05-декабря-2022

АԤСНЫТӘИ ААЛЫҴ НИКАРАГУА АЖӘЛАРҚӘА РЫФАТӘИ АҚЬЫРСАТӘ ТРАДИЦИАҚӘЕИ РФЕСТИВАЛЬ АҾЫ ИЦӘЫРГАҚӘҴАХЕИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Никарагуа имҩаԥысит аҭыԥантәи ажәларқәа рыфатә хкқәеи ақьырсиантә традициақәеи ирызку есышықәсатәи Жәларбжьаратәи афестиваль».

Афестиваль  рхы аладырхәит аконтинентқәа зегьы рҟынтәи  40 тәылы рхаҭарнакцәа. Иаҭааит  25 нызықь инареиҳаны ауаа.  

Никарагуа акультура аминистр Луис Моралес Алонсо иааԥхьарала ацәыргақәҵа аартра иадҳәалоу агәырӷьаратә церемониа рхы аладырхәит Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩбеи Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи.

Афестиваль аҿы ицәыргақәҵахеит иара убас аԥснытәи аарыхыҩцәеи аҭыжьыҩцәеи раалыҵ, аԥсуа милаҭтә костиумқәа, Аԥсны иазку амузыкеи авидеонҵамҭақәеи.

Аԥснытәи астенд аҭааҩцәа рацәаны иадҵаалеит, урҭ аԥснытәи атауарқәа Никарагуа раагареи раахәареи алыршаразы иазҵаауан.

Ацәыргақәҵа официалла аартра ашьҭахь, Никарагуа анапхгара ахаҭарнакцәа, иара убас аҳәаанырцәтәи атәылақәа рыцҳаражәҳәаарҭақәа рхаҭарнакцәа Аԥсны астенд иаҭааит, Аԥсны иаарыху, иҭыжьу аалыҵ агьама рбеит, Аԥсны ахаҭарнакцәа афестиваль ралахәхара рыдырныҳәалеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны акультура Аминистрра апресс-маҵзура.


Прочитано 1039 раз Последнее изменение 05.12.2022
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.