АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Нанҳәа.2025

Сергеи Кириенко усуратә визитла Аԥсныҟа дааит.

Аҟәа. Нанҳәамза 6, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Владислав Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аҿы диԥылеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа аиҳбы ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко.

Аганқәа Урыстәыла адгыларала еицынагӡахо асоциалтә проектқәа назлоу ихадоу азҵаарақәа жәпакы рылацәажәара азԥхьагәаҭаны ирымоуп.

Апрограмма аҿы иҟоуп — аусуратә еилатәарақәа, анаплакқәа, иара убас акультуратәи атуристтәи аинфраструктура аобиектқәа рҭаара.

Сергеи Кириенко аҵыхәтәантәи амз азы ҩынтәны Аԥсны даҭаауеит. Ԥхынгәымза 10-11 рзы имҩаԥысуаз уи  уаанӡатәи иҭаара аан, асоциал-економикатә усеицуреи аенергетикеи ирыдҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.


Read 161 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.