17-ноября-2022

«АХЕИБАРҬӘААРЕИ АԤЫШӘАЛА АИМАДАРЕИ»: АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ИМҨАԤЫСИТ АԤСНИ КРАСНОДАРТӘИ АТӘЫЛАҾАЦӘИ РЫУААЖӘЛАРРАТӘ ПАЛАТАҚӘА РХАҬАРНАКЦӘА РЕИԤЫЛАРА.

Аҟәа. Абҵарамза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс /Алексеи Шамба/. Иахьа Аԥсны Ауаажәларратә Палата аҿы Краснодартәи атәылаҿацә Ауаажәларратә Палата ахаҭарнакцәеи аԥснытәи рколлегацәеи реиԥылара мҩаԥысит.

Аԥсны Ауаажәларратә Палата Амаӡаныҟәгаҩ Гәыли Кьычба асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, ас еиԥш иҟоу аиԥыларақәа хымԥадатәиуп, «избан акәзар, Аԥсни Ҟәбини ирықәынхо ажәларқәа аизааигәахара рҭахуп, уи адунеи аҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьагьы иадҳәаланы иҟам» ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит.

«Ҳара Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра анцоз аамҭазы еиԥш уи ашьҭахь иҟаз иуадаҩыз ашықәсқәагьы рзы ҳара ҳганахьала аекономикатә блокада аналагалазгьы, Краснодартәи атәылаҿацә аҟынтәи адгылареи ацхыраареи шҳамаз ҳдыруан», - ҳәа илҳәеит лара.

Гәыли Кьычба Аԥсни Краснодартәи атәылаҿацәи рыуаажәларратә Палатақәа рыбжьара иҟоу аусеицура  ессааира амҽхак шыҭбаахало, уи ахеибарҭәаареи аԥышәа аимадареи рзы хра злоу алшара аԥнаҵоит ҳәа агәра ганы дыҟоуп.

Аԥсны Ауаажәларратә Палата алахәыла Алеқсандр Страничкин асасцәа раара азы иҭабуп ҳәа реиҳәеит, ас еиԥш аимадара акыр аҵак ду шамоу азгәеиҭеит, ашықәсқәа инеиԥынкыланы Краснодартәи атәылаҿацә аҟынтәи Аԥсны иаиуо ацхыраара атәы иҳәеит.

Краснодартәи атәылаҿацәтә уаажәларратә еиҿкаара  «Амилаҭтә культурақәа Рцентр «Аԥсны» анапхгаҩы Васили Ҷанба асасцәа рделегациа иааркьаҿны рыдгалара мҩаԥигеит, иара убас уи ас еиԥш аимадарақәа «еиҳа еиӷьны аибадырреи еиуеиԥшым аҩаӡарақәа рҿы аусеицуреи рзы алшара аԥнаҵоит» ҳәа иазгәеиҭеит.  

 

Аԥсны Ауаажәларратә Палата алахәыла Сократ Џьынџьал  игәалаиршәеит Краснодартәи атәылаҿацә иахьаҵанакуа анапаҵыҩра шымҩаԥысхьаз Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара ахырхарҭа алагьы уахь иналаҵаны, Аԥсны иадҳәалоу акыр аҵак ду змаз аусшәҟәқәа.

«Иарбоу аусшәҟәқәа ирну аҭагылазаашьақәа ишахәҭоу ала анагӡара шалмыршазгьы, атәылаҿацә анапхгара апозициақәа реизаигәахара азы ихымԥадатәиу аҭагылазаашьа аԥнаҵон.  Иара убас Ҟәбина аибашьра аан Аԥснытәи ахҵәацәа мҽхакы ҭбаала ацхыраара рынаҭеит», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.

Сократ Џьынџьал игәаанагарала, Краснодартәи атәылаҿацәынтәи рколлегацәеи дареи аԥышәаеимадара абжьаҵара, хыԥхьаӡара рацәала хра злоу апроектқәа рынагӡара зырманшәало ҭагылазаашьаны иҟалоит.

Краснодартәи атәылаҿацә Ауажәларратә Палата алахәыла Геннади Подлесныи, азакәанқәа зегьы Апарламент аҿы рышьақәырӷәӷәара ҟалаанӡа Апалата аҿы «анольтә ԥхьара» ҳәа изышьҭоу аԥхьанаттәи аԥхьара иахысуеит. Иарбоу апроцедура аҳәаақәа ирҭагӡаны, азакәан апроектқәа зегьы хазы-хазы ҷыдала иаԥҵоу аусуратә комиссиақәа рҿы  аекспертцәа рыла иҭҵаахоит ҳәа иазгәеиҭеит.

«Зныкгьы иҟамлацт ҳара ҳазгәаҭарақәа адепутатцәа ҳасаб рызумкәа иаанрыжьуаны», - ҳәа иҳәеит иара.

Гәыли Кьычба, ареспублика Ауаажәларратә Палата авторитет ду  шамоу азгәаҭо, иара убри аамҭазгьы Апалата абжьгарақәак еиуеиԥшым аструктурақәа  иахәҭоу рыхшыҩзышьҭрада ишаанхогьы азгәалҭеит.  


Прочитано 1064 раз Последнее изменение 18.11.2022
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.