Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟа инақәыршәаны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада инормативтә зинтә актқәа Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩратә закәанеидкыла иақәшәо аҟаҵара хықәкыс иҟаҵаны, 2025 шықәса нанҳәамза 13 аҟнытә Аԥсны Аҭҵаарадырра Академиа Ақәҵара ҳасаб азуны:
- Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр еиҭеиҿкаазааит Аҳәынҭқарратә ҭҵаарадырратә усҳәарҭа «Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр» ҳәа Аԥсны Аҭҵаарадырратә Академиа аилазаара иалаҵаны.
- Ишьақәыргылоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр аусура иацнаҵалоит аиҿкаара-штаттә усмҩаҧгатәқәа хыркәшахаанӡа.
- Аԥсны Аҭҵаарадырратә Академиа ишьақәыргылоу аԥҟара инақәыршәаны Аҳәынҭқарратә ҭҵаарадырратә усҳәарҭа «Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр» Аԥҟаԥҵәа шьақәнарӷәӷәароуп, иалнаршароуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиустициаҟны иара аҳәынҭқарратә шәҟәҭаҩра.
- Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиустициаҟны Аҳәынҭқарратә ҭҵаарадырратә усҳәарҭа «Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр» Аҧҟаҧҵәа аҳәынҭқарратә шәҟәҭаҩра анымҩаҧгаха инаркны 2006 шықәса жәабран 13 аҟнытә "Аҧсны Ахада иҟны иҟоу Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр аҧҵаразы" Аԥсны Ахада Иусԥҟа амч ацәыӡит ҳәа иазхаҵоуп.






