АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Жьҭаара.2025

Аҳҭнықалақь Ахадара анҭыҵтәи акомиссиа Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу аҵлақәа рҭагылазаашьақәа ргәаҭара мҩаԥнагоит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҵиаақәа рыхьчареи реиқәырхареи рзы акомиссиа аԥҵан Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба идҵа инақәыршәаны. Ас еиԥш аусеицура аекологцәа ргәаанагарала, акыр аҵак ду змоу, иаамҭоу усуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳҭнықалақь Ахадара апресс-маҵзура.

Иахьа аҳҭнықалақь аҿы изызҳауа аҵлақәа рҭагылазаашьа еиҳа еиӷьзар ҟалон, ҳәа иазгәеиҭеит Аԥсны анаукақәа Ракадемиа иатәу аекологиа Аинститут аентомологиа алабораториа аиҳабы Михаил Қриа. Аеколог агәра ганы дыҟоуп, иарбоу аусхкы аҿы асистемала аусеицура мацарала ауп хра злоу алҵшәақәа раарԥшра шалшо.  

Акомиссиа аусура арӷәӷәаразы, уи алҵшәақәа реиӷьтәразы, ақалақь ахада Ҭемыр Агрба  иӡбамҭала, ареспубликахь раԥхьаӡа акәны ааԥхьара иҭан арборист – аҵиаақәа рхылаԥшразы аспециалист. Аҟәа ақалақь Ахадара анапхгараҭара аҳҭнықалақь ариаҵәара ҷыдала ахшыҩзышьҭра анаҭалоит.


Read 57 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.