25-января-2023

АԤСНЫ 5 863 ИНАРЗЫНАԤШУА АОБИЕКТҚӘА ИХАДОУ АГӘРАГАГАҚӘА РЫЛА АҲӘААНЫРЦӘТӘИ АТӘЫЛАУАА РХАРХӘАРАҾЫ ИҞОУП.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аманда Касланӡиа/. Аотельқәа русура азы анорма-зинтә шәҟәынҵақәа рыдкылара атуристтә усхкы, иааизакны аекономика аҿиара азы акырӡа аҵанакуеит, - ҳәа аҩаша,   ажьырныҳәамза 24 рзы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Иусбарҭа аҿы анагӡаратә мчра аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа алархәны имҩаԥысыз аилатәара аҿы 2022 шықәсазы атәыла Анапхгара инанагӡаз аусура азы аҳасабырба ҟаҵо абри атәы далацәажәеит  аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб.

«Жәларбжьаратәи аԥышәа, Урыстәылатәи Афедерациа аԥышәа ишаҳнарбо ала, хаҭалатәи ахархәара азы апартаментқәа раахәара, мамзаргьы рыргылара азы алшара хра злоу аекономикатә еффект аиуеит, атуристтә усхкы аҿиара иацхраауеит. Иарбоу абизнес аҿиара ихадоу ахырхарҭақәа иреиуоуп ахархәара змам аҵакырақәа рхархәара, иара убас уи иашьашәалоу аенергетикатә, анџьныртә, анхаратә, атранспорттә, уҳәа аинфраструктура аԥҵара, мамзаргьы арҿиара, аинвестор ихарџь алагьы уахь иналаҵаны». 

Алеқсандр Анқәаб ихадоу агәрагага ашьаҭала аҳәаанырцәтәи атәылауаа ирыҭаз анхарҭатә обиектқәа рзы аинформациа ҟаиҵеит. Уи иажәақәа рыла, иахьазы 5 863 инарзынаԥшуа аобиектқәа ихадоу агәрагагақәа рыла аҳәаанырцәтәи атәылауаа рхархәараҿы иҟоуп .

«Аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа зегьы ирылагӡаны ихадоу агәрагагақәа рыла Аҟәа ақалақь аҿы аҳәаанырцәтәи атәылауаа ахархәаразы ирыҭан 2218 цыра анхарҭаҭыԥқәа, Аҟәа араион аҿы – 140, Гәылрыԥшь араион аҿы   –  291, Гәдоуҭа араион аҿы – 592, Гагра араион аҿы – 2021, Очамчыра араион аҿы  –  294, Ҭҟәарчал араион аҿы – 17, иара убас Гал араион аҿы – 5. Иааизакны уахәаԥшуазар, урҭ рхыԥхьаӡара 5863 обиеект рҟынӡа инаӡоит, урҭ зегьы агәрагага ала аҳәаанырцәтәи атәылауа ирымпыҵакуп. Ари зегьы ҳара ҳауп иҟазҵаз, ҳнотариусцәа рнапала, ҳауаажәлар рыла иҟаҵоуп», - ҳәа иҳәеит аԥыза-министр.

Атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба убасҵәҟьа Аԥсны апарт-отельқәа рыргылара атуристтә усхкы аҿиара иацхраауеит ҳәа игәаанагара иҳәеит.

«Ҳара Шәача ақалақь иаҿырԥшны аҭҵаарақәак мҩаԥаагеит. Шәача ақалақь аҿы ҿыц иргылаз апарт-отельқәа раҳасабала ашьҭаларҭа-ҭыԥқәа рхыԥхьаӡара аизырҳара амҩа алырхит. Уи –иҿыцу атенденциа ауп, уи адагьы ҳаамҭазтәи ареспублика аҿы атуризм аҿиара зыҟаларым», -ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Ҭеимураз Хышба.


Прочитано 825 раз
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.