Ирыԥшааз аппаратқәа зтәыз деилкаахеит. Уи Цандрыԥшь аҳаблаҿы инхо, 1995 шықәсазы ииз Нерсесиан А.Р. иоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы апресс-маҵзура.
Ареспублика аҵакырахь аиагара ззин ыҟам амаининг арҳара иазку аиқәыршәагақәа рымырхит.
Иарбоу азинеилагара азы аматериалқәа Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аҳазалхратә усеилыргарақәеи аҭҵаарақәеи рыҟәша ахь инашьҭуп.