25-января-2023

НИКА БАСАРИА ИԤАРШЕИУ АԤАРАҚӘА РХАРХӘАРА АЗЫ АХАРАДҴА ИДҴОУП.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусеилыргаратә ҟәша азакәантә ӡбамҭа адкылара азы Ҭҟәарчал араион аҿы инхо, 1998 шықәсазы ииз Басариа Ника Гела-иԥа иганахьала ахарадҵа зцу аус аӡбарҭа ахь идәықәнаҵеит.  Басариа Ника  Аԥсны Ашьаус Закәанеидкыла ахәҭаҷ  184 ахәҭа 2 инақәыршәаны ацәгьоура аҿы ахара идҵоуп (Иԥаршеиу зыхә дуу ақьаадқәа, мамзаргьы аԥарақәа рҭыжьреи рхархәареи).

Аусеилыргара аматериалқәа рыла, Ника Басариа, нанҳәамза 22, 2022 шықәса рзы Адлертәи араион Шәача ақалақь аҿы имаӡоу ацәыҵах аҳасабала 65 цыра иԥаршеиу акупиурақәа ааихәеит. 5 000 мааҭ ицоз акупиурақәа реицҵалыҵ  325 000 мааҭ рҟынӡа инаӡон. Ника Басариа иарбоу иԥаршеиу аԥаратә хархәагақәа  анаҩс ахархәара азы Аԥсныҟа иааигеит.


Прочитано 853 раз
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.