Аилазаара алахәылацәа ируаӡәку Беслан Мацапиа иажәақәа рыла, акциа абар шьҭа хәышықәсоуп имҩаԥысуеижьҭеи. Сынтәа уи 1992 – 1993 шш. рзы хабарда ибжьаӡыз рҭаацәа ацхыраара рыҭара иазырхоуп.
«Ҳара Очамчыра араион аиланхарҭатә пунктқәа зегьы рахьыгӡара, иара убас зыуацәа хабарда ибжьаӡыз рхыԥхьаӡараҿы иҟоу аҭаацәа адгылареи ацхыраареи рыҭара ҳҽазаҳшәоит», – ҳәа иазгәеиҭеит иара.
Акциа амҩаԥысра ашықәсқәа зегьы рыҩныҵҟа еизгаз аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 4,6 млн. мааҭ еиҳауп.
Аусмҩаԥгатә атуризм Аминистрреи Очамчыра араион Ахадара аҵара аҟәшеи иҟарҵаз адгыларала имҩаԥысит.