Аҟәа. Жәабранмза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Баграт Шьынқәба ихьӡ зху аԥсуа бызшәа аҿиаразы агәыҳалалратә Фонд аҳасабырбатә пресс-конференциа мҩаԥнагеит. Араҟа Афонд анапхгаҩи уи аусзуҩцәеи инагӡаз апроектқәеи иахьа Афонд аҿы аус здыруло апроектқәеи, иара убас ааигәа иазԥхьагәаҭоу ауснагӡатәқәеи ртәы инарҭбааны иалацәажәеит.
Апресс-конференциа аартуа, Баграт Шьынқәба ихьӡ зху агәыҳалалратә фонд адиректор Леуан Миқаа афонд ахықәкы хада – аԥсуа бызшәа аҿиара ауп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
«Ҳара ҳфонд атәыла аҿы амилаҭтә бызшәа аҿиара азы еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла шықәсык акәым аус ауеижьҭеи. Ари зегьы иаҳзеиԥшу проблемоуп, уи аӡбараҿы хымԥада адгылареи ацхыраареи ҳҭахуп», - ҳәа иҳәеит Леуан Миқаа.
Афонд аусзуҩ Леуан Лагәлаа Афонд аҿы аус здыруало апроектқәа инарҭбаны дрылацәажәеит.
Актәи апрект – ари «Аԥсшәа бзиа избоит сара» ҳәа хыс измоу ашколнӡатәи ақәра иаҵанакуа ахәыҷқәа рзы аԥсуа бызшәа аҵара аметодика ауп. Леуан Лагәлаа иажәақәа рыла, иарбоу аметодика Аԥсны иахьаҵанакуа аус зуа хазхаҭалатәи ахәыҷтәы ҵараиурҭақәа рҿы аԥышәатә гәаҭара иахысит. Иазгәаҭатәуп, уи хра злоу алҵшәақәагьы шаанарԥшыз.
«Аметодика Аԥсны аҵара Аминистрреи Аҟәа ақалақь аҵара аҟәшеи рҿы ақәыршаҳаҭра аиуит. Уажәы уи атәыла ашколнӡатәи аҵараиурҭақәа рҿы аларҵәара ауп иаанханы иҟоу. Ҳара хәыда-ԥсада аҵараиурҭақәа зегьы аметодика рызнаҳгеит», - ҳәа иҳәеит иара.
Аҩбатәи апроект – ари афильмқәа аԥсышәала рдублиаж аҟаҵара ауп. Афонди Аинтернет-проваидер «Системеи» аиқәшаҳаҭра рыбжьоуп. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны мызкы иалагӡаны аԥышәатә режим ала афильмқәа аԥсуа бызшәала абжьы рхаҵара мҩаԥгахоит.