Аинклиузивтә ԥшаҳәа згәабзиара ԥку ауаа рҭахрақәа зегьы: апандусқәа, иҷыдоу амҩахәасҭақәа, аԥсшьарҭақәеи ареабилитациатә ҭыԥқәеи ахшыҩзышьҭра рыҭаны еиқәыршәан. Аҭыԥ еиқәыршәоуп зылшарақәа ԥку ауаа ршәарҭадареи рырманшәалареи рзы.
Аинклиузивтә ԥшаҳәа аартра — изаамҭанытәиу аинфраструктура аԥҵара мацара акәны иҟаӡам, ари дарбанызаалак ауаҩы аԥсҭазаареи аԥсшьареи рзы имоу азин иасимволны иҟоуп. Ари апроект асоциалтә интеграциа аҿиара, згәабзиара алшарақәа ԥку ауаа рыԥсҭазаашьа аиӷьтәра, уҳәа иацхраауеит.
Аинклиузивтә ԥшаҳәа аартра – ари апроект «Доступная Cтрана души» анагӡараҿы раԥхьатәи шьаҿоуп, уи аҳәынҭқарреи урыстәылатәи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи абизнеси ауаажәларреи асоциалтә ҭакԥхықәра азҵаарақәа рыӡбараҿы русеицура аазырԥшуа хра злоу ҿырԥшны иҟоуп.