АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 18:43

Аԥсни Никарагууеи адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа авидеоеимадара аформат аҿы аҩ-тәылак русеицура аперспективақәа ирылацәажәеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 7, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. 2025 шықәса нанҳәа 6 азы, Никарагуатәи аган аԥшьгарала, Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц, Ареспублика Никарагуа адәныҟатәи аусқәа рминистр Вальдрак Џьентскеи, Ареспублика Никарагуа аинвестициақәеи, ахәаахәҭреи, жәларбжьаратәи аусеицуреи рзы ахада иабжьгаҩ Лауреано Ортега Мурильои, Никарагуа абизнеси абанктә усхкқәа рхаҭарнакцәеи авидиоеимадара аформат ала дрыҿцәажәеит, ҳәа адырр ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟаполитикатә Хылаԥшырҭа Хада апресс-маҵзура.

Аԥснытәи аган ахьӡала авидеоконференциа иалахәын: Амилаҭтә Банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа, Адәныҟатәи Аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Иракли Ҭыжәба, Адәныҟатәи Аусқәа Рминистрра Жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рымадара аҟәша аиҳабы Сариа Џьопуа, Ааигәатәи Мрагылареи Африкеи Рдепартамент аиҳабы Артур Гагәылиа, абизнес- еилазаарақәа рхаҭарнакцәа

Олег Барцыц Никарагуатәи аган ари аиԥылара аиҿкааразы раԥшьгамҭа ҭабуп ҳәа ахиҳәааит, иара иазгәеиҭеит аԥсуа ган ахәаахәҭра, аекономика, афинанстә, IT усхкқәа рҿы Никарагуа аус ацура арҿиаразы иалшо зегьы шыҟанаҵо.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра арҭ ахырхарҭақәа рыла адгылара иазыхиоуп.

Аминистр Лауреано Ортега Мурильои егьырҭ никарагуатәи иколлегацәеи ҭабуп ҳәа реиҳәеит ҳазҭоу ашықәс ԥхынгәымзазы, Аԥснытәи аделегациа Никарагуа аҭаараан, ирзеиҿкааз аиԥыларақәа рзы.

«Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит ари аресурс, Манагуатәи ҳаиԥыларақәа хра рымазаарц азы. Агәра ганы сыҟоуп ари аиԥылареи уи иашьҭанеиуа аиԥыларақәеи аҩганктәи рекономикатә еизыҟазаашьақәа рҿы еиҳагьы анырра ду шроуазы».

 Никарагуа адәныҟатәи аусқәа рминистр Вальдрак Џьентске Аԥснытәи иколлегеи иареи реиԥылара ахьалшаз ҭабуп ҳәа ахиҳәааит, абанктә сектор аҿы активла имҩаԥысуа аусура, аԥышәа аимдара аҵак ду шрымоу азгәеиҭеит. Иҳәеит ари аҩ-ҳәынҭқаррак реизыҟазаашьақәа рҿы акыр зҵазкуа шьаҿоуп ҳәа.

Аиԥылараҿы ирылацәажәан ахәаахәҭра-економикатәи афинанстәи усхкқәа рҿы аҳәынҭқаррабжьаратә аусеицура азҵаарақәа, ҷыдала ахәаахәҭратәи афинанстәи еизыҟазаашьақәа рыҿиара зырманшәало амеханизмқәа.

Иара убасгьы еицырзеиԥшу аинвестициатә проектқәа рынагӡара аԥеиԥшқәа ирыхәаԥшит.

Аиԥылара Аԥсни Никарагуеи рыбжьара аекономикатә еимадара арӷәӷәараҿы акыр зҵазкуа шьаҿаны иҟалеит.

Аганқәа иазгәарҭеит иазыԥхьагәаҭоу аԥшьгамҭақәа рынагӡара ирзырхоу еицырзеиԥшу аусура ацҵара ишазхиоу, урҭ рҟны ахәаахәҭреи афинансқәеи рганахь ала иҟалар зылшо аинвестициатә проектқәеи IT-технологиатә программақәеи уахь иналаҵаны.

 

 

 


Read 24 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.