Аҟәа. Абҵарамза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламенттә Еилакы аус зуа азакәанԥҵара аԥсахрақәа ралагалара аҭахны иаԥхьаӡоит. Иахьа имҩаԥысит Беслан Ҳалуашь хантәаҩра ззиуаз Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак инарҭбаау аилатәара.
Аилак аилатәара иалахәын Апарламент адепутатцәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк Ахантәаҩы Беслан Бараҭелиеи уи иусзуҩцәеи, ЗҲӘА «А-Мобайл» адиректор хада Борис Барцыц, уи ихаҭыԥуаҩ Арсоу Ҳашба.
Аилатәара амш азҵаара инақәыршәаны иахәаԥшын аелектронтә шәатәтәы хархәагақәа рхархәарала Амилаҭтә шәатәтәы системазы (АШӘС) Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара аиӷьтәра хықәкыс иҟаҵаны иазырхиоу «Аелектронтә шәатәтәы хархәагақәа рхархәарала Амилаҭтә шәатәтәы системазы «Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы» азакәан апроект. Азакәан аԥшьгаҩцәа 2011 шықәсазы ирыдыркылаз амилаҭтә шәатәтәы системазы ихадоу анормативтә акт - «Аелектронтә шәатәтәы хархәагақәа рхархәарала Амилаҭтә шәатәтәы системазы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан ҳазҭагылоу аамҭазы инхарҭәааны аелектронтә шәатәтәы хархәагақәа рхархәара аусхк аҟны ишьақәгыло аизыҟазаашьақәа рҳәаақәҵара залшаӡом ҳәа ирыԥхьаӡоит.