АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Цәыббра.2025

Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟатәи аусқәа рминисрцәа Олег Барцыци Сергеи Лаврови реиԥылара мҩаԥысуеит жьҭаарамза 1 азы Шәача ақалақь аҿы.

Аҟәа. Цәыббрамза 23, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рминистрцәа Олег Барцыци Сергеи Лаврови реиԥылара жьҭаарамза 1 азы Шәача ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоуп.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови ҩ-ганктәии арегионалтәии усеицураҿ ихадоу азҵаарақәа рганахь ала «аамҭа еиҿдырԥшуеит», - ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны 2026-2027 шықәсқәа рзы аҩ-ҳәынҭқаррак рдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рыбжьара Аконсультациақәа рыплан анапаҵаҩра азыԥхьагәаҭоуп.

Иара убас, жьҭаара 1 аҽны Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоев далахәны х-ганктәи аиԥыларагьы мҩаԥгахоит. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци, Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови, Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоев Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәоит.

 

 


Read 130 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.