pressadmin-2
АМУНИЦИПАЛТӘ УНИТАРТӘ НАПЛАКЫ «АИҚӘЫРШӘАЗААРА» АШЬАҞАМҨАҚӘА ХАҲӘЦӘЫЛА АЧАԤАРА ИАДҲӘАЛОУ АУСУРАҚӘА МҨАԤНАГОИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь Ахадара ашьаҟамҩақәа хаҳәцәыла ачаԥара иазку аусурақәа ирыцнаҵоит. Уажәазы аусурақәа хыркәшоуп Гәлиа имҩа, «Аԥсныфармациа» азааигәара иҟоу ашьаҟамҩа аҿы. Џьонуа имҩала аусурақәа ирыцҵахоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳҭнықалақь Ахадара асаит.
Гәлиа имҩа аҟынтәи Арӡынба имҩа аҟынӡа аусурақәа хыркәшоуп, Аиааиреи Лакобеи иемаздо амҩа ахәҭак аҿы аусурақәа мҩаԥысуеит.
АԤСНЫ ИҞОУ ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АЏЬАР ҞАԤШЬ АМИССИА – 30 ШЫҚӘСА АХЫҴИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Иахьа акультура-усуратә платформа «Гәыма» аҿы имҩаԥысит Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Амиссиа Аԥсны аус ауеижьҭеи 30-шықәса аҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә.
Иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы инагӡаз аусура аихшьаалақәа мҩаԥган, иара убас еизаз рҿаԥхьа дықәгылеит Аԥсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Амиссиа ахада ҿыц Родриго де Резанде. Уи ари агәырӷьаратә мшы азы иколлегацәеи аныҳәа иаҭааз асасцәеи рыгәҭа аҟазаара гәахәара дула ишидикыло азгәеиҭеит, иара убас аиҿкаара агуманитартә зҵаарақәа рыӡбараан агәырӷьаразы еиҭа амзызқәа аҟлап ҳәа агәыӷра шимоу ааирԥшит.
Анаҩс дықәгылеит Амиссиа ахада ицхырааҩ Борис Казанба. Уи еизаз ирзеиҭеиҳәеит инагӡоу апроектқәа ртәы. Урҭ иреиуоуп:
– аполиклиникақәа хәшәыла реиқәыршәареи ашьалаҵара астанциақәа ирыхәҭоу аиқәыршәагақәа рыла аибыҭареи;
– зматериалтә ҭагылазаашьа ԥку ауаа рзы агуманитартә крыфарҭақәа реиҿкаара;
– ахьырхәратә система, амедицинатәии аӡбара-медицинатәи аструктурақәа агуманитартә цхыраара рыҭара;
– хабарда ибжьаӡыз рыӡбахә аилкаара;
МИЛАНА ҴӘЫЏЬБА АԤСНЫ АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА АМЕДИАЦЕНТР АКООРДИНАТОРС ДҞАҴОУП.
Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба идҵа ала, анапгаҩцәа ҿарацәа рконкурс «Аԥсны агәадура» афиналистка Милана Ҵәыџьба Аԥсны ААР Амедиацентр Акоординаторс дҟаҵоуп.
Милана Ҵәыџьба Г.В. Плеханов ихьӡ зху Урыстәылатәи Аекономикатә Университет (ақ. Москва, Урыстәыла) азанааҭҵара «афинансқәеи акредити» ала иреиҳаӡоу аҵара далгеит. Анапхгаҩ ҿарацәа рконкурс «Аԥсны агәадура» афиналисткас, иара убас асоциалтә платформа «Аԥсны Аԥеиԥш» алахәылас дыҟоуп.
АЛЛАШЬҬРАХӘЫ АҨХАА АҞЫНТӘИ АНЫШӘАԤШЬ ИАЛХУ АМКЬАҬ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҟны 100 шықәса инареиҳаны зҵазкуа аамҭахәҭа иалагӡаны еизгоуп 250 нызықь инареиҳанны аҵәахразы инагоу аекспонатқәа. Ҳара амузеи хазы игоу аекспонатқәа рылацәажәара иацаҳҵоит. Ари аматериал абжьаратәи ашәышықәсақәеи ажәытәӡатәи аҭоурыхи рыҟәша аҟынтәи артефакт – Аллашьҭрахәы аҩхаа аҿы иԥшааз анышәаԥшь иалху амкьаҭ иазкуп.
Амкьаҭ 2009 шықәса рзы археолог А.В. Белошеев Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи иаиҭеит. Уи амкьаҭ иԥшааит 1992 шықәсазы Ҟарачы-Черкьессиа аҳәаа иаԥну Аллашьҭрахәы аҩхаа аҿы.
Аҳәынҭқарратә музеи адиректор Аркади Џьопуа ари аекспонат атәы еиҭеиҳәеит.
Амкьаҭ арԥшьшьаратәуп, ацәҩежь-цәҩабжь ԥштәы змоу анышәаԥшь иалхуп. Амкьаҭ ииаалоу амаақәа аман, урҭ рыхәҭак ыӡхьеит. Анышәаԥшь аӡа аҿы хцәаҳәакны ианԥыҟҟалаз илақьҭо аформа змоу аорнамент убаратәы иҟоуп. Амкьаҭ «ажәҩахырқәа» рыла ҩ-цәаҳәакны ицо иара убас анышәаԥшь аӡа аҿы нацәхыԥла иҟаҵоу аҭарҽыларақәа рыла арӷазда алдоуп. Амкьаҭ ахәы аҟаҵашьагьы даара аинтерес аҵоуп: уи ҟаҵоуп ипоу, здиаметр 1,5 см. рҟынӡа инаӡо, еиԥшны иаакәыршаны еихаԥсоу, анышәаԥшь иалху амахәаҷа асахьа змоу ауалырмаҟақәа рыла. Адәахьала урҭ илгәыгәны иҟоуп, ахыхырҷара еиԥшуп, аха аҩныҵҟала – еизаданы иҟоуп.
ВЛАДИМИР АЧБА АԤСНЫ АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА АППАРАТ АНАПХГАҨЫС ДҞАҴОУП.
Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба идҵа ала Владимир Ачба ААР Аппарат анапхгаҩыс дҟаҵоуп.
Владимир Ачба икомпитенциа иаҵанаклоит аминистрра аҿы асистема KPI (аеффективра арбага хадақәа) аус рыдулареи ралагалареи.
Ахылаԥшырҭа аусзуҩцәа зегьы есымчыбжьатәи рхыдҵақәеи русура ахықәкқәеи рызнагахоит. Иара убас адәныҟа-политикатә Хылаԥшырҭа аусзуҩцәа зегьы есымчыбжьатәи русура аҳасабырбара асистема алагалахоит.
ВИКТОРИА МАЛАНИА АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА АОФИЦИАЛТӘ ХАҬАРНАКЫС ДҞАҴОУП.
Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Викториа Маланиа Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә хаҭарнакыс дҟаҵоуп.
Викториа Маланиа амаҵуратә ҭакԥхықәраны илыдҵахоит ауаажәларреи амассатә информациа ахархәагақәеи актуалра злоу амшхәаԥштә зҵаарақәа рзы атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра иааннакыло апозициақәа рзы адырра рыларҵәара.
АПАРЛАМЕНТ АҞНЫ АКУЛЬТУРЕИ АҾАР РУСҚӘЕИ АСПОРТИ РЗЫ АИЛАК ИНАРҬБААУ АИЛАТӘАРА МҨАԤЫСИТ.
Аҟәа. Жьҭаармза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаармза 17 рзы Апарламент аҟны имҩаԥысит Венори Бебиа хантәаҩра ззиуаз Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Акультуреи, аҿар русқәеи аспорти рзы Аилак инарҭбаау аилатәара.
Аилак аилатәара иалахәын Апарламент адпутатцәеи Аҿар русқәеи аспорти рзы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Џьамал Гәбази уи ихаҭыԥуаҩ Мадина Воубеи.
Аилатәараҟны Џьамал Гәбаз далацәажәеит напхгара зиҭо аусбарҭа аусура, аԥснытәи аспорт аихьӡарақәеи аԥеиԥши ртәы.
МОСКВА АҚАЛАҚЬ АҾЫ АКУЛЬТУРАТӘ ПРОГРАММА «АԤСНЫ-УРЫСТӘЫЛА» АҲӘААҚӘА ИРҬАГӠАНЫ ИМҨАԤЫСРАНЫ ИҞОУП АКЛАССИКАТӘ МУЗЫКА АКОНЦЕРТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаармза 21, 2022 шықәса рзы П. И. Чаиковски ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә консерваториа, Рахманин изал аҿы, Москватәи аԥсуа диаспора (МАД), Урыстәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа, Аԥсны акультура Аминистрра иҟарҵаз адгылара иабзоураны, акультуратә программа «Аԥсны-Урыстәыла» аҳәаақәа ирҭагӡаны, аклассикатә музыка аконцерт мҩаԥысуеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Москватәи аԥсуа диаспора (МАД) апресс-маҵзура.
Аконцерт амҩаԥгаҩ – Р. Д. Гәымба ихьӡ зху аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асахьаркыратә напхгаҩы Есма Џьениа. Апроект автор – Виктор Абрамиан-Ешба. Аконцерт апрограмма иалагалоуп урыстәылатәи, аԥснытәи, европатәи акомпозиторцәа рырҿиамҭақәа.
Аконцерт рхы аладырхәуеит Аԥсны Аҳәынҭқарра акамертә оркестр асолистцәа: Елена Ҳагба (меццо-сопрано), Аԥсны аҳәынҭқарратә филармониа асолистка; Нана Черқьезиа (сопрано); жәларбжьаратәи аконкурсқәа рлауреат Мариа-Емилиа Терзиан-Ҳагба (аскрипка); жәларбжьаратәи аконкурсқәа рдипломант Виктор Абрамиан-Ешба (аскрипка); Адирижиор – жәларбжьаратәи аконкурс алауреат Барас Кәыџба.
АԤСНЫ АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА АҾЫ АИДЫСЛАРАҚӘА РАЗԤХЬАГӘАҬАРЕИ РАԤЫРҞӘҞӘААРЕИ РЗЫ АҚЫРҬУА-АԤСУА МЕХАНИЗМ АУСУРА АЛАГАРА АЛАЦӘАЖӘАРА МҨАԤЫСУЕИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 17 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин диԥылеит. Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит аминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәбеи Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ иабжьгаҩ-ацҳаражәҳәаҩ Максим Литвинов, ҳәа иаанацҳауеит адәныҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Аиԥылара иалахәыз Гал ақалақь аҿы аидысларақәа разԥхьагәаҭареи раԥырҟәҟәаареи рзы ақырҭуа-аԥсуа механизм (МПРИ) аформат аусура алагара иалацәажәеит.
Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵала аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аидысларақәа разԥхьагәаҭареи раԥырҟәҟәаареи рзы ақырҭуа-аԥсуа механизм (МПРИ) аформат аусура алагара азҵаара аус адулара мҩаԥнагоит. Аԥсуа гани Урыстәыла ахаҭарнакцәеи аҭыԥқәа рҿы аибарххара армаҷреи ашәарҭадара арӷәӷәареи алзыршо иарбоу аформат ала аусура аиҭахацыркра азы азҿлымҳара аадырԥшит.
Аиҿцәажәаратә процесс алахәылацәа зегьы рпозициақәа реиқәыршаҳаҭра апроцесс мҩаԥысуеит.
АПРОГРАММА «АҚЫҬАНХАМҨА АҾИАРА» АҲӘААҚӘА ИРҬАГӠАНЫ 2022 ШЫҚӘСА НҴӘААНӠА 161 ПРОЕКТ НАГӠАХОИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Лана Ҵәыџьба/. 2022 шықәсазы ахылаԥшратә хықәкытә программа «Ақыҭанхамҩа аҿиара» аҳәаақәа ирҭагӡаны, арахәааӡара, аҵиааӡара, ашәыр аус адулара, аԥсыӡкра, уҳәа ахырхарҭақәа рыла 161 проект ақәыршаҳаҭра роуит. Иарбоу апроектқәа рҟынтәи проеткқәак иахьа анагӡара мҩаԥысуеит, ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо адырра ҟаиҵеит атәыла аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа.
Аминистр иажәақәа рыла, апрограмма абар шьҭа ҩы-шықәса ирылагӡаны қәҿиарала аус ауеит. Ақыҭанхамҩа аҿиара азы 2022-тәи ашықәс азы абиуџьеҭ аҿы иазԥхьагәаҭоуп 100 млн. мааҭ.
«Сынтәа, иҳаҩсыз ашықәс азы еиԥшҵәҟьа, еиуеиԥшым ахылаԥшырҭақәа: Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа, аминистрцәа Реилазаара, Апарламент, афинансқәа Рминистрра, уҳәа рхаҭарнакцәа злаху акомиссиа аԥҵан. Акомиссиа ақәыргылаҩцәа рыпроектқәа зегьы ирыхәаԥшуеит, анаҩс аҭыԥқәа рахь ицаны агәаҭарақәа мҩаԥнагоит, апроект иарбоу аинформациа ахьынӡаиашоу, ақәыргылаҩцәа адгьылтә ҵакырақәа рымоу-ирымаму, урҭ арахәааӡара иахьынӡанаало иахәаԥшуеит. Уи аамышьҭахь ауп акомиссиа апроектқәа рышьақәырӷәӷәара анымҩаԥнаго», - ҳәа иҳәеит Беслан Џьопуа.
Уи апрограмма апринцип хада – ақәыргылаҩ баша афинансқәа изоужьра акәымкәа, Аминистрра ала апроект анагӡаразы ихымԥадатәиу аиқәыршәагақәа, амаҭәахәқәа, аинвентарь раахәарала ацхыраара аҭара ауп ҳәа иазгәеиҭеит. «Уи зыҟаҵахо ахықәкы иашьашәаламкәа аԥаратә хархәагақәа рныхра ҟамларц азы ауп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Беслан Џьопуа.
Ақыҭанхаҩа аминистр сынтәа ақыҭауаа рзы еиҳаны атехника аахәара алыршахеит ҳәа адырра ҟаиҵеит. Уи – амотоблокқәа, атрактор- маҷқәа, иацрарҳәо адгьыл аус адуларатә техника, иара убас ацраҳәатә ақәырԥыҟҟагақәа роуп.
Беслан Џьопуа иажәақәа рыла, сынтәа иалкаахеит 161 проект, урҭ рынагӡаразы иаҭаххо аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 76 млн 700 нызықь мааҭи рҟынӡа инаӡоит.
«Ахықәкытә программа анагӡаразы абиуџьет аҟынтәи иазоужьхаз 100 млн. мааҭ рҟынтәи, ҳара иара убас иҳамоу Амотор-трактортә станциақәа рзы аԥсахгатә маҭәахәқәа, еиуеиԥшым аԥхасҭа зырҿио ахәаҷа-маҷақәа рҟынтәи аҵиаақәа рыхәышәтәразы рхы иадырхәо ахимиатә маҭәашьарқәа, уҳәа раахәара алҳаршоит», - ҳәа иҳәеит иара.
Аминистр иара убас иарбан хырхаҭақәоу ақәыршаҳаҭра зауз, насгьы урҭ рфинанстәра ашәгаақәеи рзы адырра ҟаиҵеит. Убас:
Арахәааӡара – зфинанстәра аицҵалыҵ 17 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡо 41 проект. Урҭ рахьынтә зфинанстәра аицҵалыҵ 10 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡо 30 проект арахәа ааӡара иадҳәалоуп.
Аҵиааӡара зфинанстәра аицҵалыҵ 24 млн. 600 нызықь мааҭи рҟынӡа инаӡо – 56 проект, урҭ рахьынтә зфинанстәра аицҵалыҵ 5 млн. 384 нызықь мааҭи рҟынӡа инаӡо 9 арԥхаратә нхамҩақәа рзы, зфинанстәра аицҵалыҵ 19 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡо, абаҳчарақәа рҿы шықәсырацәа изызҳауа аҵлақәа реиҭаҳара иазку 47 проект анагӡара азы. Абаҳчақәа ирзоужьхо адгьылҵакырақәа 59 га рҟынӡа инаӡоит, акарпыжәи ашьынкеи рааӡара азы – 5 га, аџьықәреи, акартошь, уҳәа реиԥш иҟоу, шықәсык ицо акультурақәа рзы – 15 га.
Аминистр инаҵшьны иазгәеиҭеит ари ахархәаразы иалагалаз иҿыцу аплошьадқәа шраку. Урҭ уаанӡа аус рыдыруалаӡомызт. «Ҳара ауаа уаанӡа арасеи аџьықәреи ахьаадрыхуаз адгьылқәа рҿы аиҭаҳара рабжьаҳгаӡом», – ҳәа иҳәеит Беслан Џьопуа.








