АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Хәажәкыр.2024

Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Анас Кьышьмариа Аԥсны ацәгьоура ахьырхәратә система аҿы иҟоу апроблемақәа дрылацәажәеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.   Ахақәиҭра алхәдаара аҭыԥқәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьақәа – зус ӡбоу рыриашареи урҭ ҿыц ацәгьоура аҟаҵара аҽаламгалара алыршареи  рзы ахьырхәра ахықәкы анагӡара иазкны иҟаӡам, ҳәа хәажәкырамза 14, аԥшьаша Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа рҿаԥхьа иҟалҵаз аҳасабырбатә ажәахә аҟны иазгәалҭеит Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Анас Кьышьмариа.

«Жәаҳәарада, ацәгьоурақәа рзы иҭаку ауаа ахьырхәра аҳасабала рхақәиҭра иалхәдаахоит, аха ргәабзиареи рпсихологиатә ҭагылазаашьеи хра злам анырра азҭо иманшәалам аҭагылазаашьақәа рҿы рыҟазаара ауаҩышьареи агуманизми рыпринципқәа ӷәӷәала еиланагоит», – ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит лара.  

Ихадоу апроблемақәа рахь иаҵанакуеит:

- инагӡоу амедицинатә маҵзура аҟамзаара;

-иҟоу асанитартә ҭагылазаашьақәа ацқьареи ақәнагареи рнормақәа рықәымшәара;

- акрыфаразы еизаку асистема аиқәыршәара иадҳәалоу апроблемақәа;

- акамерақәеи ашьҭаларҭақәеи разымхара;

- иажәхьоу ахыбра;

-аусзуҩцәа иуадаҩу русуратә ҭагылазаашьақәа.

Иара убас, Аԥсны иҟаӡам ацәгьоура ҟазҵаз, зус ӡбоу аҳәсеи зықәра наӡам аҿари  рзы ахьырхәра ахгаразы ҷыдала еиқәыршәоу  аҭыԥқәа.  Убри иахҟьаны иарбоу акатегориа иаҵанакуа  абаандаҩцәа Аҟәа, Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра иатәу аамҭалатәи аусӡбараанӡатәи аԥхьакырҭа аҿы иҭаркуеит.  Аҳәса ахьҭаку акамерақәа ахацәа рзы иазоужьу акамерақәеи еихагылак аҿы иҟоуп. Уи иарбоу акатегориақәа рзинқәа еиланагоит, насгьы аусзуҩцәа русуа акыр иаруадаҩуеит.

Аомбудсмен ишазгәалҭаз ала, Дранда аҳаблаҿы иҟоу Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра иатәу аамҭалатәи аусеилыргаанӡатәи аԥхьакырҭа аҿы иҭаку ацәгьоуцәа зегьы иҟарҵаз ацәгьоурақәа рыӷәӷәара иадҳәаламкәа рҭагылазаашьақәа еиԥшуп.  Уи зус ӡбоу зегьы рзы ахьырхәра ахгара азы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа шьақәнаргылаӡом.

«Аԥсны ахьырхәратә система аҿы иҟоу апроблемақәа зегьы комплексла рыӡбара, жәаҳәарада, имаҷымкәа афинанстә харџь аҭаххоит, раԥхьаӡа иргыланы ҳаамҭа иақәшәо абахҭақәеи аусеилыргаанӡатәи аԥхьакырҭақәеи рыргылара», – ҳәа илҳәеит Анас Кьышьмариа.

Раԥхьаӡа иргыланы, аҳәынҭқарра зыӡбара алнаршарц ахәҭоу азҵаарақәа ируакуп ҳәа лара иалылкааит ацәгьоуцәа ахьырхәра ахьырхырго аҭыԥқәа рҿы иахәҭоу амедицинатә цхыраара алыршара, иарбоу аҭыԥқәа рсанитартә ҭагылазаашьа ацқьареи ақәнагареи рнормақәа рақәыршәара, насгьы  иарбоу аҭыԥқәа рҿы акрыфаразы еизаку асистема ашьақәыргылара.  

 

 

 

 


Read 133 times - Ахәаша, 15 Хәажәкыр 2024 18:15
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.