АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Цәыббра.2025

Аҳазалхратә шәатәқәа рыплан нанҳәамзазы 102% рыла инагӡоуп.

Аҟәа. Цәыббрамза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза, 2025 шықәса рзы аҳазалхратә усбарҭақәа рыла аплан иарбаз 408,2 миллион мааҭ ацынхәрас аҳәынҭқарратә биуџьет ахь 415 миллион мааҭ алагалахеит, нанҳәамзазы аплан 102% рыла инагӡоуп. Абри азы адыррақәа ҟанаҵоит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы апресс-маҵзура.

Ҳазҭоу ашықәс аамзы рыҩныҵҟа инагӡаз аусура аихшаалақәа рыла, аҳазалхратә усбарҭақәа рыла Аԥсны абиуџьет иалагалахеит 2 млрд. 933 млн мааҭ рҟынӡа аҳазатә шәахтәқәа, уи Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы адыррақәа рыла, 2024 шықәса иара абри аамҭахәҭа иаҿырԥшны 199,5 миллион мааҭ рыла еиҳауп.

Аҳазалхратә шәатәқәа рхыԥхьаӡаларатә план 2025 шықәса аамзы рыла 100,2% ҳәа инагӡоуп.


Read 122 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.