01-февраля-2023

АԤСУА БЫЗШӘА АҾИАРАЗЫ АГӘЫҲАЛАЛРАТӘ ФОНД АҲАСАБЫРБАТӘ ПРЕСС-КОНФЕРЕНЦИА МҨАԤНАГЕИТ.

Аҟәа. Жәабранмза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Баграт Шьынқәба ихьӡ зху аԥсуа бызшәа аҿиаразы агәыҳалалратә Фонд аҳасабырбатә пресс-конференциа мҩаԥнагеит. Араҟа Афонд анапхгаҩи уи аусзуҩцәеи инагӡаз апроектқәеи иахьа Афонд аҿы аус здыруло апроектқәеи, иара убас ааигәа иазԥхьагәаҭоу ауснагӡатәқәеи ртәы инарҭбааны иалацәажәеит.

Апресс-конференциа аартуа, Баграт Шьынқәба ихьӡ зху агәыҳалалратә фонд адиректор Леуан Миқаа афонд ахықәкы хада – аԥсуа бызшәа аҿиара ауп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

«Ҳара ҳфонд атәыла аҿы амилаҭтә бызшәа аҿиара азы еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла шықәсык акәым аус ауеижьҭеи.  Ари зегьы иаҳзеиԥшу проблемоуп, уи аӡбараҿы хымԥада адгылареи ацхыраареи ҳҭахуп», - ҳәа иҳәеит Леуан Миқаа.

Афонд аусзуҩ Леуан Лагәлаа Афонд аҿы аус здыруало апроектқәа инарҭбаны дрылацәажәеит.

Актәи апрект – ари «Аԥсшәа бзиа избоит сара» ҳәа хыс измоу ашколнӡатәи ақәра иаҵанакуа ахәыҷқәа рзы аԥсуа бызшәа аҵара аметодика ауп.   Леуан Лагәлаа иажәақәа рыла, иарбоу аметодика Аԥсны иахьаҵанакуа аус зуа хазхаҭалатәи ахәыҷтәы ҵараиурҭақәа рҿы аԥышәатә гәаҭара иахысит. Иазгәаҭатәуп, уи хра злоу алҵшәақәагьы шаанарԥшыз.

«Аметодика Аԥсны аҵара Аминистрреи Аҟәа ақалақь аҵара аҟәшеи рҿы ақәыршаҳаҭра аиуит.  Уажәы уи атәыла ашколнӡатәи аҵараиурҭақәа рҿы аларҵәара ауп иаанханы иҟоу.  Ҳара хәыда-ԥсада аҵараиурҭақәа зегьы аметодика рызнаҳгеит», - ҳәа иҳәеит иара.

Аҩбатәи апроект – ари афильмқәа аԥсышәала рдублиаж аҟаҵара ауп. Афонди Аинтернет-проваидер «Системеи» аиқәшаҳаҭра рыбжьоуп. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны мызкы иалагӡаны аԥышәатә режим ала афильмқәа аԥсуа бызшәала абжьы рхаҵара мҩаԥгахоит.  

Акыр хадара злоу проектны иҟоу — иԥсабаратәым аинтеллект аԥсуа бызшәа арҵара ауп. Иарбоу апроект ҩ-етапкны ишьақәгылоуп. Актәи аетап аҟны иаԥҵоуп асаит «bagrat.space». Уи аусура иалагахьеит. Уаҟа аурыс бызшәантәи аԥсшәахь, иара убас аԥсшәа бызшәа аҟынтәи аурысшәхь аиҭагара ҟалоит.

«Уажәазы аинтеллект 100 нызықь ҳәоу рҟынӡа иарҵоуп, аха ҳҿаԥхьа ауснагӡатә ду ықәгылоуп  – миллион рҟынӡа аԥсышәала еиқәыршәоу аҳәоуқәа аурысшәахь еиҭаганы аинтеллект арҵара», - ҳәа иҳәеит Леуан Лагәлаа.

Аҩбатәи аетап –ари Common Voice ауп.

Миллион рҟынӡа аҳәоуқәа абжьы анырхаҳҵалак ашьҭахь ҳара онлаин режим ала аиҭагареи, анаҩс уи ҳаамҭазтәи атехнологиақәа зегьы рақәыршәареи рзы алшара ҳауеит.

«Иаагозар, ҳара иарбанызаалак асаит ганы аамҭа кьаҿ иалагӡаны аԥсуа бызшәала аиқәыршәара ҳалшоит, иара убас «Алиса» ҳәа изышьҭоу Иандекс станциа аԥсуа бызшәа аҳарҵар алшоит. Уи ацифратә епоха азы аԥсуа бызшәала апроектқәа рынагӡара гәҭакыс измоу зегьы русура акыр иарманшәалоит», - ҳәа еиҭеиҳәеит Леуан Лагәлаа.

Уи иара убас Леуан Лагәлаа  Афонди Ролан Агрба шьаҭаркҩыс дызмоу аҳәаанырцәтәи абызшәақәа рышколи «Capital School Center» ирыбжьоу аиқәшаҳаҭра азы еизаз адырра риҭеит. «Ҳара абызшәақәа рҵара азы аплатформа «Дуолинго» еиԥшу ацҵа аԥҵара иазкны аусура мҩаԥаагоит.   Уи шәагаала идуцәам авидеоурокқәа роуп, урҭ ахәыҷқәа доусы рысмартфонқәеи егьырҭ агаджетқәеи рыла иахыслар рылшоит. 10 минуҭк рыла иалкаау адҵақәа рхыԥхьаӡара наугӡоит, иара убри ала иузгәамҭаӡакәа абызшәагьы уҵоит.  Ахәыҷқәа рзы аметодика иарбоу ацҵа иашьашәало еиқәыршәахоит. Изҭаху зегьы амобилтә хархәагақәа рыла абызшәа рҵартә еиԥш алшара рзаԥҵахоит», - ҳәа иҳәеит Леуан Лагәлаа.

Иара убас Афонд аҿы аудиошәҟәқәа рыла даҽа цҵак аԥҵара азԥхьагәаҭоуп.  Иарбоу ацҵа иалагалахоит ацифратә формат ала аԥхьаразы иманшәалоу ашәҟәқәеи аудиошәҟәқәеи.

Афонд аҿы иара убас иазԥхьагәаҭоуп аиҳабацәа рзы аԥсуа бызшәа аҵаразы аметодика аԥҵара. Аԥсны макьаназы аиԥш-зеиԥшу аметодика ыҟаӡам.

Иара убас Леуан Лагәлаа еизаз иргәалаиршәеит ҳтәылаҿы имҩаԥысуа аиԥыларақәа рӷьырак аурыс бызшәала ишымҩаԥысуа. Уи жәаҳәарада аиԥыларақәа ирылахәугьы уи иаҭаауагьы аԥсуа бызшәа ахьырзымдыруа ауп изыхҟьо. «Мыцхәы иуадаҩым атехникатә мҩала ари апроблема аӡбара алшоит, иаагозар,  10-ҩык рзы арадио-гид ҳәа изышьҭоу  15 нызықь мааҭ рҟынӡа иаԥсоуп. Убас, асинхронтә еиҭагара иабзоураны аиԥылара алахәылацәа излацәжәо атема еилыркааратәы иҟалоит», - ҳәа иҳәеит иара.


Прочитано 1210 раз Последнее изменение 02.02.2023
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.