АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 18:14

Аҟәа ақалақь аҿы аԥсны-урыстәылатәи аҵараиуратә аԥшьгарақәа рыҿиара азҵаарақәа ирызкыз аусуратә еилацәажәара мҩаԥысит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Иахьа Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко, атәыла аԥыза-министр Владимир Делба, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, аҵара аминистр Хана Гәынбеи, иара убас Аҵараиуратә фонд «Абаҩхатәреи аихьӡареи» анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Антон Гусев ралахәрала Аҟәа ақалақь аҿы аҵараиура иазкыз аусуратә еилацәажәара мҩаԥысит.

Аилацәажәараҟны тема хаданы иқәгылан наҟ-ааҟ еицырзеиԥшу аҵараиуратә аԥшьгарақәа апрактикаҿы рырҿиара азҵаара. Ари аԥхьа Урыстәыла аҵаралашара аминистрраҟнытә Аԥсны ашколқәа ирыҭан аинтерактивтә классӷәқәеи амобилтә компьиутертә классқәеи, ҳәа адырра ҟанаҵоит  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Ҳаамҭазтәи, зиура мариахо аҵараиуратә наӡааӡара ашьақәыргылара аԥсны-урыстәылатәи агуманитартә усеицураҟны  ихадароу ахырхарҭақәа ируакны иаанхоит.

Бадра Гәынба Урыстәылатәи Афедерациа аҵарадырра аусхкы аҿы иҟанаҵо адгыларазы иҭабуп ҳәа иҳәеит.

«Ҳара даара ахә ҳаракны иаҳшьоит ҳҿар иахьа Урыстәылатәи Афедерациа иахьаҵанакуа афестивальқәеи аҿартә акциақәеи зегьы рылахәхаразы алшара ахьрымоу. Уи аҿар еидызкыло, иааизкны ҳтәылақәа еизааигәазтәуа хырхарҭаны иҟоуп», - ҳәа иҳәеит Аԥсны Ахада.  

«Ҳара Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҟынтәи лаҵарамза 10 рзы иареи Шәареи шәеиԥылара ашьҭахь анапынҵақәа жәпакы ҳауит. Урыстәыла Ахада Аԥсны аус зуа аурыс бызшәа арҵаҩцәа есымза руалафаху ацҵа рызшәаразы аӡбамҭа идикылеит. Шәаргьы аамҭак ала аԥсуа бызшәа рызҭо арҵаҩцәа руалфаху ацҵа рызшәаразы аӡбамҭа шәыдышәкылеит.  Сара сгәаанагарала аԥсуа бызшәеи аурыс бызшәеи рырҵаҩцәа инацҵаны аԥара рызшәаразы аҩ-ҳәынҭқаррак рхадацәа ишәыдышәкылаз аӡбамҭақәа ииашоуп», –  ҳәа иҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко.  

Сергеи Кириенко иажәақәа рыла, Урыстәылатәи Афедерациа аҵара Аминистрра,  Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа, иара убас Урыстәылатәи ахәыҷтәы-қәыԥштә Центр (ақ. Москва)  абар акыр шықәса Урыстәыла аус зуа «Навигатор  детства» ҳәа изышьҭоу асистема аиԥш-зеиԥшу асистема Аԥсны ахацыркра, насгьы Аԥсны аҵара Аминистрреи ашколқәа рдиректорцәеи иназыцҵоу ацхыраара рыҭаразы анапынҵақәа рыҭан.  

«Аҩ-ҳәынҭқаррак рминистррақәа русеицура апартниортә, аиҩызаратә ҟазшьа амоуп. Уи ииашоуп. Ахәыҷқәа рԥеиԥш лаша аасҭа еиҳау Аԥсны азы еиԥш Урыстәыла азгьы акагьы ыҟаӡам. Убри аҟнытә иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп урҭ рымҩақәа раартразы, доусы иҟыбаҩ игәазыҳәара анагӡаразы», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Сергеи Кириенко.  

 

 


Read 37 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.