҭара аҽазыҟаҵара иазку Акомиссиа аилацәажәара мҩаԥигеит.

Гәынба иазгәеиҭеит аусмҩаԥгатәқәа зегьы нҭырҳәыцааны рызхәыцра шаҭаху, Аԥсны жәлар рҭоурых аҟны акырӡа зҵазкуа арыцхә ишахәҭоу ишазгәаҭатәу.

Акомиссиа алахәцәа аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи инарымаданы ажәалагалақәа ҟарҵеит..

Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа иҳәеит аиубилеи нарҭбааны азгәаҭара шаҭаху.

«Иааиуа ашықәс азы Аиааира амш 30 ш. ахыҵра азгәаҳҭоит. Ари аиубилеи ԥаса аасҭа еиҳа инарҭбааны иазгәаҭатәуп ҳәа иҳаԥхьаӡоит, уи аҭакԥхықәрагьы ҳаднаҵоит. Ҳара Ахада ишҟа ашәҟәы ҳашьҭит ари азы хықәкыла иаҳҭаххо арбаны. Иҟаҳҵаз азыҳәара иақәнагоу адгылара аиуп ҳәа ҳгәы иаанагоит», – иҳәеит иара.

Акультура аминистр Даур Ақаҩба ишиҳәаз ала, Аиааира амш 30 шықәса ахыҵреи ахьыԥшымра 15 шықәса ахыҵреи разгәаҭара иазку аусмҩаԥгатәқәа рсиа азирхиеит

«Цәыббрамза 30 рзы иазԥхьагәаҭоуп атеатртә қәгыларақәа. Аибашьраан ашәақәа рацәаны иит аҟнытә урҭ рынагӡара ахьымҩаԥысуа аусмҩаԥгатә еиҿакҳкаауеит. Хатәгәаԥхаралатәи аибашьҩы имш иазкхоит ҳара ҳартистцәа реиԥш Аҩадатәи Кавказ ареспубликақәа рыҟнытә артистцәагьы злахәхо аусмҩаԥгатә, - иҳәеит Ақаҩба..

Акультура аминистрра ажәалагала ҟанаҵеит еиҭаҵуа ацәыргақәҵа «Афырхацәа ԥсӡом!», «Иаҳхшаҭӡом!», ахәыҷқәа рсахьаҭыхымҭақәа рзы аицлабра «Адунеи ахәыҷқәа рыблақәа рыла» аиҿкаара, Аԥсны асахьаҭыхҩцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа-аицлабра, Актәи Ахада Владислав Арӡынба игәалашәара ахәылԥаз, 1993  шықәсазтәи Марттәи аоперациаан иҭахаз ргәалашәаразы Тамышьтәи адесант иалахәыз рфырхаҵара иазку аконцерт-ареквием, уб.егь.  Иара убас зметраж кьаҿу адокументалтә фильмқәа аибашьра иалахәыз ирзыкны. 

Аҟәа Администрациа ахада Беслан Ешба иазгәеиҭеит Аиааира 30 шықәса ахыҵра аҵак ду змоу хҭысуп аҟнытә, аусмҩаԥгатәқәа реиҳарак аҳҭнықалақь аҟны ишымҩаԥысуа. 

«Акультура аминистрреи ҳареи ҳусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгашьа еибаҳҳәоит еиԥшымхарц азы. Иазгәаҭоуп Ацҳа ҟаԥшь арҽеира, Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҟны аусурақәа рхыркәшара», – иҳәеит Ешба.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 23, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Жәлар Реизара-Апарламент аҟны имҩаԥысит Лаша Ашәбеи Ареспублика Никаргуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҷыдалкаатәи Азинмчы змоуи Ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи реиԥылара.  

Инар Ладариа Лаша Ашәба адырра ииҭеит Никарагуа Ареспублика аҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа аусура аихшьалақәа ртәы. Урҭ алацәажәеит Ацҳаражәҳәарҭа аԥхьаҟатәи аусура атәы.

Инар Ладариа Лаша Ашәба изеиҭеиҳәеит Никарагуа Ареспублика Амилаҭтә Ассамблеиаҟны имҩаԥысыз аиԥыларақәа ртәы. Убри аан иара иазгәеиҭеит Никарагуа Ареспублика  адепутатцәа Аԥсны Аҳәынҭқарреи иареи рыбжьара аимадара ишазхиоу.

Ацҳаражәҳәаҩ Апарламент Аиҳабы адырра ииҭеит никарагуатәи адепутатцәа Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламент аҟны Никарагуа аиҩызаразы адепутаттә гәыԥ аԥҵара шырҭаху, ари аҩ-тәылак рзакәанԥҵаратә усбарҭақәа рыбжьара аимадара арӷәӷәареи еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аԥышәеимдареи излацхраауа ала.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламент Аиҳабы иганахьала иҳәеит Никарагуа Ареспубликеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара апарламентбжьаратә усеицура арҿиара дшазхиоу.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 23, 2022. Аԥсныпресс.  Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥысшьа гәеиҭеит, ҳәа ианацҳауеит агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.

Мышқәак рыԥхьа ахәышәтәырҭа аҿы ихыркәшахеит зхыԥхьаӡара акыр еиҳахаз акабинетқәа рҿы ҭеиҭыԥшлатәи аремонт. Уи аҟаҵара хықәкыс иамоу апациентцәа рчымазара ашьақәыргылареи амбулаториатә хәышәтәра рахгареи ахаҭабзиара ашьҭыхра ауп.

Иара убас, уи зусура ахаҭабзиара ҳараку аполиклиника ахәышәтәырҭа аҳақьымцәа  русура армариареи астационартә хәышәтәра азона аҭаара армаҷреи алнаршоит.

Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҿы акорпус афымцамч ала аиқәыршәара анеиԥҟьо азы автономтә дизельқәа ҩба ыҟоуп. Ахылаԥшырҭа аҿы ирыӡбеит инацҵаны агәҽанызаара аарԥшны агәабзиарахьчара Аминистрра ацхыраарала ахԥатәи адизель ашьақәыргылара. Уи еиҭаҵуа шьақәгылагахоит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 23, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Очамчыра араион Баслахә ақыҭа ахада Даур Пагавеи араионтә Еизара адепутат Коба Ҷыҭанааи идикылеит.  Урҭ аԥыза-министр Аалӡга ақыҭа аӡышьҭра аҿы иҟаз адамба аилыбгара иахҟьаны 30 инарзынаԥшуа анхарҭақәа аӡы рықәлара ашәарҭара ыҟоуп ҳәа адырра ҟарҵеит.

Ақыҭа ахада иара убас ақыҭа школ аиҭашьақәыргылареи аспорттә плошьадка аргылареи рзы аԥыза-министр иахь аҳәара ҟаиҵеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 23, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба 55-шықәса ихыҵра идиныҳәалеит.

Аԥыза-министр Беслан Ешба иусураҿы ақәҿиарақәеи аманшәалареи изеиӷьаишьеит.

Аҟәа.  Ԥхынҷкәынмза  23, 2022 шықәса.  Аԥсныпресс.  Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аҟәа ақалақь Администрациа ахада Беслан Ешба ииубилеитә шықәсхыҵра идиныҳәалеит. 

 

Ҳаҭыр зқәу Беслан Фиодор-иԥа!

 

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит аиубилеитә ныҳәа - 55 шықәса шәхыҵра амш.

Гәацԥыҳәарала, ааԥсарада имҩаԥыжәго аусура, шәыпрофессионализм ҳтәыла гәакьа аизҳазыӷьара иазкуп, ари аҳаҭыр ду шәаԥсаны шәҟанаҵеит, ахәшьара ҳаракгьы иаԥсоуп.

Иахьа Шәара шәнапхгарала ҳаҳҭнықалақь асоциалтә-економикатә ҿиара, уи аизҳазыӷьара, аиашьара зуа ақалақьқәа аус рыцура арӷәӷәара иазку алшарақәа рыцҵара мҩаԥысуеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 23, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз аенергетик» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы анашьара азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.  

Шықәсырацәа инеиԥынкыланы аенергетикатә усхкы аҿы хра злоу аусуреи зыҩаӡара ҳараку азанааҭдырреи рзы «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз аенергетик» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ранашьахеит:

Абшьылаа Реваз Ирадион-иԥа,

Агрба Нури Виктор-иԥа,

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 23, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рминистр Лев Кәыҵниа атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Донецктәи Жәлартә Республикеи Лугансктәи Жәлартә Республикеи, иара убас Херсонтәии Запорожтәии аобластқәа рахь ицара шымҩаԥысыз атәы изеиҭеиҳәеит.  Иарбоу Урыстәыла иҿыцу арегионқәа рахь ацара Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа агуманитартә цхыраара аҟаҵара азы инапынҵа ала  еиҿкаан.  

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22,  2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутатцәа ақалақь абиуџьеҭ аҟынтәи иршәо асоциалтә цхыраагӡатә шәатәқәа  50% рыла ашьҭыхра азы аӡбамҭа рыдыркылеит.

Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Дмитри Осиа.

Убас, абыда зыхшаара зааӡо анацәа аӡәы изы  1500 мааҭ рызшәалахоит.

Ахәыҷы рацәа (хҩык ахәыҷқәа) змоу аҭаацәа аӡәы изы 600 мааҭ рызшәалахоит; ԥшьҩык ахәыҷқәа змоу – аӡәы изы 900 мааҭ рызшәахоит; хәҩык, ма еиҳаны ахәыҷқәа змоу аҭаацәа –  1050 мааҭ аӡәы изы ирызшәахоит.

Аиаҭымцәа мызкы ироулоит 1500 мааҭ.   

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутатцәа 2023 шықәсазы ақалақь абиуџьеҭ шьақәдырӷәӷәеит.

Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Дмитри Осиа.

Аилатәара ихы алаирхәит аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба.

2023 шықәсазы иазԥхьагәаҭоу ақалақь абиуџьеҭ ахашәалахәытә хәҭа аицҵалыҵ 1 млрд 428 млн 378,30 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит, аныхтә хәҭа – 1 млрд 534 млн 206,50 нызықь мааҭ.

Ареспубликатә биуџьеҭ аҟынтәи абиуџьеҭбжьаратәи аԥаратә хархәагақәа рыиагара - 105 млн 828,2 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Ихадоу абиуџьеҭ шьақәзыргыло ахашәалахәқәаны иҟоуп: аиҿкаарақәа рхашәалахәы азы ашәахтә (38,7%), ахашәалахәытә шәахтә (47,8%), акцизқәа (3,5%), адгьылтә шәахтә (1,5 %), амазара ашәахтә (2,5%), иҷыдоу ашәахтә  (4,8%).

2023 шықәазы иазԥхьагәаҭоуп 2022 шықәсазы аҳҭнықалақь абиуџьеҭ иаҿырԥшны 206  млн 940,1 нызықь мааҭ рыла аизырҳара.  

2023 шықәсазы 2022 ашықәс иаҿырԥшны ахатәы хашәалахәқәа 206  млн 940,1 нызықь мааҭ рыла реизырҳарагьы азԥхьагәаҭоуп. Иазԥхьагәаҭоу аизырҳара ихадоу ахашәалахәқәа (ахашәалахәы азы ашәахтә, ахашәалахәытә шәахтә, акциза)  ралагалара ацҵара иадҳәалахеит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.