Аганқәа аепидемиологиа, аҿкытә патологиеи аиммунологиеи русхкы аҿы аусеицура аҳәаақәа рырҭбааразы еиқәшаҳаҭхеит.
Урыстәылатәи ацентр аспециалистцәа Аԥсны иҟоу Ирҳау Ауаҩы ииммунитет азымхара асиндром (СПИД) Ацентр аусура аиҿкааратә зҵаарақәа рҿы, иара убас иарбоу ачымазара зыхьуа амедицинатә цхыраара рыҭара аиӷьтәра азҵаарақәа рзы анорма-зинтә шәҟәынҵақәа рышьақәыргылара азҵаарақәа рганахьала ацхыраара арҭоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.
Едуард Быҭәба асасцәа ацхырааразы иҭабуп ҳәа реиҳәеит, уи урыстәылатәи рколлегацәа рԥышәа ареспублика амаҵзурақәа жәпакы рзы акырӡа ихымԥадатәиуп ҳәа иазгәеиҭеит.