АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Нанҳәа.2025

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура: Шәача иахьаҵанакуа аԥырҩы дызҭам аԥырратә аппарат ажәыларақәа ирыхҟьаны аҳәынҭқарратә аԥсны-урыстәылатәи аҳәаа аамҭала иаркуп.

Аҟәа. Нанҳәамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура: Шәача иахьаҵанакуа аԥырҩы дызҭам аԥырратә аппарат ажәыларақәа ирыхҟьаны аҩганктәи аиқәшаҳаҭрала аҳәынҭқарратә аԥсны-урыстәылатәи аҳәаа аҿы аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Ԥсоу» аамҭала иаркуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура апресс-маҵзура.

Аԥкрақәа ирыҵанакуеит ашьаҟамҩатә еиԥш атранспорттә аиасратә ҭыԥқәа.

Убас ала ауааԥсыра рыхьчаразы ауснагӡатәқәа мҩаԥгоуп.

Аԥсны аганахьала  аҳәаа иаԥну аҵакыра аҿы иҟоу аҳаирхьчаратә арратә системақәа зегьы аибашьразхиазаара арежим ахь ииагоуп.


Read 126 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.