АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Хәажәкыр.2024

Едуард Быҭәба аҩбатәи аклиникатә хәышәтәырҭа даҭааит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешбеи аҩбатәи аклиникатә хәышәтәырҭа №2 иаҭааит.

Ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Виачеслав Абыхәба агәабзиарахьчара аминистри аҳҭнықалақь ахадеи дырԥыло амедусбарҭа аҿы иҟоу аҭагылазаашьа азы адырра ҟаиҵеит, аневрологиа, акардиологиа, ареанимациа аҟәшақәа дирбеит.

«Ҳара иаабоит, ачымазцәа рыхәышәтәра ахьымҩаԥысуа  ахәышәтәыра аҭагылазаашьа зеиԥшроу. Ахыбра зегьы шьаҭынкыла аиҭашьақәыргылара аҭахны иҟоуп, амедицинатә маругақәа ракәзар аԥсахра аҭахуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Едуард Быҭәба.

Ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Виачеслав Абыхәба иажәақәа рыла, 50 шықәса рыҩныҵҟа ахәышәтәырҭа аҿы шьаҭанкыла аиҭашьақәыргыларатә усурақәа  мҩаԥгаӡамызт. 

«Еиҭашьақәыргылахон мацара хазы игоу ауадақәа. Иагозар, ақалақь Ахадара адгыларала аиҭашьақәыргылаатә усурақәа мҩаԥган адкыларатә ҟәша аҿы», - ҳәа иҳәеит иара.  

Беслан Ешба, аҳҭнықалақь Ахадара аҿы сынтәа ахәышәтәырҭа аҭагылазаашьеи амедицинатә цхыраара ахаҭабзиареи  реиӷьтәра алзыршо аусурақәа рымҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп ҳәа  инаҵшьны иазгәеиҭеит.

«Аргылаҩцәа иҟарҵаз алкаа ала, ахыб шьаҭаныла иԥсахтәхоит, избан акәзар уи уажәымзар-уашьҭан еилабгар алшоит, уажәы инацҵаны аекспертиза мҩаԥысуеит. Иара убас, ҳазҭоу ашықәс азы арентген-кабинет арҿыцра ҳгәы иҭоуп. Арентген ахьыҩнагылоу ауада аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥгахоит, иҟоуп егьырҭ иӡбатәу азҵаарақәагьы, урҭ асантехника, аелектрика, аҳауаеиҭныԥсахлара, арԥхаратә система ашьақәыргылара иадҳәалоуп, урҭгьы излауа ала ирласны иӡбатәуп», - ҳәа иҳәеит иара.  

Едуард Быҭәба, агәабзиарахьчара Аминистрреи аҳҭнықалақь Ахадареи русеицура иарбоу амедусбарҭа аҿы аҭагылазаашьа аиӷьтәрахьы икылнагароуп ҳәа иазгәеиҭеит.

«Еилкаауп аҳҭнықалақь Ахадара аҭакԥхықәра иаҵанакуа азҵаарақәа шыҟоу, аха агәабзиарахьчара Аминистррагьы ахәышәтәырҭақәа зегьы роперативтә напхгараҭара мҩаԥнагоит. Аныхтә материалқәа рыдгалара, амедицинатә маругақәа раахәара иадҳәалоу азҵаарақәа ракәзар, уаанӡа еиԥш уажәгьы Аминистрра уи иаҵанамкуа, иаагозар, Аҟәатәи ааҿыучымазаратә (Аинфекциатә) хәышәтәырҭа еиԥш иҟоу амедусбарҭақәагьы излауа ала ацхыраара рыҭара алнаршалоит», - ҳәа иазгәеиҭеит агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.


Read 135 times - Ахәаша, 15 Хәажәкыр 2024 18:17
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.