Аҟәа. Нанҳәамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсни Урыстәылеи аҳәаахьчаратә усбарҭақәа нанҳәамза 8 рзы Ареспублика Аԥсны амшынҵакыра аҿы ишьақәыргылоу азинтә режим агәаҭара иазкны ареид еицымҩаԥыргеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура апресс-маҵзура.
Ареид напхгара арҭон Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадара Амаҵзуреи Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи рҳәаахьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа аинрал-маиор Сергеи Шьедрини аполковник Рустам Латипови.
Еицымҩаԥыргаз аусмҩаԥгатәқәа рышьҭахь 2026 шықәсазы Ареспублика Аԥсны ашәарҭадара аиқәыршәареи аҟәаратә хылаԥшра асистемеи разыҟаҵара ахәшьара аҭан.
Имҩаԥгаз аусурала Аԥсны аԥшаҳәаҿы ишьақәыргылоу атехникатә хылаԥшра аԥыԥшырҭақәа зегьы аштаттә режим ала аус шыруа, насгьы урҭ Аԥсны амшынҵакыра аҿы иҟоу аӷбақәа зегьы рхылаԥшра шрылшо азы алкаа ҟаҵан.
Аусмҩаԥгатәқәа реицынагӡараан Ареспублика Аԥсны азакәанԥҵара аилагара аарԥшӡамызт.