АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Хәажәкыр.2024

60 шықәса раԥхьа Аҟәа ақалақь аҿы иаатит Асахьатә галереиа.

Аҟәа. Хәажәкырамза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  60 шықәса раԥхьа, хәажәкырамза  17, 1964 шықәса рзы Аҟәа ақалақь аҿы иаатит Асахьатә галереиа.

Нанҳәамза 20, 1963 шықәсазы Аԥснытәи АССР Аминистрцәа Реилазаара Аҟәа ақалақь аҿы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҿга аҳасабала  Асахьатә галереиа аԥҵара азы аӡбамҭа аднакылеит.

Агалереиа аԥҵара ихы алаирхәит аҟазара акыр ҳаҭыр ақәызҵоз, аҟәатәи аҳақьым Езекиель Лазар-иԥа Фишков.  Иара агалереиа ҳамҭас иаиҭеит иҩны ахәҭак (Пушкин имҩала игылаз аҩны № 24), иара убас 60 сахьа.  Езекиель Фишков иколлекциа аҿы иҟан — Б. Петров, В. Контариова, О.Сегаль, уҳәа  иналукааша аурыс сахьаҭыхыҩцәа раԥҵамҭақәа. Дара Аԥсны иаҭаахьан ХХ ашәышықәса алагамҭазы.

Хәажәкырамза 17, 1964 шықәсазы иҟалаз агалереиа аартра азы Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа  М. Ешба, О. Брендель, И. Цомаиа, В. Иванба, уҳәа егьырҭ аӡәырҩы рырҿиамҭақәа агалереиа ҳамҭас иарҭеит. Азалқәа хԥа рҿы ицәыргақәҵан 100 сахьаки 20 аскульптуратә усумҭеи.

Ашықәсқәа цацыԥхьаӡа агалереиа афондқәа Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа рыла еиҳа-еиҳа ихарҭәаахон.

Аекспозициақәи афондқәеи рҿы иҟан аабжьарашәышықәсатәи аепоха инаркны Аԥсны асахьаҭыхратә ҟазара аҿиара аазырԥшуаз аԥҵамҭақәа – Лыхнытәи аныхабаа рыҭӡысахьақәа ақәҭыхқәа: «Іроица», «Авраам иԥеи иареи рныҟәара», «Ацқьа Никифор», «Ацқьа Исидор».

Аколлекциа хәызмаӡам афонд шьақәдыргылон 300 рҟынӡа инаӡоз Алеқсандр Чачба - Шервашиӡе иусумҭақәа. 

Агалереиа афонд аҿы иҟан ԥшьышә нызықь инареиҳаны Алеқсандр Чачба-Шервашиӡе, Варвара Бубнова, Борис Петров, Владимир Контариов, Марина Ешба, Витали Лакрба, Валери Гамгиа, Витали Џьениа, Амиран Адлеиба, Ольга Брендель, Тариел Амԥар, Хәыта Аҩӡба, Сергеи Габелиа, Иури Ҷкадуа, Ольга Брендель, Леуарса Быҭәба, уҳәа егьырҭ еицырдыруа Аԥснытәи асахьаҭыхыҩцәа рнапы иҵыҵыз асахьақәа. 

Лаҵарамза 17, 1985 шықәсазы — иналукааша аԥсуа сахьаҭыхҩы А. К. Чачба-Шервашиӡе (1867-1968 шш.) иԥсыбаҩ еиҭаганы  Аҟәа ақалақь аҿы анышә амадара аҽны Асахьатә галереиа аекспозициа Лакоба имҩала игылоу, иахьа Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахьыҟоу ахыбра  №31 ахь ииаган. 

1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра ашьҭахь агалереиа аекспозициа аркын.

1994 шықәсазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи Асахьатә галереиа Амилаҭтә сахьатә галереиа ҳәа ахьӡ ԥсахын, уинахыс иара хазхаҭалатәи аҳәынҭқарратә усбарҭаны иҟалеит. 

1997 шықәсазы Аԥсны Актәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба иӡбамҭа ала Амилаҭтә сахьатә галереиа Пушкин имҩала игылоу, ареволиуциа ҟалаанӡа аҳәса ргемназианы иҟаз ахыбра № 8 азоужьхеит.  Хара имгакәа араҟа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хацыркын, аха ԥыҭрак ашьҭахь аԥаратә хархәагақәа разымхара инамаданы иаанкылан.

Агалереиа афонд аҟынтәи асахьақәа Лакоба имҩала иҟоу Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахыбра аҩбатәи аихагыла аҿы ишьҭан.

Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы Асахьатә галереиа напхгара арҭон Алеқсеи Аргәын, Леонид Еныкь.  2001 шықәса раахыс Амилаҭтә сахьатә галереиа адиректорс дыҟоуп  Сурам  Сақаниа.

2024 шықәса, ажьырныҳәамза 21 ашьыжь шаанӡа, асааҭ ԥшьба инарзынаԥшуа, Аҟәа ақалақь, Лакоба имҩала игылоу Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла иатәу Ацәыргақәҵатә зал Хада ахыбра амца акит. Иҟалаз абылра иахҟьаны, Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиа афондқәа ацәыӡит. Аԥснытәи асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла Ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы иҟалаз абылра аҿы 150 рҟынӡа асахьақәа мацара еиқәхеит.  Еиқәырхаз аусумҭақәа раԥхьа Аԥсуа театр ареквизиттә зал аҿы ишьҭаҵан. Анаҩс урт И.Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека ауадақәа руак ахь ииаргеит.

Ажьырныҳәамза 25 рзы аԥснытәи рколлегацәа ирыцхраарц азы Аԥсныҟа иааит Урыстәылатәи Афедерациа акультура Аминистрра адәныҟатәи аимадарақәеи амузеиқәеи Рдепартамент адиректор ихаҭыԥуаҩ Наталиа  Чечель  зхадараҿы  дыҟаз урыстәылатәи ареставраторцәа ргәыԥ. Аԥсныҟа иааз аделегациа аилазаараҿы иҟан И.Е. Грабарь ихьӡ зху Урыстәылазегьтәи асахьаҭыхра ҭҵаарадырра-реставрациатә Центр аспециалистцәа, Аҳәынҭқарратә ҭҵаарадырра-реставрациатә Институт, Третиаков ихьӡ зху агалереиа, Аурыс музеи рхаҭарнакцәа.

Аспециалистцәа абылра иацәынхаз асахьақәа ирыхәаԥшит, иҭырҵааит, рфотосахьақәа ҭырхит, анаҩс иалыркааит араҟа, аҭыԥаҿы зеиҭашьақәыгылара ауаз, иара убас аиҭашьақәыргыларазы Урыстәылаҟа ииагатәхо асахьақәа.

Сынтәа Пушкин имҩала игылоу ахыбра аҩбатәи аихагыла аҿы, анаҩс араҟа еиқәхаз асахьақәа рыхәҭаки Амилаҭтә сахьатә галереиа  аусзуҩцәа рыҩнаҵареи рзы уадақәак реиҭашьақәыргылара азԥхьагәаҭоуп.

 

 

 

 

 


Read 126 times - Ашәахьа, 18 Хәажәкыр 2024 14:13
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.