АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Цәыббра.2025

Аҟәа араион акоммуналтә маҵзурақәа иҟаз амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа рықәгара иаҿуп.

Аҟәа. Цәыббрамза 23, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа араион ахада Алхас Ҷыҭанаа ҩымчыбжь рыҩныҵҟа амшцәгьақәа раан ҩынтә ааха зауз Ӡыгәҭа ақыҭа даҭааит.

Ӷәӷәала иауз ақәыршҩы иахҟьаны ақыҭаҿы атранспорттә инфраструктура бааԥсыла ааха аиуит. Уи амҩақәа ықәнаӡәӡәааит, ана-ара адгьылҳәазарақәа ҟалеит.  Ахәҭакахьала амҩақәа Киров, Речнаиа, Шаумиан, Вавилов, Зелионаиа, иара убас Синоптәи аҩхааи ацҳатә хыҵырҭа ахь инагоу амҩагьы ӷәӷәала иқәнаӡәӡәааит, иԥхасҭахеит. Абри атәы аанацҳауеит Аҟәа араион Ахадара.

Аҟәа араион ахада Алхас Ҷыҭанаа иажәақәа рыла, амҩадуқәак рҿы аныҟәара еиҭашьақәыргылоуп, аха апроблема инагӡаны аӡбаразы мҽхакыҭбаалатәи аусурақәеи афинанстә цхыраареи рҭахуп.

Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан аиҳарак ааха зауз амҩақәа - Подгорнаиа, Вавилов, иара убас Синоптәи аҩхаа.

Араион ахада Алхас Ҷыҭанаа аҭыԥантәи ауааԥсыра дрыҿцәажәеит, урҭ атәылауаҩратә ҭакԥхықәра ҳаракы аарԥшны ирылшо ала аиҭашьақәыргыларатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхара ишазхиоу рҳәеит.

Аҟәа ақалақь Ахадара амҩатә усурақәа рымҩаԥгаразы ихымԥадатәиу аргыларатә материалқәа рзоужьра азы аӡбамҭа аднакылеит, аҭыԥантәи ауааԥсыра ракәзар, урҭ аиҭашьақәыргыларатә усмҩаԥгатәқәа рыхәҭак рынагӡаразы аҭакԥхықәра рхахьы иргеит. Уи иабзоураны амшцәгьақәа рыхҟьаԥҟьақәа рықәгара апроцесс еиҳа ирласны ихыркәшахоит.

Араион ахадара аргыларатә маҭәахәқәа рзоунажьуеит ааха зауз аҭыԥқәа рҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгаразы. Уи адагьы, аинерттә маҭәахәқәа рыла ацхыраара ҟаиҵоит Даур Ҭыжәба (Киалашәырстәи ааглыхратә Еилазаара). Араион Ахадара адгылара  ҟазҵо зегьы иҭабуп ҳәа рарҳәоит.

Иара убас ақыҭаҿы ацхыраара рыҭахоит амшцәгьа иахҟьаны зыҩнқәа аԥхасҭа аиуз анхацәагьы.

 


Read 75 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.