06-декабря-2022

ВЛАДИМИР ПУТИН АԤСНЫ АСОЦИАЛ-ЕКОНОМИКАТӘ ҾИАРА АЦХЫРААРА АҬАРА АЗЫ АИҚӘШАҲАҬРА ШЬАҚӘИРӶӘӶӘЕИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 6, 2022 шықәса Аԥсныпресс.  Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин 2022-2025 шш. ареспублика асоциал-економикатә ҿиара иазку аҳәынҭқарратә программа анагӡараҿы ацхыраара аҭаразы Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра шьақәирӷәӷәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит  РИА Новости.

Уи иазку аусшәҟәы азинтә информациа аофициалтә интернет-портал аҿы  икьыԥхьуп.

«Шәача ақалақь аҿы, абҵарамза 24, 2014 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара аиҩызареи астратегиатә партниорреи рзы знапаҵыҩра мҩаԥгаз Аиқәшаҳаҭра анаҩстәи аҿиара ахьӡала ареспублика аекономика аиҭашьақәыргылареи ауааԥсыра рыԥсҭазаара аҩаӡара ашьҭыхреи рҿы ганрацәала адгылареи ацхыраареи аҭара иазырхаз жәларбжьратәи аиқәшаҳаҭрақәа бжьаҵан», - ҳәа иазгәаҭан аилыркаагатә шәҟәынҵа аҿы.

Аилыркаагатә шәҟәынҵа авторцәа ражәақәа рыла, Москва ақалақь, нанҳәамза 4, 2022 шықәса рзы Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара  2022-2025 шш. ареспублика асоциал-економикатә ҿиара иазку аҳәынҭқарратә программа анагӡараҿы ацхыраара аҭаразы Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра мҩаԥысит.

«Аиқәшаҳаҭра - раԥхьаӡа иргыланы, ареспублика аусхкқәа адгылара рыҭара, Аԥсны  акредит аҭара асистема аҿиареи ашәахтәтә напхгараҭара асистема аԥҵареи, уҳәа аҳәынҭқарратә программа иаҵанакуа аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара азы афинанстә цхыраара аҭара иазку азҵаарақәа рҭышәынтәалареи, иара убас Аиқәшаҳаҭра иадҳәаланы урыстәылатәи аган асоциалтә ныхтә хыдҵақәа (атәалахьчара, ашәарҭадара, азинеиҿкаара аиқәыршәара аусхкқәа уахь иналамҵакәа) рынагӡара азы афинанстәра амҩаԥгареи иадҳәалоу, иаку, изеиԥшырку, аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭраны иҟалароуп», ҳәа иазгәаҭоуп аилыркаага шәҟәынҵа аҿы.


Прочитано 1076 раз Последнее изменение 06.12.2022
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.