Аҟәа. Нанҳәамза 6, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны амедиа аусзуҩцәа рзы аконкурс «Иҿыцу Аԥсны амедиақәа» аусура иалагоит. Урыстәылатәи амедиа аусзуҩцәа реиҭазыҟаҵара апрограмма аметодикала апроект «Иҿыцу амедиақәа рҟазарҭа» ахацыркразы аԥшьгара ҟарҵеит аконкурс «Аԥсны акоманда» аҿы аиааира згаз.
Апроект аконкурс «Аԥсны» акоманда афиналистцәа Аԥсны Ахада Бадра Гәнбеи УА Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои рҿаԥхьа иӡырырго асоциалтә проектқәа рҟынтәи еиҳа ихадоу жәаба рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп. Иарбоу аԥшьгарақәа Аԥсны асоциалтә, акультуратә, аекологиатә, атуристтә усхкқәа рыҿиара, иара убас атәылауаа рыԥсҭазаара аҩаӡара ашьҭыхра иазырхоуп.
«Ҳара еиҳа-еиҳа иӷәӷәахо Аԥсны ақәыӷәӷәара ҳасаб азуны иҿыцу амедиақәа рыла ҳреспублика хра злоу аимиџь шьақәзыргыло иҿыцу ауаа ҳҭахуп. Убри азы апроект «Иҿыцу Аԥсны амедиақәа» ҳәа изышьҭоу апроект ҿыц аушьҭра аԥшьаҳгоит. Ҳара иаԥаҳҵахьеит онлаин-плошьадка, уаҟа азыҳәамҭақәа рыдкылара мҩаԥыслоит. Ҳара иалаҳхуеит 50-ҩык аиааира згаз. Урҭ анаҩс абжьгаҩцәа рыҟны аҽазыҟаҵареи урыстәылатәи амедиаструктурақәа рҿы аԥышәарҳареи иахысуеит. Уи алыршахоит Иҿыцу амедиақәа рҟазарҭа» акоманда иабзоураны», - ҳәа иҳәеит аконкурс «Аԥсны акоманда» аҿы аиааира згаз, Ареспублика Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра иҷыдоу анапынҵақәа рзы ацҳаражәҳәаҩ Артур Чакриан.
Аконкурс ахықәхкы – ареспублика амедиаҵакыра арҿиара, аҭыԥантәи амедиа аусзуҩцәа рыквалификациа ашьҭыхра, иара убас Аԥсны иҿыцу амедиапроектқәеи аресурсқәеи раԥҵара. Уи иалахәхар алшоит ажурналистцәа, аблогерцәа, апресс-маҵзурақәа русзуҩцәа, апродиуссерцәа, арежиссиорцәа, асценаристцәа.
«Аԥсны хыԥхьаӡара рацәала иҟоуп иқәыԥшу, абаҩхатәра злоу амедиа аусзуҩцәа. Урҭ Аԥсни Урыстәылеи иреиӷьу аспециалистцәа рԥышәа рымадаразы алшара рыҭара, рыпроектқәа адгылара аҭара – уи аиашазы хра злоу усны иҟоуп», - ҳәа иҳәеит Сергеи Кириенко. – Сара «Иҿыцу амедиақәа рҟазарҭа» аусура атәы ибзианы исдыруеит: урҭ ауаа конкретла иҟоу апроектқәа рынагӡарала аҵаразы алшара рынаҭоит. Аинформациатә усура мҩаԥгатәхоит».
Аконкурс апартниорцәа раҳасабала иқәгылоит Автономтә Икоммерциатәым Аиҿкаара «Диалог», Анапхгараҭара аҟазарҭа «Сенеж», иара убас Автономтә Икоммерциатәым Аиҿкаара «Урыстәыла – алшарақәа ртәыла». (АНО «Россия – страна возможностей»).
Еиҳа инарҭбааны : https://abkhazmedia.org .