Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 3 рзы Аахыҵ Уаԥстәыла имҩаԥысуан аҩбатәи Урыстәыла-уаԥстәылатәи аҿартә форум. Уи ахы аланархәуеит Аԥснытәи аделегациа, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.
Афорум актәи амш «Амилаҭбжьаратәи аҿартә диалог. Амилаҭтә ҿартә аԥшьгарақәа» атема ала астол гьежь ала иалагеит. Аԥсны аганахьала «Аԥсны Аҳәынҭқарра амилаҭтә ҿартә инициативақәа» атема ала ажәахә ҟаҵо дықәгылеит аԥсуа делегациа анапхгаҩы, абжьаратәи ашкол № 6 актәи акатегориа арҵаҩы, Аҟәатәи алицеи-интернат аҩбатәи акатегориа арҵаҩы Алиас Акаба.
Ажәахәқәа рыхцәажәара ашьҭахь Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Валентина Гатикоева агрантқәа раиуреи афорумқәа рылахәхареи раҳасабала аҿартә иницитивақәа рҵакы ахадара азгәаҭо, ҳаԥхьаҟа асоциал-актуалратә хырхарҭа змоу апроектқәа назыгӡо аҿар рхыԥхьаӡара ишацло азы агәыӷра шлымоу аалырԥшит.