24-января-2023

АХАДА АНАГӠАРАТӘ МЧХАРА АУСБАРҬА ХАДАҚӘА РНАПХГАҨЦӘА АЛАРХӘНЫ 2022 ШЫҚӘСА АИХШЬАЛАҚӘА ИРЫЗКУ АИЛАЦӘАЖӘАРА МҨАԤИГЕИТ.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа анагӡаратә мчхара аусбарҭа хадақәа рнапхгаҩцәа алархәны 2022 шықәса аихшьалақәа ирызку аилацәажәара мҩаԥигеит. 

Аҳәынҭқарра Ахада аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб абиуџьет анагӡара иазкны иҟаиҵаз аҳасабырба дазыӡырҩит. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба, атуризм аминистр Ҭемраз Хышба, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа, аҵара аминистр Инал Габлиа, акультура аминистр Даур Ақаҩба, адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба, аҷыдалкаатәи азинмчы змоуи аминистр Лев  Кәыҵниа, аиустициа аминистр Анри Барцыц, асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба иара убас аҳасабырба ҟарҵеит имҩаԥгоу аусуразы.

Аилацәажәараан иазыӡырҩит ашәахтәқәеи аизгатәқәеи рышьҭыҵреи, аҳәынҭқарра ахатәы хашәалақәа реизҳареи, абиуџьеттә политика аиҵатәреи ирызкыз аҳасабырбақәа.

Иара убас иахцәажәеит излымшои ахшарацәа змоуи аҭаацәарақәа аҳәынҭқарратә программа «Анхарҭа» аҳәаақәа ирҭагӡаны нхарҭала реиқәыршәара атема, абылтәы ахәԥсақәа реиҵахара, асоциалтә программақәа рынагӡареи атәылауаа хықәкыла ацхыраара рыҭареи уҳәа, егьырҭ азҵаарақәа.

Иазааҭгыланы иалацәажәеит иаарласны зыӡбара аҭаху атемақәа – ҷыдала, афымцамчтә усхк аҟны иҟоу аҭагылазаашьа, азинеилагарақәеи амҩақәа рыҟны амашәыри ирҿагыланы ақәԥара, зыда ԥсыхәа ыҟам ауснагӡатәқәа агәабзиарахьчараҟны, атәылаҟны аинвестициа адԥхьалара аизырҳара ирызку.

Афымцамч аҟны иҟоу аҭагылазаашьа далацәажәо, Ахада аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган иҟалҵаз аҳасабырба дахцәажәеит. Ҷыдала, уи аилацәажәараҟны иҟаз аминистрцәеи араионқәа рхадацәеи иргәалаиршәеит изакәанымкәа акриптовалиута арҳара аҿагыларазы акомиссиақәа шаԥҵаз, ари акриптоферма дуқәа русура аанкылара шалнаршаз.

«Уажәы аппаратқәа рацәаӡаны ауааԥсыра рыҩнқәа рыҟны иқәгылоуп - 5 - 10 цырала. Аҩны 2,5 кВт/с афымцамч зго 5 аппаратк ықәгылазар, уи 365-нтә ишьҭыхзар, шықәсык аҩныҵҟа ирго афымцамч иартәоит 109000 кВт/с. Иахьатәи атариф 1, 3 маат ала 1 кВт/с азы ари иалҵуеит 142 000 мааҭ. Ас еиԥш аппаратқәа иҳамоу адырраҭарала, Аԥсны 50 000 цыра ыҟоуп. Аппаратқәа ззықәгылоу ауаа атәыла иацәырӷьычуеит миллиардки бжаки мааҭ.  Абас иҟоуп аҭагылазаашьа. Урҭ ззықәгылоу рацәажәара иаԥсаӡам, иаҳҳәо раҳаӡом. Агәраргарала акгьы алҵӡом, мчыла аӡбара аметод ҳхы иаҳархәароуп» - иаҵшьны иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит ауаажәларратә леишәа ашьақәыргылара акырӡа зҵазкуа зҵаараны ишыҟоу. Амҩақәа рыҟны азинтә еилагарақәеи автомашьынақәа рхыҧхьаӡареи амҩатә машәырқәеи реизҳареи инарымаданы аҭагылазаашьа шеицәахаз, иара убас Аҳәынҭқарратә автомомашьынатә инспекциа аиҳабы ҧхьатәара ишьҭра атәы зҳәаз Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба иажәахә дазыӡырҩны, Ахада иазгәеиҭеит атәыла амҩадуқәа рыҟны аҧсыҭбарақәа реиҵатәразы аусра амҩаԥгара ҷыдала иамоу аҵак ду атәы.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аколлектив алшара амоуп, уи рхы иадырхәароуп. Уи атәы ҳалацәажәоит Ашәарҭадара Ахеилак анаҩстәи аилатәараҟны. Алҵшәа аныҟамла, аӡбамҭақәа ҳадаҳкылоит, акадртә зҵаарақәагьы убрахь иналаҵаны",- иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Аизараҿы зҿлымҳара ду аҭан Аԥсны аинвестициа адыԥхьалара азҵаара арҿиара. Аҳәынҭқарра Ахада аминистрцәеи араион ахадацәеи азхьаирԥшны далацәажәеит атуристтә аамҭа аизырҳаразы аинвестициа адыҧхьаларазы аусура арӷәӷәара шаҭаху атәы.

Ҷыдала, иазааҭгылан иҭацәу атуристтә хыбрақәа русура ахацыркра, иара убас иҿыцу рыргылара азҵаара. «Гәдоуҭа араион аҟны игылаз, 40ш. инареиҳаны аус зымуаз аобиект иахьа аинвесторцәа рыбзоурала аус ауеит. Убри аҩыза ахыбра ыҟоуп Очамчыра, жәашықәсала аус зымуаз, ҳазҭоу ашықәс рашәарамзазы ахархәарахь ирыҭахоит. Мҽхакы ҭбаала аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит ԥастәи арратә санаториақәа МВО, РВСН рыҟны, Аҟәа. Сынтәатәи аԥхынра, нанҳәамза акы аҟынӡа ахархәарахь ирыҭахоит 300 номер инареиҳаны, 4+ акатегориа иаҵанакуа. Ари ала – аусурҭа ҿыцқәа, абиуџьет алагаламҭақәа.

2023 шықәса нҵәаанӡа аинвестор игәы  иҭоуп арҭ адгьылҵакырақәа рыҟны 4+ акатегориа  змоу зықь номер аартра, агаҿа аиҭашьақәыргылара, иара убас Басла аӡиас аҟны ацҳа аҟаҵара. Аинвестор дцәырҵит ирбгоу егьырҭ асасааирҭақәа реиҭашьақәыргылара зылшо. Аха аинвесторцәа ацхыраара рыҭатәуп, ҳаигәныҩны аҭагылазаашьа аиӷьтәра ҳалҳаршароуп. Уи аҭыҧ ҿыцқәа рнаҩсангьы, аинфраструктура аҿиареи акультура аизырҳареи иацхраауеит», - иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Аизара аихшьала ҟаҵо, Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит:

«Иахьа ҳара ҳрыламцәажәаӡеит аекономика, атуризм, ақыҭанхамҩа, атранспорт, атранзиттә хархәара уҳәа рызҵаарақәа. Сара сызлахәаҧшуа ала, азҵаара уажәшьҭа ишәит. Аминистррақәа рнапхгаҩцәа раҳасабырба иаҳәоит имҩаҧгоу аусурақәа ртәы. Уи иаанагаӡом аминистррақәеи аусбарҭақәеи рыҟны проблема ыҟаӡам ҳәа. Хымҧада, иҟоуп. Еиԥыларак аҳәаақәа ирҭагӡаны зегьы ҳазрыламцәажәаӡеит. Атенденциақәа цәгьам, урҭ рҿиалатәуп. Ари ашықәс азы ацәажәараҟнытә аус ҳаиасроуп», - иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

   


Прочитано 2099 раз Последнее изменение 25.01.2023
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.