Ҷыдала иазааҭгылан амашьынақәа рыргылара аԥҟарақәа, ахәҭакахьала, аиҳарак аныҟәара активра ахьыҟоу аҳҭнықалақь аҿы.
«Ҷыдала иазгәасҭарц сҭахуп амашьынақәа рыргылара аԥҟарақәа рықәныҟәара ахьынӡахымԥадатәиу, аиҳарак аҳҭнықалақь аҿы. Араҟоуп аиҳарак ирацәаны амашьынақәа рныҟәареи рхыԥхьаӡара арацәареи ахьыҟоу. Амашьынақәа рыргылара аԥҟарақәа реилагара амҩақәа рҿы аиԥынгылара цәырнагоит, мҽхакы ҭбаала аиԥынчылара, уи зегьы ааизакны аҳҭнықалақь аҿы аныҟәара аколлапс ахь инанагоит», – ҳәа иазгәеиҭеит Дамеи Аҩӡба.
Уи иара убас ашьапыламҩатә бжьысырҭақәеи урҭ рҟынӡа 5 метрак унеиаанӡа, ишәарҭоу ахаҵәирҭақәа рааигәара, амаршруттә транспорттә хархәагақәа раангыларҭақәа рҟынтәи 15 метра инарзынаԥшуа амашьынақәа рыргылара, иара убас амҩаргәы ангылара, егьырҭ амашьынарныҟәцаҩцәа рзы асветофор абареи амҩатә дыргақәа рбареи, насгьы егьырҭ атранспорттә хархәагақәа рыиасра зыруадаҩуа амашьынақәа рыргылареи, егьырҭ азин ахьыҟам аҭыԥқәа рҿы рмашьынақәа раанкылареи шыҟамло инаҵшьны иазгәеиҭеит.
«Амҩаҿы аныҟәара ашәарҭадара – уи алахәылацәа зегьы ирҭакԥхықәроу усуп. Аԥҟарақәа рықәныҟәара дарбанызаалак изы ашәарҭадара иазкуп», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Дамеи Аҩӡба.