21-декабря-2022

АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБ НИКАРАГУА ИҞОУ АԤСНЫ АЦҲАРАЖӘҲӘАҨ ИНАЛ ЛАДАРИА ДИДИКЫЛЕИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 21, 2022. Апсныпресс. Аԥсни Никрагууеи ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа рҭагылазаашьеи аҩганктәи аусеицура аҳәаақәа рырҭбаара аперспективақәеи рзы аԥыза-министр адыррақәа ииҭеит уажәы Аҟәа иҟоу, ааигәа змаҵуратә уалԥшьа анагӡара иалагаз Никарагуа иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Инал Ладариа.  

Аԥснытәи адипломатиатә миссиа ахада ишазгәеиҭаз ала, Ацҳаражәҳәарҭеи ниакарагуатәи атәыла анапхгаратә структурақәеи аеффективра злоу аусеицура рыбжьоуп, уи моу уи ҷыдала аиҩызаратәи аимабзиаратәи аҟазшьа шамоу инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Инал Ладариа еиуеиԥшым аусхкқәа рҿы Никарагуа аус ацура аганахьала ихатәы ажәалагалақәа ҟаиҵеит. Аԥыза-министр игәаанагарала, арҭ ажәалагалақәа аинтерес аҵоуп, урҭ алацәажәареи Аԥсны апрофилтә структурақәа рҿы ақәыршаҳаҭреи рҭахуп.

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз анапынҵа ала, аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Никарагуа анапхгара аԥсуа ган аҩ-тәылак рыбжьара хра злоу аизыҟазаашьақәа рыҿиареи рырӷәӷәареи акыр аҵак ду анаҭоит ҳәа адырра рызнеигарц азы Ацҳаражәҳәаҩ иахь аҳәара ҟаиҵеит.

Аиԥылара аҿы иара убас ирылацәажәеит Ацҳаражәҳәарҭа аматериал-техникатә еиқәыршәара иадҳәалоу азҵаарақәагьы.

 


Прочитано 1068 раз Последнее изменение 21.12.2022
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.