АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 14:43

Бадра Гәынба 17-шықәса раԥхьа, нанҳәамза 8, 2008 шықәсазы иҟалаз атрагедиатә хҭысқәа ргәалашәара инамаданы, Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.

 Аҟәа. Нанҳәамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба 17-шықәса раԥхьа, нанҳәамза 8, 2008 шықәса рзы иҟалаз атрагедиатә хҭысқәа ргәалашәара инамаданы, Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада иахь ааԥхьара ҟаиҵеит. Бадра Гәынба Аԥсны Ахадеи ажәлари рыхьӡала аиашьаратә ауаԥс жәлар рхьаа шрыцырҩыршо атәы иҳәеит.

«Ҳаҭыр зқәу Алан Едуард-иԥа! Нанҳәамза 8, 2008 шықәсазы Қырҭтәыла Аахыҵ-Уаԥстәылатәи ареспублика аганахь ала арратә агрессиа анымҩаԥнагаз амш 17 шықәса ахыҵра инамаданы, Аԥсны жәлар рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала ауаԥс жәлар рхьаа шрыцеиҩаҳшо атәы сҳәар сҭахуп. Ари амш Аахыҵ Уаԥстәыла аҭоурых аҿы атрагедиатә рыцхәқәа иреиуоуп.  

17 шықәса ҵит ауаԥс жәлар зегьы рзы атрагедиатә хҭысқәа анымҩаԥысуаз инаркны. Усҟан аиҿцәажәаратә процесс шымҩаԥсыуазгьы, Қырҭтәыла амчрақәа Аахыҵ-Уаԥстәылатәи Ареспублика ампыҵахалара азы аӡбамҭа рыдыркылеит. Аха акыр ирацәаны ацәыӡқәа шамазгьы, Аахыҵ-Уаԥстәыла, уи ахьчаҩцәа ргымшәара иабзоураны  имхьаҵӡеит.

Нанҳәамза 8, 2008 шықәсазы иҟалаз ахҭысқәа ҩаԥхьа адунеи зегьы иднарбеит Урыстәыла Дуӡӡа аҩызареи адгылареи шаанарԥшуа атәы.  Қырҭтәыла аҭынчра ашьақәыргылара азаагара иазкны Урыстәылатәи Афедерациа анапхгара  ианаамҭаз имҩаԥнагаз аусеиҿкаара иабзоураны аиҿагылара аанкылан, аҭынч уааԥсыра ахьынхоз ақалақь Цхьынвал иажәлаз ақырҭуа мпыҵахалаҩ ирхәҭақәа рықәгара алыршахеит.  

Ҳара иахьа Аахыҵ-Уаԥстәыла ажәлар рхьааи ргәырҩеи рыцеиҩаҳшоит, усҟан иҟалаз ахлымӡаах иалаӡыз аҭынч уааԥсыра, фырхаҵарыла Зыԥсадгьыл ахьчаразы игылаз афырхацәа, иара убас Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар реиқәырхаразы зхы иамеигӡаз урыстәылатәи аруааи ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит.

Ҳаҭыр зқәу Алан Едуард-иԥа, аԥсуа жәлар рыхьӡала аиашьаратә ауаԥс жәлар аҭынчреи аизҳазыӷьареи рзеиӷьасшьоит.

Ҳара ҳажәларқәа жәытә-натә аахыс аиашьаратәи аимабзиаратәи аизыҟазаашьақәа рыбжьан, аҭоурых ишаҳнарбо ала, ҳажәларқәа иара убас еидызкыло акакәны иҟоуп ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа Ареспублика Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспубликеи рышьақәгыларазы ақәԥара. Ҳара аринахысгьы аиашьареи аидгылареи аарԥшуа доусы ҳҳәынҭқаррақәа рҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи аҿиареи рзы аусеицура  ҳабжьазаауеит».               

 

 

 

 

 


Read 34 times - Ахәаша, 08 Нанҳәа 2025 11:45
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.