Афырхацәа ҳаҭырла иргәаладыршәарц арахь иааит Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан, Очамчыра араион Администрациа ахада Алхас Кациа, анапхгара ахаҭарнакцәа, ауаажәларра, иара убас иҭахаз ирыцеибашьуази аҭынхацәеи, ҳәа адырра ҟанаҵоит «Очамчыра информ».
Жьҭаарамза 26, 1992 шықәса рзы Мрагыларатәи афронт аибашьцәа ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтә Очамчыра ақалақь ахақәиҭтәразы аҽазышәара ҟарҵеит. Уи иалахәыз рхыҧхьаӡараҟны иҟан Борис Ԥачлиа адҵаҟаҵаҩыс дызмаз хьӡи-ԥшеи згымыз агәыԥ «Дед».
Ажәылара хыркәшан трагедиала – аԥсуа еибашьцәа анхьаҵуаз ахысра ӷәӷәа иалашәеит. 33-ҩык злахәыз аибашьцәа ргәыԥ аҟынтә зыԥсы ҭаны иаанхаз маҷҩуп, фҩык ҳәынҷаны иргеит.






