13-ноября-2022

АСЛАН БЖЬАНИА: АԤСНЫ АЕКОНОМИКА АҲӘААНЫРЦӘТӘИ АИНВЕСТИЦИАҚӘА РАЛАГАЛАРА АДГЬЫЛ АҬИРА АКАЛА ИАДҲӘАЛАӠАМ.

Аҟәа. Абҵарамза 13, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. «Аинвестициақәа рҟынтәи ахашәалахәқәа уажәы зынагӡара мҩаԥысуеи ааигәа иазԥхьагәаҭоуи асоциалтә программақәа ирышьаҭаны иҟоуп. Арҭ ахашәалахәқәа ашколқәеи ахәышәтәырҭақәеи рыргылареи реиҭашьақәыргылареи,  ҳхәыҷқәа рыкрыфареи реилаҳәареи рырҿиареи, уҳәа рзы ҳҳәынҭқарра алшарақәа ишиашоу ианыԥшуеит», - ҳәа абҵарамза 10 рзы ҩы-шықәсеи бжаки рыла, атәыла Ахадас иҟазаара аамҭа иҭагӡаны имҩаԥгаз  аусура азы аҳасабырба ҟаҵо иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.

Аҳәынҭқарра Ахада ареспублика аекономика еиуеиԥшым аусхкқәа аинвестициқәа радыԥхьалара азҵаара акыр ахшыҩзышьҭра ду аиҭоит.

«Қәҿиарала инагӡоу апроект аҳасабала аҳәаанырцәтәи акапитал алагалара азы ҿырԥштәыс иаагазар ҟалоит Очамчыра араион Тамшь ақыҭан иаартыз атуристтә комплекс «Тамыш Village»,-ҳәа иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.  

«Ари акомплекс алра ахьгылахьаз, игәыгәҭажьны иҟаз тамшьтәи амшын аԥшаҳәа аҿы иргылан. Арахь инаган акоммуникациақәа зегьы, еиҭашьақәыргылан амҩа, аимадара, афымцалашара наган. Аамҭа кьаҿ иалагӡаны 600 шьҭаларҭа змоу 150 коттеџьқәа ргылахеит. Иаԥҵоуп 150 инареиҳаны аусуратә ҭыԥ, урҭ рахьынтә 140 усуратә ҭыԥ аанызкыло Аԥсны атәылауаа роуп. Абжьаратәи аулафахәы араҟа инаӡоит –  32 000 мааҭ рҟынӡа. Иарбоу акомплекс ахь иалагалаз аинвестициақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 391,2 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит.   Иарбоу аобиект аҟынтәи аҳәынҭқарратә биуџьеҭ иалагалаз ашәахтә шәатәқәа 12 млн. мааҭ еиҳахеит», - ҳәа адырра ҟаиҵеит.  

Қәҿиарала имҩаԥысуа аинвестициақәа ралагалара аԥышәа агеографиа мацара Тамшь ақыҭала инҵәом. Очамчыра аиҭашьақәыргылара иаҿуп  40 шықәса инареиҳаны игәыгәҭажьны иҟаз аобиект. Иарбоу атуристтә обиект иалагалоу аинвестициақәа шәкыла амиллионқәа рҟынӡа инаӡоит, араҟа ҳаԥхьаӡа иҟалараны иҟоуп 100 инареиҳаны аусуратә ҭыԥқәа. Аԥхынра, 2023 шықәса рзы иарбоу аобиект ахархәарахь адкылара азԥхьагәаҭоуп.

Аҟәа ақалақь аҿы аусура иалагахьеит Гранд-отель «Аҟәа». Араҟа иҟоуп 42 номер, аобиект ахәԥса – 247,5 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит, Аҟәа араион аҿы аусура иалагеит аглемпинг «Гаруда», уи  100 рҟынӡа ашьҭаларҭа-ҭыԥқәа амоуп, апроект ахәԥса  –  75 млн. мааҭ.  Гәдоуҭа ақалақь аҿы аусура иалагахьеит асасааирҭа «Гәдоуҭа», уи иамоуп 350 номер, 700 шьҭаларҭа-ҭыԥ. Гәдоуҭа араион аҿы иргылоуп асасааирҭа «Аԥсны». Араҟа иҟоуп  200 номер,  400 шьҭаларҭ ҭыԥ. Гагра ақалақь аҿы иарбоу аҳасабырбатә аамҭахәҭа иалагӡаны иргылахеит 20 инарзынаԥшуа  аобъектқәа, урҭ рзеиԥш еицҵалыҵ 5,2 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Зыхәԥса 400 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡо  «Напра-Холидеи», зыхәԥса  300 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡо  Спа-отель «Напра», зыхәԥса 150 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡо  аотель «Сокол», уҳәа убас егьырҭгьы. Иаԥҵоуп  400 инареиҳаны аусуратә ҭыԥ ҿыцқәа.

«Аинвестициақәа аҳәынҭқарра ахашәалахәқәа ныррас иамоу убаратәы иҟоуп идуу ашәахтәшәаҩцәа аҳәынҭқарратә биуџьеҭ ахь иаларгало ашәатәқәа рыла», - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.

2020 шықәсазы 2,6 млрд. мааҭ рҟынтәи аҳәаанырцәтәи акапитал злаху аилазаарақәа иаларгалаз ахәҭаа  944 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  

2021 шықәсазы 1,9 млрд. мааҭ рҟынтәи аҳәаанырцәтәи акапитал злаху аилазаарақәа иаларгалаз ахәҭаа 753 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

2022 шықәсазы 2,1 млрд. мааҭ рҟынтәи рублей аҳәаанырцәтәи акапитал злаху аилазаарақәа иаларгалаз ахәҭаа 807 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡон.  

Аҳәынҭқарра Ахада аҳәаанырцәтәи аинвестициақәа ралагалара адгьыл, мамзаргьы Аԥсны Аҳәынҭқарра ажәлар иузаҟәымҭхо амазара аҭира аанагаӡом ҳәа ҷыдала иазгәеиҭеит.

«Сара Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадас сыҟанаҵы уи Аконституциа ахьчара ҭакԥхықәрас исыднаҵы, адгьыл аҭира аганахьала изакәызаалак алацәажәарақәа залыршахом. Сусура зегьы Ҳхәыҷқәа иахьрызҳаша, раԥхьаӡа иахьынхаша Ҳаԥсадгьыл аҿиара, уи аԥеиԥш бзиа ашьақәыргылара иазкуп.  Уаҳа даҽа мҩакгьы ҳамаӡам!» - ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Аслан Бжьаниа.


Прочитано 1386 раз Последнее изменение 14.11.2022
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.