20-декабря-2022

АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ШӘАРҬАДАРА АМАҴЗУРА АУСЗУҨЦӘЕИ АНАПХГАРАҬАРЕИ РЗАНААҬТӘ НЫҲӘА РЫДИНЫҲӘАЛЕИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 20, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аветеранцәеи хаҭалатәи аилазаареи анапхгараҭареи Амаҵзура аԥҵара 30-шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.

Адныҳәаларатә текст аҿы иҳәоуп: 

«Ҳаҭыр зқәу сколлегацәа!  Ишәыдысныҳәалоит аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аԥҵара 30-шықәса ахыҵра.

ХХ-тәи ашәышықәса алагамҭазы иаԥҵаз ашәарҭадара аусбарҭақәа ҭтәыла аҿы аҭоурых ду амоуп, уи еиуеиԥшым апериодқәа аҵанакуеит –ҳара зегьы ҳазгәдуугьы иара убас агәхьаа ҳазцәырызгогьы. Урҭ иреиуоуп арепрессиақәеи аԥсуа интеллигенциа, иналукааша аҳәынҭқарратәии ауаажәларратәии усзуҩцәеи ауаажәлари рнырҵәара иадҳәалаз аамҭахәҭақәа. Уи зегьы асовет аамҭазы, аԥсуа жәлар азакәантә интерессқәеи азинқәеи рыхьчара иазкыз амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара активизациа азы иҟалаз хҭысқәоуп.  

Аха арҭ иуадаҩу аамҭақәа аҭоурых адаҟьақәа ирнылеит, урҭ ҳашьҭахьҟа иаанхеит, уаҳагьы иҟалараны иҟам.

Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аан еиԥш иахьа уажәраанӡагьы аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аветеранцәа реиԥш ҿыц еиҵагылаз аусзуҩцәа рабиԥареи еивагыланы уаанӡа еиԥш иахьагьы ҳҳәынҭқарра аинтересқәа рыхьчара иаҿуп, уи азы ирылшо зегьы ҟарҵоит.

Ҳаамҭазтәи Аԥсны аҿаԥхьа аперспектива дуқәа ыҟоуп, ҳтәыла аҿыц аамҭа иалалеит, ҳҿаԥхьа ахықәкы ҿыцқәа ықәгылоуп. Ҳара ҳазхиазароуп ауадаҩрақәагьы риааира.  Агәра ганы сыҟоуп, ишәымоу аԥышәа дууи ихымԥадатәиу адыррақәеи иҳараку амотивациеи ирыбзоураны Шәара шәҿаԥхьа иқәгылоу ахыдҵақәа зегьы зеиӷьаҟам ала рынагӡара шшәылшо.  

Гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит шәусураҿы ақәҿиарақәеи шәҭаацәарақәа рҿы аманшәалареи агәабзиареи аизҳазыӷьареи!!»


Прочитано 803 раз Последнее изменение 22.12.2022
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.