АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 18:44

Бадра Гунбеи Сергеи Кириенкои аԥсны-урыстәылатәи аусеицура иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба диԥылеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко.

Аганқәа аенергетика, ашәахтәқәҵара, аҵарадырреи агуманитартә аԥшьгарақәеи, уҳәа реиԥш иҟоу аԥсны-урыстәылатәи аусеицура иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.

Сергеи Кириенко Аԥсныҟа дааит аусуратә ныҟәарала.

Аусуратә ныҟәара иара убас иазԥхьагәанаҭоит Урыстәыла иҟанаҵо адгыларала асоциалтә, аинфраструктуратә, акультуратә обиектқәа реиҭашьақәыргылара иазку апроектқәа рынагӡашьа агәаҭара.

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба асас дидкыло, аԥсны-урыстәылатәи аусеицура хра злоу алҵшәақәа шаанарԥшуа азгәеиҭеит. Уи Москва имҩаԥысыз аиԥыларақәа рҿы излацәажәахьаз аԥшьгарақәа, «иахьа аус аҿы анагӡара аиуеит» ҳәа ҷыдала иазгәеиҭеит. Сергеи Кириенко иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны апроблемақәа рганахьала иааирԥшуа ахшыҩзышьҭра азы иҭабуп ҳәа иаҳәо, Аҳәынҭқарра Ахада аенергетика, аҵарадырра, акультура, агәабзиарахьчара, уҳәа аусхкқәа рганахьала актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы рылацәажәареи рыӡбареи шазԥхьагәаҭоу азгәеиҭеит.

Сергеи Кириенко  иоуз ааԥхьаразы иҭабуп иҳәеит.  

«Гәахәара дула исыдыскылеит исызгәакьоу Аԥсны аҭааразы исоуз алшара. Уамеигәырӷьар залшом араҟа иҟоу хра злоу аиҭакрақәа. Зегьы ирласны,  иаразнак иҟалар ҳҭахуп, аха ус изыҟалом. Аиҭакрақәа шыҟоу убоит, уи ауп зегьы ирыцку», - ҳәа иҳәеит иара.

Сергеи Кириенко Урыстәыла Ахада Владимир Путин Бадра Гәынбеи иареи реиԥыларақәа реихшьаалақәа рыла Урыстәылатәи Афедерациа ахылаԥшырҭақәеи аминистррақәеи конкретла адҵақәеи анапынҵақәеи риҭеит ҳәа иазгәеиҭеит.

Сергеи Кириенко уажәтәи иаара хықәкы хадас иамоуп  – «даҽазнык  зегьы еицны Урыстәыла Ахада урыстәылатәи аминистррақәеи ахылаԥшырҭақәеи ириҭаз адҵақәа зегьы рынагӡашьа агәаҭара» ҳәа иагәеиҭеит.

Сергеи Кириенко гәахәарыла иазгәеиҭеит аԥснытәии урыстәылатәи аминистррақәеи ахылаԥшырҭақәеи хра злоу аусеицура шрыбжьоу.

«Ҳара Урыстәыла Ахада иҟынтәи анапынҵа ҳамоуп урыстәылатәи аминистррақәа ирымоу аԥышәа аԥснытәи рколлегацәа ирымардарц. Уи аҟынтәи Аԥсны азы иалхтәу, ахархәара зҭатәу, мамзаргьы макьаназы Аԥсны азы иақәнамго зыӡбаша шәара шәоуп», - ҳәа иҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко. 

 

 

 


Read 38 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.