АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Нанҳәа.2025

Бадра Гәынба Сергеи Кириенко диԥылеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 6, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсныҟа иааз  УА Ахада Иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко диԥылеит.

«Ҳаҭыр зқәу Сергеи Владилен-иԥа! Шәбара ҳаигәырӷьоит Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы! Аҟәаа бзиала шәаабеит ҳәа шәарҳәоит. Ааигәоуп Шәареи ҳареи Ҟрым, арт-кластер «Таврида» аҿы  ҳанеибабоз.  Исымоу алшара схы иархәаны, Шәара ҳҿар ирышәҭо ацхыраареи адгылареи рзы иҭабуп ҳәа шәасшәарц сҭахуп. Сара гәахәара дула исыдыскылеит аҟыбаҩ  злоу урыстәылатәии аԥснытәи аҿар ридеиақәа шеицынарыгӡо абара», –  ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба.

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит иахьарнахыс Шәачеи Аҟәеи рыбжьара амшынтә еимадара шеиҭахацыркхо.

Ахәҭакахьала, Сергеи Кириенко Аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа еиҳәеит иоуз ааԥхьареи асасдкылара шьахәи рзы.

«Сеигәырӷьоит ҩаԥхьа Аԥсны сахьаҭаауа. Ҳара имаҷымкәа аӡбамҭақәа ҳзеизеит, урҭ рыла иаамҭоуп аихшьаалақәа рыҟаҵара. Урҭ амшынтә еимадареи амшын аԥшаҳәа ареконструкциа актәи аетапи, уҳәа аусқәа жәпакы ирыдҳәалоу роуп», – ҳәа иҳәеит Сергеи Кириенко.

Иара Бадра Гәынба Курсктәии Белгородтәи аобластқәа рҟынтәи ахәыҷқәа Аԥсны рыдкылареи рыԥсшьараамҭа аиҿкаареи рзы иҭабуп ҳәа еиҳәеит.

«Асасдкылара злоу, амра ашәахәақәа хааӡа изхаԥхо Аԥсны аҟазаара, агәра ганы сыҟоуп, ахәыҷқәа рыԥсҭазаараҿы ирхамышҭуа ацәаныррақәа шырзааннажьуа», – ҳәа иҳәеит иара.

Уи иара убас акыр хара имгакәа аамҭарацәа  раахыс Аԥсны аус ацура зыбжьоу урыстәылатәи арегионқәа рхыԥхьаӡараҿы Санкт-Петербург шыҟало азгәеиҭеит. Уи ареспублика аҵарадырратә  усбарҭақәа адгылара рыҭара, иара убас аԥснытәи ашколхәыҷқәа рыдкылара иазхиоуп.

Сергеи Кириенкои Бадра Гәынбеи иара убас аенергетикеи амҩатә ргылареи русхкқәа рҿы аусеицура амҩаԥысшьа  абжьаратә еихшьаалақәа  ҟарҵараны  иҟоуп.  

«Урыстәылатәи аминистррақәеи ахылаԥшырҭақәеи зегьы аԥышәеимадара иазхиоуп.  Шәара шәхала иалышәхырц шәылшоит уажәазы еиҳа ихадоу, еиҳа ихымԥадатәиу ахырхарҭа», – ҳәа иазгәеиҭеит Сергеи Кириенко.

 

 

 

 


Read 192 times - Аԥшьаша, 07 Нанҳәа 2025 13:16
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.