pressadmin-2
АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ИАЗГӘАРҬЕИТ ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АҚЫҬАҲӘСА РЫМШ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 15, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара афатә-ажәтә еиҿкаареи «Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара-Аҳәса» ҳәа хыс измоу аиҿкаареи еицынарыгӡо апроект "Аҳәса аҩнытә ахшхарҵәы аалыҵ аҭыжьраҿы ацхыраара рыҭара» аҳәаақәа ирҭагӡаны, Жәларбжьаратәи ақыҭаҳәсақәа Рымш инамаданы аусмҩаԥгатә мҩаԥыргеит. Уи мҩаԥысит жьҭаарамза 15 рзы, Аҟәа ақалақь, абизнес-центр «Эверест - 2000» аҿы. Иара Аԥсны еиуеиԥшым араионқәа рҟынтәи ҩынҩажәа - ҩык инарзынаԥшуа иарбоу апроект аҳәса-алахәылацәа рхы аладырхәит.
Жәларбжьаратәи ақыҭаҳәсақәа рымш есышықәа, жьҭаарамза 15 рзы иазгәарҭоит. Жәларбжьаратәи ақыҭаҳәсақәа рымш азгәаҭара аидеиа раԥхьаӡа абжьгара мҩаԥган 1995 шықәсазы Пекин ақалақь имҩаԥысыз Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара 4-тәи Аҳәса Рконференциа аҿы. 2007 шықәсазы ари аныҳәа Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа Хада аҿы официалла иақәшаҳаҭхеит.
Аусмҩаԥгатә амҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара афатә-ажәтә еиҿкаареи «Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара-Аҳәса» ҳәа хыс измоу аиҿкаареи рофисқәа рхаҭарнакцәа, иара убас Хьацҳа, Мархьаул, Папынырхәа ҳәа иҟоу ақыҭақәа рҟынтәи ааԥхьара зауз асасцәеи ашколнӡатәи ахәыҷтәы усбарҭақәа ақыҭақәа рҿы, ақыҭа аҿы аҵарадырра иацу апроблемақәа, ақыҭақәа рҿы аӡыла аиқәаршәареи фымцалашара аиқәаршәареи азҵаара аӡбара амҩаԥысшьа, ақыҭараҿы инхо, зматериалтә ҭагылазаашьа уадаҩу аҭаацәа ацхыраара рыҭара, уҳәа атемақәа рыла апрезентациақәа мҩаԥыргеит.
ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АЏЬАР ҞАԤШЬ АМИССИА АҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА АУС АЦУРА АЦҴАРА ИАЗХИОУП.
Аҟәа. Жҭьаарамза 15, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 14 рзы аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба Аԥсны Аҳәынҭқарра аҟны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар ҟаԥшь Амиссиа ахаҭарнакцәа дырԥылеит.
Амиссиа аофис анапхгаҩы ҿыц Родриго де Резенде аԥсшәа иаҳәо, Вальтер Быҭәба Жәларбжьаратәи Аџьар ҟаԥшь Амиссиа Аԥсны инанагӡо аусқәа шаҟа аҵакы хада аҵоу азгәеиҭеит.
Аиԥылара аҿы ирылацәажәеит ахьырхәратә система иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы. Ирзааҭгылеит абахҭа иҭаку ауаа ирымоу аҭагылазаашьақәа, арежимтә обиектқәа русуреи рформақәеи рнормақәеи, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусеилыргаанӡатәи аԥхьакырҭа аинфраструктуреи астационартә хәышәтәра иахысуа абаандаҩцәа рзинқәеи закәанла ирзалху аԥкрақәеи рынагӡара, иара убас зфункциаонал наӡоу абахҭа ҿыц аргылара, уҳәа азҵаарақәа жәпакы ирзааҭгылеит.
АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБ АԤСНЫТӘИ АУСНИВЕРСИТЕТ АИУБИЛЕИ ИНАМАДАНЫ АДНЫҲӘАЛАРА ҞАИҴЕИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аректор, апрофессор-рҵаҩратә еилазаареи астудентцәеи аҵараиурҭа аиубилеитә рыцхә рыдиныҳәалеит.
Адныҳәалара атекст аҟны, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
«Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа, ишәыдысныҳәалоит атәыла иреиҳаӡоу аҵараиура ацентр хада 90-шықәса ахыҵра!
Раԥхьатәи аԥсуа иреиҳаӡоу аҵараиурҭа ибеиоу аҭоурых, иналукааша аҵарауаа, зеиӷьаҟам арҵаҩцәа, аҟыбаҩ ду злоу астудентцәеи аушьҭымҭацәеи рабиԥарақәа рыла ишьақәыргылаз иӷәӷәоу атрадициақәа амоуп.
Урҭ амилаҭтә кадрқәа рычаԥарҭа еиԥырҟьам рымадара, ҳҭоурых аҿы имаҷымкәа иҟаз еиуеиԥшым ауадаҩрақәа раангьы иҳараку аидеиақәа гәык-ԥсыкала азыҟазаара ауп иахьа ҳара зегьы ҳазгәдуу Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет ахьӡи аԥшеи шьақәзыргылаз.
ААУ 90 - ШЫҚӘСА АХЫҴРА ИАЗКУ АНЫҲӘАТӘ УСМҨАԤГАТӘҚӘА ИРЫЛАХӘЫЗ АԤСНЫ ЖӘЛАР РЏЬЫНЏЬТӘЫЛАТӘИ ЕИБАШЬРА АҾЫ ИҬАХАЗ РГӘАЛАДЫРШӘЕИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. ААУ 90- шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ирылахәыз 1992-199шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз ргәаладыршәеит.
ААУ аректор Алеко Гәарамиа, арҵаҩцәа, астудентцәа, аиубилеитә усмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы иааз асасцәа, 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз ААУ аусзуҩцәеи астудентцәеи рбаҟа ахьыргылахо аҭыԥ аҿы ишьҭоу ахаҳә амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
УРЫСТӘЫЛАТӘИ АШӘҞӘТӘЫ ЕИДГЫЛА АУСБАРҬЕИ АԤСНЫ АКУЛЬТУРА АМИНИСТРРЕИ АУСЕИЦУРАЗЫ АИҚӘШАҲАҬРА РЫБЖЬАРҴЕИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 14, 2022 шықәса. Аԥсынпресс. Иахьа Аԥсныҟа иааит Урыстәылатәи ашәҟәтәы Еидгыла аделегациа.
Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи ашәҟәтәы Еидгыла Анапхгараҭара Ахантәаҩы Сергеи Степашин напхгара зиҭо аделегациа идикылеит. Аделегациа аилазаара иалоуп Апрезидент, Урыстәылатәи ашәҟәтәы Еидгыла Анапхгараҭара Ахантәаҩы Сергеи Степашин, Урыстәылатәи ашәҟәтәы Еидгыла Апрезидент Ихаҭыԥуаҩ, аусбаҩ Леонид Палько, Урыстәылатәи ашәҟәтәы Еидгыла Апрезидент Ихаҭыԥуаҩ Олег Новиков, Урыстәылатәи ашәҟәтәы Еидгыла Апрезидент иабжьгаҩ Виктор Косоуров, Иарку Акционертә Еилазаара «Интерфакс» адиректор Хада актәи ихаҭыԥуаҩ – анагӡаратә директор Гьаргь Гәлиа.
Аиԥылара далахәын Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин.
Аҳәынҭқарра Ахада асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит.
Аиԥылара Аԥсны аганахьала иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, акультура аминистр Даур Ақаҩба.
ЛИУДМИЛА ХОЏЬАШВИЛИ «АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА ЗҼАԤСАЗТӘЫЗ АЗАКӘАНДЫРҨЫ» ҲӘА АҲАҬЫРТӘ ХЬӠЫ ЛАНАШЬОУП.
Аҟәа. Жьҭаарамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Лиудмила Хоџьашвили «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз азиндырҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ланашьара азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
«Азакәанреиа азинеиҿкаареи рырӷәӷәареи атәылауааи аиҿкаарақәеи рзакәантә интерессқәа рыхьчареи, зыҩаӡара ҳараку азанааҭдырреи рзы, «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз азакәандырҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ланашьазааит Хоџьашвили Лиудмила Платон-иԥҳа», – ҳәа иаҳәоит Аусԥҟа атекст аҿы.
АИУБИЛЕИ АЗГӘАҬАРА ИНАМАДАНЫ ААУ АШҬАҾЫ АҴЛА ЕИҬАРҲАИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет афоие аҿы аус аура иалагеит ААУ аҟазара аҟәша, сынтәа инаркны аҟазара афакультет ала есышықәа еиҿкаахо VII Жәларбжьаратәи арт-планер «Аԥснытәи ҭагалан аԥшшәхәқәа-2022ш.» иалахәыз русумҭақәа рцәыргақәҵа.
ЛАША АШӘБА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ДУМА АДЕПУТАТ ОЛЕГ СМОЛИН ДИԤЫЛЕИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәбеи ААУ 90 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә аҽалархәразы иааз аҭҵаарадырреи, иреиҳаӡоу аҵараиуреи рзы Аҳәынҭқарратә Дума Аилак ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Олег Смолини реиԥылара.
Аиԥылара иалахәын: Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Фазлыбеи Аҩӡба, адепутатцәа Инар Саӡба, Инар Гыцба, Апарламент Аппарат анапхгаҩы Вадим Бжьаниа, ААУ аекономикатә теориа акафедра аиҳабы Александр Страничкин, Агуманитартә ҭҵаарақәа ракадемиа ахада Хачатур Мариносиан.
ИВАН ҬАРБА, ВАЛЕРИ БИГУААИ СУРАМ САҚАНИЕИ «АХЬӠ-АԤША» АОРДЕН III АҨАӠАРА РАНАШЬАХЕИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет арҵаҩцәа «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара ранашьара азы Аусԥҟақәа инапы рыҵаиҩит.
Анаукатә усура аҿы илагалеи, анаука-практикатә усура активла ахалахәреи, иара убас ззанааҭтә дырра аҩаӡара ҳараку аспециалистцәа разыҟаҵара аҿы рааԥсареи рзы аорден «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара ранашьазааит:
- афилологиатә наукақәа рдоктор, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет апрофессор Ҭарба Иван Дорофеи-иԥа.
БЕСЛАН ҶКАДУА АԤСНЫ АҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТР ИХАҬЫԤУАҨЫС ДҞАҴОУП.
Аҟәа. Жьҭаарамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҭижьыз Аусԥҟа инақәыршәаны, Беслан Ҷкадуа атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рахь ииасра инамаданы, Аҳәынҭқарратә маҵзура анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ имаҵураҟынтә ихы дақәиҭтәуп.








