АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 16:00

Атәылахьчара Аминистрра афицарцәа Аԥсны ашколхәыҷқәа аԥырҩы дызҭам аԥырратә аппаратқәа рхархәашьа ддырҵоит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.   Атәылахьчара Аминистрра арра-патриоттә усура ахырхарҭақәа ируакуп ашколхәыҷқәа аԥырҩы дызҭам аԥырратә аппаратқәа рхархәашьа дырҵара.

Ԥхынгәымза 10 рзы  И.А. Коӷониа ихьӡ зху Кәтолтәи абжьаратәи ашкол аҿы атәылахьчара Аминистрра аспециалистцәа аҿар арратә занааҭқәа разыҟаҵара, атехникатәи атактикатәи адыррақәа раиуреи рхархәареи рзы FPV-дронқәа реибыҭареи рнапхгараҭареи ддырҵон.

«Ҳара ахәыҷқәа адронқәа рҳаирныҟәцара адагьы урҭ реибыҭареи рыпрограммақәа реиқәыршәареи, насгьы, жәаҳәарада, адронқәа рҿагылареи рзы адыррақәа раҳҭоит», – ҳәа иазгәеиҭеит Аԥсны атәылахьчара Аминистрра афицар.

Уи иажәақәа рыла, аҿар иаразнакҵәҟьа ирзеилкааӡом иарбоу аппаратқәа рҳаирныҟәцареи реибыҭареи шымҩаԥгатәу атәы, уи зегьы ашьҭкааразы иаҭахуп аамҭа. Аха уи еиҳагьы ирымоу аинтерес иазнарҳауеит.

Иҟоуп аҵаҩцәа заԥхьаҟа арратә маҵзура, ахәҭакахьала адронқәа зыԥсҭазаара адызҳәаларц зҭаху.

Акурсқәа еиҳа-еиҳа апопулиарра азҳауеит. Урҭ ашколхәыҷқәа аԥырҩы дызҭам аԥырратә аппаратқәа реибыҭашьеи рҳаирныҟәцареи аилкаара анаҩс, раԥхьаҟа рзанааҭ аналырхуа ԥыжәараны иҟалар зылшо раԥхьатәи апрактикатә дыррақәа раиура азы алшара рырҭоит.  


Read 30 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.