АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 23:52

Аԥснытәи ашахматистцәа Шәача имҩаԥысуаз аицлабрақәа рҿы аԥхьахәтә ҭыԥқәа ааныркылеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 23, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи ашахматистцәа  афестиваль «Гран-при Черного моря» аҿы аԥхьахәтә ҭыԥқәа ааныркылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.

Аицлабрақәа мҩаԥысуан цәыббрамза 19 – 21 рзы Шәача ақалақь аҿы имҩаԥысуан. Урҭ рхы аладырхәуан Урыстәыла еиуеиԥшым ақалақьқәеи, иара убас Аԥсни рҟынтәи 120-ҩык рҟынӡа аспортсменцәа.  

Аԥснытәи акоманда аилазаараҿы иқәгылеит Аҟәа, Гәдоуҭа, Гагреи Пицундеи рҟынтәи ахаҭарнакцәа.

Атурнир аихшьаалақәа рыла урҭ абарҭ алҵшәақәа аадырԥшит: гәыԥ «А» аҿы ахԥатәи аҭыԥ аанылкылеит  Сарида Лакәатааԥҳа (ақ. Аҟәа); агәыԥ «Б» аҿы актәи аҭыԥқәа ааныркылеит Сариа Лакобеи (ақ.Гәдоуҭа) Руслан Мықәбеи (ақ.Пицунда), аҩбатәи аҭыԥ – Петрос Казанджиан (ақ.Гагра).


Read 116 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.