28-марта-2023

АМИНИСТРЦӘА РЕИЛАЗААРА АБИУЏЬЕТНҬЫҴТӘИ АФОНДҚӘА ФБА РБИУЏЬЕҬҚӘА РЫНАГӠАРА АЗЫ АҲАСАБЫРБАҚӘА ШЬАҚӘНАРӶӘӶӘЕИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара Аԥсны абиуџьеҭнҭыҵтәи афондқәа фба рбиуџьеҭқәа рынагӡара азы аҳасабырбақәа шьақәнарӷәӷәеит. Зыӡбахә ҳамоу Аԥсны Атәанчаҩратә фонд, ихымԥадатәиу амедицинатә бгаԥса Афонд, арепатриациа Афонд, 1992-1993шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа рҳәынҭқарратә биуџьеҭнҭыҵтәи Афонд, асоциалтә бгаԥсеи аџьа ахьчареи Рфонд, Амҩатә Фонд.

Атәанчаҩратә Фонд ахашәалахәқәа иҳаҩсыз ашықәс азы 1 362 397,7 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡон, аныхтәқәа  – 1 295 861,6 нызықь мааҭ аҟынӡа. Ажьырныҳәамза 1, 2023 шықәсазы Афонд аҿы иаанханы иҟаз аԥаратә хархәагақәа рцәынха – 83 654,2 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡон.  

Ихымԥадатәиу амедицинатә бгаԥса Афонд ахашәалахәқәа –  54 490,0 нызықь мааҭ, аныхтәқәа  – 55 311,5 нызықь мааҭ;  Ажьырныҳәамза 1, 2023 шықәсазы Афонд аҿы иаанханы иҟаз аԥаратә хархәагақәа рцәынха –1 917,7 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Арепатриациа Афонд ахашәалахәқәа – 211 459,8 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡа инаӡон, аныхтәқәа – 165 652,2 нызықь мааҭ; Ажьырныҳәамза 1, 2023 шықәсазы Афонд аҿы иаанханы иҟаз аԥаратә хархәагақәа рцәынха –162 900,4 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡон.  

1992-1993шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа рҳәынҭқарратә биуџьеҭнҭыҵтәи Афонд ахашәалахәқәа – 165 414,0 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡон, аныхтәқәа - 163 577,4 нызықь мааҭ, ажьырныҳәамза 1, 2023 шықәсазы Афонд аҿы иаанханы иҟаз аԥаратә хархәагақәа рцәынха  –  18 265,6 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡон.

Асоциалтә бгаԥсеи аџьа ахьчареи Рфонд ахашәалахәқәа –  146 191,5 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡон, аныхтәқәа  – 113 723,7 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡон, ажьырныҳәамза 1, 2023 шықәсазы Афонд аҿы иаанханы иҟаз аԥаратә хархәагақәа рцәынха  –   46 242,9 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡон.

Амҩатә Фонд ахашәалахәқәа – 95 363,5 нызықь мааҭ, аныхтәқәа – 102 832,1 нызықь мааҭ, ажьырныҳәамза 1, 2023 шықәсазы Афонд аҿы иаанханы иҟаз аԥаратә хархәагақәа рцәынха  –  5 364,7 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡон.  

Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Атәанчаҩратә Фонди асоциалтә бгаԥсеи аџьа ахьчареи Рфонди русура бзианы ишынарыгӡаз азгәеиҭеит.

Атәанчаҩратә Фонд ахантәаҩы Денис Гәылариа  иахьатәи амш азы Афонд ауал амам ҳәа иазгәеиҭеит.

«Иахьатәи амш азы ҳара раионк ауп зфинанстәра мҩаԥаамгац, аха ҳазҭоу амчыбжь нҵәаанӡа уаагьы иахәҭоу ашәатәқәа зегьы ҟаҵахоит. Хы-шықәса рыла Афонд ахь алагалақәа 300 млн - 400 млн. мааҭ рыла иазҳаит. Сынтәа ҳара иара убри арежим ала аус аауеит, хымз рыла  40 млн рҟынӡа еихьӡарыла ҳаауеит», –  ҳәа иҳәеит иара.

Асоциалтә бгаԥсеи аџьа ахьчареи рзы Афонд ахантәаҩы Бакур Бебиа, афонд аҟазаара аамҭа зегьы иалагӡаны раԥхьаӡа акәны аплан 119% рыла анагӡара алыршахеит ҳәа иазгәеиҭеит. Уи иазԥхьагәаҭаз аасҭа 24 млн. мааҭ рыла еиҳауп.   

«Иара убас афонд хәҭакахьала иҳаҩсыз ашықәс азы иҟаз ауалқәа ршәара алнаршеит. Ҳара уи азы аграфик шьақәҳаргылеит, ахылаԥшра ӷәӷәагьы аҭҳоит уи анагӡара.  Убас, ҳара иҳауит 5 млн. 366 нызықь мааҭ», – ҳәа иазгәеиҭеит Бакур Бебиа.

Аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа зегьы раан раԥхьаӡа акәны асоциалтә бгаԥсеи аџьа ахьчареи Рфонд аҳәынҭқарратә ԥаратә цхыраагӡатәқәеи аиҿкаарақәа рҿаԥхьа иақәыз ауалқәа зегьи ршәара алнаршеит.

2022 шықәсазы аԥаратә цхыраагӡатәқәак ирыцҵан.  

Аус зуа аҭаацәа ахәыҷы иира азы ирыҭахо зныктәи ацхыраара 13 нызықь мааҭ рҟынтәи 22 нызықь мааҭ рҟынӡа иацҵахеит, аус зымуа аҭаацәа рзы акәзар – 10 нызқьи 200 мааҭ рҟынтәи 17 нызықь мааҭ рҟынӡа иацлеит.

Ахәыҷы шықәсыки бжаки ихыҵаанӡа ибара азы аԥшьараамҭа азы есымза ироуа аԥаратә цхыраагӡа х-нызықь мааҭ рҟынтәи быжь нызықь мааҭ рҟынӡа иазҳаит. Уаанӡа еициз ҩыџьа ахәыҷқәа рзы Афонд аӡәы изы иашәоз ашәозҭгьы, 2023 шықәса инаркны ахәыҷқәа хазы-хазы ирызшәахоит аԥаратә цхыраагӡа.

Аамҭала аусуралшара ацәыӡра азы ашәатәқәа  аулафахәы ашәагаа аҟынтәи 100 % рҟынӡа инаӡоит.  

 


Прочитано 506 раз
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.