Аҟәа. Ԥхынгәымза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны афымцамчтә комплекс аҿиара иазкыз аусуратә еилацәажәара мҩаԥысит.
Аилацәажәара иалахәын Аԥсны Ахада Гәынба Бадра, Урыстәыла Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко, АА аԥыза-министр Делба Владимир, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Ешба Беслан, Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Нанба Џьансыхә, Аԥсны Аҳәынҭқарра афымцамч аминистр Мышәба Баҭал, Урыстәылатәи Афедерациа афымцамч аминистр ихаҭыԥуаҩ Евгени Грабчак, Ареспубликатә унитартә наплакы «Амшынеиқәафымцамч» адиректор хада Ҭемыр Џьынџьолиа.
Тема хадас иқәгылан афымцатә цәаҳәақәа рыҟны иҟоу ацәыӡ ду, уаанӡа ишазгәаҭаз еиԥш, Урыстәылатәи Афедерациа арбагақәа раасҭа акыр еиҳахаз, иаарласны зҭыԥ ақәҵара аҭаху азҵаара.
Бадра Гәынба афымцатә усхкы аҿы иҟоу апроблемақәа асистематә ҟазшьа рымоуп, урҭ ареспублика аҿиара акыр иаԥырхагоуп ҳәа иазгәеиҭеит. Убри инамаданы Аҳәынҭқарра Ахада Урыстәылатәи Афедерациа аус ацура иабзоураны имҩаԥысуа ауснагӡатәқәа рыла хара имгакәа атәыла афымцамчтә система аҭышәынтәалара алыршахап ҳәа агәыӷра ааирԥшит.
Сергеи Кириенко убасҵәҟьа апроблема оперативла аӡбара шаҭаху азгәеиҭеит.
«Шәара аамҭа маҷны иаанхеит, аԥхынра лассы ииасуеит, аӡынра ҩаԥхьа ауадаҩрақәа ааҳадгылоит, убри аҟнытә зыԥшра ҟамҵакәа иахәҭоу ауснагӡатәқәа мҩаԥгатәуп ҳәа ишәҳәо аҿы жәаҳәарада шәиашоуп, ҳаҭыр зқәу Бадра Зураб-иԥа», – ҳәа иҳәеит иара.
Сергеи Кириенко ахықәкқәа аликааит: раԥхьа иргыланы, афымцамч ахархәаразы ахәԥса зшәо рҿы афымца арцәарада иааиуа аӡынра рхыргартә еиԥш аҟаҵара, иҩбахаз – афымцамчтә система аҭышәынтәаларазы ихымԥадатәиу ауснагӡатәқәа ралкаара, ихԥахаз – атәыла аекономика аҿиаразы иҭышәынтәалоу афымцамчтә инфраструктура ашьақәыргылара алыршара.
«Иахьа еилкаауп, абизнес азҵаара рацәа азцәырҵуеит, раԥхьа иргыланы аинфраструктура аҿиара алахәхара, анхарҭақәа, ахәаахәҭратә центрқәа, аресторанқәа, асасааирҭақәа рыргылара иазхиоу, аха афымцамч ала аиқәыршәара ахьҭышәынтәалам азы уи азы алшара змам аԥснытәи абизнес. Ҳара афымцамч ала аиқәыршәара аиԥҟьара иахҟьны Аԥсны аинфраструктура аҿиара аԥкра ҟамларц азы иахәҭоу аӡбамҭақәа ҳадаҳкылароуп», – ҳәа иҳәеит Сергеи Кириенко.
Уи инаҵшьны иазгәеиҭеит афымцацәаҳәақәа шьаҭанкыла ринвентаризациа амҩаԥгара, насгьы аамҭа рацәа зҵазкуа афымцацәаҳәақәа рҭагылазаашьа арҽеира иазку аплан ашьақәыргылареи шхымԥадатәиу.
Ирылацәажәан акаҭатә нхамҩа арҿыцреи фымцамчла аиқәыршәара аҭышәныртәалареи ирызкыз азҵаатәқәа.
Аганқәа афымцамч иадҳәалоу апроектқәа рынагӡара ахылаԥшра еснагьтәи режимла ишымҩаԥысуа азгәарҭеит.