АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 14:48

Аҟәа ақалақь Ахадара Пушкин имҩа аҭеиҭыԥш арҽеиразы аусурақәа мҩаԥнагоит.

Аҟәа. Нанҳәамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь Ахадара аусдкылаҩцәа рыцхыраарала Пушкин имҩала инагоу ашьаҟамҩатә зона арҿыцра иадҳәалоу аусурақәа хацнаркит. Аграниттә хҟьа змоу ахаҳәцәы ала ашьаҟамҩақәа рчаԥоит, аҩ-ганк рыла ацәхыԥқәа рыԥсахуеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳҭнықалақь Ахадара апресс-маҵзура.

Ари амҩаҿы игылоу ҵлақәак рдацтә ситема кәадахеит, урҭ абжьаратәи ашкол №10 аҵаҩцәеи амҩасыҩцәеи рзы амашәыр рхылҿиаар алшоит. Убри аҟнытә аспециалистцәа иажәыз аҵлақәа рмыцхәрас иҿоу аҵлақәа реиҭаҳара азԥхьагәарҭеит.  

Ақалақь Ахадара аекологиа азы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахь иарбоу аҭагылазаашьа аексперттә хәшьара аҭаразы азыҳәамҭа дәықәнаҵеит.   Аилак аҿы иҟаҵаз алкаа инақәыршәаны, иажәыз аҵлақәа ықәганы урҭ рмыцхәрас иҿыцу аҵлақәа реиҭаҳареи рзы аӡбамҭа рыдыркылеит, ҳәа адырра ҟаиҵеит ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Константин Ҭарба.


Read 26 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.